"Ауниверситеттә сменақәа" рлахәылацәа апроект азы ирымоу ацәаныррақәа ҳацеиҩыршеит
14:01 05.11.2026 (ирҿыцуп: 17:45 05.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апрограмма "Ауниверситеттә сменақәа" ашколхәыҷқәа ԥхьаҟатәи азанааҭ алхразы алшара рнаҭоит.
АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Апроект "Ауниверситеттә сменақәа" ашколхәыҷқәа хазхаҭалатәи рҟазшьақәа раарԥшреи ииашоу азанааҭ алхреи ирыцхраауеит лҳәеит Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциа аҟны, аҟәатәи ашкол №3 аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Наина Кәаӷәаниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ахбыџраамҭа ахәыҷқәа рхи ԥхьаҟатәи рымҩеи реилкаара ианашьҭоу етапны ишыҟоу, урҭ рҿы агха аныҟарҵогьы шмаҷым.
Кәаӷәониаԥҳа агәра ганы дыҟоуп ари аҩыза аҵаратә проект аԥснытәи ашколхәыҷқәа рзы ицхыраагӡа бзиоуп ҳәа. Апрограмма гәылҭәаан, атеориақәа раасҭа апрактикатә зыҟаҵарақәа рыла еиҳа ишьақәгылан.
Ашколхәыҷқәа Тамбов иҟоу Державин ихьӡ зху ауниверситет афакультетқәа жәпакы ирҭааит, еиуеиԥшым атемақәа ирызку алекциақәа ирзыӡырҩит, иара убас астудентцәа ратмосфера рҽагәылархалеит.

Апроект "Ауниверситеттә сменақәа" ахықәкы хада — аҿар рыҭҵаарадырратәи рырҿиаратәи лшара аҿиара ауп ҳәа лҳәеит Жәлар рдипломатиа ацентр ахаҭарнак Софиа Ҳагԥҳа.
"Ари ахәыҷқәа ирҭаху азанааҭқәа рдунеи аҽагәылахалара алзыршо жәамштәи усмҩаԥгатәуп. Апрограмма акыр иҭбаауп, акыр еиуеиԥшым — апрофессионалтә актиортә ԥышәарақәа, аквизқәа инадыркны аҵаратә лекциақәеи аҟазара классқәеи рҟынӡа", — ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Сынтәа апрограмма иалахәын аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа 45-ҩыки, урҭ ирыцыз хҩыки.
Ҳагԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит апроект аиҿкааҩ — Жәлар рдипломатиа ацентр, Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет, Аҟәа ахадареи аҵарадырра аусбарҭеи шракәу, иара убас, Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵареи рминистрра, Урыстәыла аҵара аминистрра, "Движения Первых", иара убас аҿар русқәа рзы Афедералтә маҵзура рыцхыраарала.

"Ауниверситеттә сменақәа" рҳәаа иҭагӡаны апрактикатә зыҟаҵарақәа аԥсҭазаараҿы даара ихәарҭоу алшарақәа ҳарҭоит ҳәа иҳәеит Sputnik аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны апроект алахәыла Леон Зыхәба.
Ус еиԥш иҟоу иреиуоуп ҳәа азгәеиҭеит Тамбов имедицинатә клиникаҿы агәы-арыԥҳатә реанимациа амҩаԥгаразы акурсқәа.
Зегь реиҳа ашколхәыҷ игәаԥхеит аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь имҩаԥыргоз аинтерактивтә хәмаррақәа: аспорттә еицлабрақәа, апневматикатә шәақь ала ахысра.

Убри аан иара иҳәеит макьанагьы ԥхьаҟатәи изанааҭ шизеилымкаац, аха ашколхәыҷқәа аныҟәараан еилыркааз хырхарҭақәак дшазҿлымҳахаз.