Бадра Гәынба АЕД алагара 85 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит
09:25 22.06.2026 (ирҿыцуп: 09:35 22.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагара 85 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит рашәарамза 22 1941 шықәса XX-тәи ашәышықәсазы ирыцҳара дуны, илахьынҵаӡбаганы иҟалаз арыцхәқәа ишыруаку, иҳәеит аибашьра миллионҩыла Асовет Еидгыла атәылауаа ԥышәара хьанҭаны ишырзыҟалаз.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит анацизм аҿагылараҿы Аԥсны ауааԥсыра рлагала ду.

"Асовет Еидгыла егьырҭ ажәларқәа реиԥш, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеитАԥсны иалҵыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи хыԥхьаӡара рацәала. Зықьҩыла ҳџьынџьуаа афронтқәа рҿы еибашьуан, агәымшәареи, ахачҳареи, афырхаҵареи аарԥшны. Урҭ рӷьырак ахақәиҭреи аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рԥеиԥши рхы ақәҵаны азеиԥш Ԥсадгьыл рыхьчеит", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Атәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ахҭысқәа ирызку аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхара шхымԥадатәиу, уи алҵшәақәа рырҽеира, афашизм аиааираҿы Асовет Еидгыла ажәларқәа рроль еицакра, анацистцәа иҟарҵаз ацәгьоурақәа рырҵабыргра аҽазышәарақәа рыдкылара шалымшо.