https://sputnik-abkhazia.info/20260622/1063849287.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагара 85 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.Инаҵшьны иазгәеиҭеит анацизм аҿагылараҿы Аԥсны... 22.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-22T13:01+0300
2026-06-22T13:01+0300
2026-06-22T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/16/1063849121_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_26c2ac3af597ffde65bd24ff0eae6ef7.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагара 85 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.Инаҵшьны иазгәеиҭеит анацизм аҿагылараҿы Аԥсны ауааԥсыра рлагала ду." Зықьҩыла ҳџьынџьуаа афронтқәа рҿы еибашьуан, агәымшәареи, ахачҳареи, афырхаҵареи аарԥшны. Урҭ рӷьырак ахақәиҭреи аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рԥеиԥши рхы ақәҵаны азеиԥш Ԥсадгьыл рыхьчеит", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы. Атәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ахҭысқәа ирызку аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхара шхымԥадатәиу, уи алҵшәақәа рырҽеира, афашизм аиааираҿы Асовет Еидгыла ажәларқәа рроль еицакра, анацистцәа иҟарҵаз ацәгьоурақәа рырҵабыргра аҽазышәарақәа рыдкылара шалымшо.
Урыстәыла Ахада Владимир Путин Агәалашәареи алахьеиқәреи Рымш аҽны Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.Урыстәыла иахьаҵанакуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны минуҭктәи аҿымҭра мҩаԥган.
Аҟәа акаҳуажәырҭа "Пингвин" ахь уназго Аршба имҩаду аркуп. Ақалақь ахадара излаанацҳауа ала, ас еиԥш аӡбара рыдыркылеит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарақәа инарымаданы. Уи хықәкы хадас иамоуп аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадареи аманшәалара рзаԥҵареи.Аԥшаҳәаҿы амашьынақәа рымҩасра аԥкра ашьаҟауаа, акәырҷыжьла ахәыҷқәа ныҟәызго аҭаацәа, згәабзиаратә лшарақәа ԥку ауааԥсыра уҳәа рныҟәара еиҳа иараманшәалоит, урҭ ршәарҭадара ақалақь анапхгара аусураҿы ихадароу зҵаароуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 301 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан аобластқәа 11 рҿи , Москватәи арегионқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Азовтәии Амшын еиқәеи рқәыԥшылараҿы.
Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирԥыррақәа рзы аԥкрақәа алагалоуп.Аусмҩаԥгатә азырхоуп аҳаирпланқәа ршәарҭадаразы.Ақалақь ахада Андреи Прошунин иажәақәа рыла, ақалақь аҩнуҵаҟагьы адронқәа ржәылара ашәарҭара рылаҳәоуп.
Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагара 85 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.Инаҵшьны иазгәеиҭеит анацизм аҿагылараҿы Аԥсны ауааԥсыра рлагала ду." Зықьҩыла ҳџьынџьуаа афронтқәа рҿы еибашьуан, агәымшәареи, ахачҳареи, афырхаҵареи аарԥшны. Урҭ рӷьырак ахақәиҭреи аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рԥеиԥши рхы ақәҵаны азеиԥш Ԥсадгьыл рыхьчеит", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы. Атәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ахҭысқәа ирызку аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхара шхымԥадатәиу, уи алҵшәақәа рырҽеира, афашизм аиааираҿы Асовет Еидгыла ажәларқәа рроль еицакра, анацистцәа иҟарҵаз ацәгьоурақәа рырҵабыргра аҽазышәарақәа рыдкылара шалымшо. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Агәалашәареи алахьеиқәреи Рымш аҽны Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.Урыстәыла иахьаҵанакуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны минуҭктәи аҿымҭра мҩаԥган. Аҟәа акаҳуажәырҭа "Пингвин" ахь уназго Аршба имҩаду аркуп. Ақалақь ахадара излаанацҳауа ала, ас еиԥш аӡбара рыдыркылеит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарақәа инарымаданы. Уи хықәкы хадас иамоуп аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадареи аманшәалара рзаԥҵареи.Аԥшаҳәаҿы амашьынақәа рымҩасра аԥкра ашьаҟауаа, акәырҷыжьла ахәыҷқәа ныҟәызго аҭаацәа, згәабзиаратә лшарақәа ԥку ауааԥсыра уҳәа рныҟәара еиҳа иараманшәалоит, урҭ ршәарҭадара ақалақь анапхгара аусураҿы ихадароу зҵаароуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 301 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан аобластқәа 11 рҿи , Москватәи арегионқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Азовтәии Амшын еиқәеи рқәыԥшылараҿы. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирԥыррақәа рзы аԥкрақәа алагалоуп.Аусмҩаԥгатә азырхоуп аҳаирпланқәа ршәарҭадаразы.Ақалақь ахада Андреи Прошунин иажәақәа рыла, ақалақь аҩнуҵаҟагьы адронқәа ржәылара ашәарҭара рылаҳәоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/16/1063849121_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_4ca766fd2e8c955ed0d508151d8afee5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио