Сергеи Безруков Аԥсны атеатр-концерттә ҭыҧ ду шаҭаху азгәеиҭеит
11:38 08.07.2026 (ирҿыцуп: 12:25 08.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Афестиваль ԥхынгәы 10 рҟынӡа имҩаԥыслоит, аспектакльқәа рыдагьы иара иаҵанакуеит атренингқәа, аҟаза-иклассқәа, арҿиаратә еиԥыларақәа, аҟазарҭақәа, акинорбарақәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 8 — Sputnik. Аԥсны атеатр-концерттә ҭыҧ ду аҭахуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Сергеи Безруков.
Иара иазгәеиҭеит, афестиваль "АФД Аныҩбжьы" аспектакльқәа рӷьырак ахьымҩаԥысуа РУСДРАМ азал даара ишыманшәалоу. Аха аҭыҧ ду аргылара иалнаршоит ареспубликахь зымҽхак ҭбаау апроектқәа — ақәыргыламҭақәа, аконцертқәа раагара.

"Сара уи аҽалархәреи, адгыларатә шәҟәқәеи аҳәарақәеи зегьы рнапаҵаҩреи сазыхиоуп. Сара еилыскаауеит Хьыбла Гьерзмааԥҳагьы даара дшазықәԥо араҟа атеатртә концерттә ҭыҧ цәырҵырц, иҭбааҭыцәу, ибзиоу, ҳаамҭазтәи атехникала еиқәыршәоу. Араҟа зымҽхак ҭбаау аконцертқәа рымҩаԥгара алшоит, сара сгәы излаанаго ала, уи шьахәхон", — иҳәеит иара "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо.
Акультуратә усеицуразы апланқәа рацәоуп ҳәа ациҵеит Безруков. Иҟалап, афестиваль иааиуа ашықәс азгьы ареспубликахь иаар, избанзар уи апрограмма есышықәса аҽаԥсахуеит.
Ахәыҷқәа даара ирыхәоит апрограмма "АФД Аныҩбжьы" иаҵанакуа аҟаза-иклассқәа, алекциақәа, акинорбарақәа, аспектакльқәа рҭаара ҳәа азгәеиҭеит Безруков. Избанзар афестиваль аҿы аиааира зго алызкаауа ахәыҷқәа роуп, ажиури иалоуп 8-16 шықәса зхыҵуа 28-ҩык ахәыҷқәа.
"Абасеиԥш аҿоуп аглобалтә ҵакы ахьиуа. Ҳхәыҷқәа еиҳа еиӷьны реилкаара ҳалагоит — абри ауп аинтерес змоу, абри акәзаап иргәаԥхо ҳәа", — иажәа хиркәшеит иара.