Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аилазаара аиубилеи рыдиныҳәалеит
16:50 25.09.2026 (ирҿыцуп: 17:20 25.09.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аилазаара аиубилеи рыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 35-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә еилатәараҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

"Цәыббрамза 27, 1991 шықәсазы, ҳаԥхьагыла Владислав Арӡынба иаԥшьгарала иаԥҵан Аԥснытәи ареспубликатә ҳазалхратә маҵзура. Уи ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи Аԥсны аҳәынҭқарратә институтқәа рышьақәыргылареи рҿы акрызҵазкуа ашьаҿақәа ируакхеит", — ҳәа аҳәоит ахада инашьҭымҭаҿы.
Иара иазгәеиҭеит аҳазалхыҩцәа аҳәынҭқарра аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи аҳәынҭқарратә биуџьет ахарҭәаареи рҿы русура аҵак ду шамоу. Гәынба игәалаиршәеит мышқәак рышьҭахь атәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа хада — Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш шазгәанаҭо.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан амаҵзура аусзуҩцәагьы рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит, урҭ рӷьырак аиааира рхы ақәырҵеит, иахьагьы аветеранцәа аусбарҭаҿы русура иацырҵоит. Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала амаҵзура ахантәаҩы Оҭар Хьециа аҳазалхратә маҵзурақәа реинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
Агәышԥтәы дырга "Аԥсны Аҳәынҭқарра ааҳаҭыр ҳазалхҩы" ранашьоуп Асҭамыр Оҭырбеи Асида Ӡаԥшьԥҳаи. "Аҳазалхратә маҵзураҿы зҽалызкааз" ҳәа ахьӡ ранашьоуп: Валери Гили Иулиан Бобуеи.
Адныҳәаларатә шәыҟәқәа иара убасгьы иаарышьҭит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә еилакы анапхгаҩы Валери Пикалеви.