00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:34
11 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асезон ҿыц —аспектакль ҿыц ала…

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля "Собачье сердце" Михаила Булгакова в РУСДРАМе
Премьера спектакля Собачье сердце Михаила Булгакова в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2026
Анапаҵаҩра
Аҟәа агәаны игылоу Аурыс драматә театр сынтәа аиубилеитә шықәса азгәанаҭоит. 45-тәи атеатртә сезон хыркәшаны иҿыцу иҽԥынгылоит. Атеатр анапхгара иҟарҵаз алаҳәара ишаҳәо ала, ари ахҭыс азгәаҭара хыркәшахоит иааиуа ашықәс хәажәкыра 27 рзы. Уи Адунеижәларбжьаратәи атеатр амш иақәшәоит.
Асовет аамҭа ахыркәшара рацәак агымкәа, ари атеатр Аҳәынҭқарратә драматә театр ҳәа астатус аиуит, раԥхьа ианаартыз — Ақәыԥшцәа ртеатр ахьӡын. Иахьа РУСДРАМ Фазиль Искандер ихьӡ ахуп, уи арепертуар аҿы иҟоуп акымкәа ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа ирылху ақәыргыламҭақәа.
45 шықәса атеатр ашықәс азы иагьмаҷым, иагьырацәам. Анапхгара аиубилеитә рыцхә азы иазгәарҭеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Аурыс драматә театр аԥсы ахеиҵеит ҳҳәар ауеит 2016 шықәсазы уи анапхгарахь инеиз Иракли Хынҭәба. Сынтәа, асезон хыркәшәо атеатр ицәырнагеит ацәыргақәҵа, адиреткор илекциа, иара убас, абҵара 10 рзы атеатр афоие аҿы аихшьаалақәеи, анаҩстәи апланқәеи, алоготип ҿыци рӡыргара мҩаԥысит. Иалкаан атеатр аусураҿы иреиӷьу ҳәа ахәаԥшцәа рыбжьы зырҭаз артистцәеи аусуҩцәеи. Даараӡа сеигәырӷьоит актриса Лоида Ҭыркьԥҳа иреиӷьу ароль хада назыгӡаз ҳәа дахьалкаахаз. Лара уи ланаршьеит Едит Пиаф лроль анагӡаразы. Исҳәарц сылшоит атеатр арепертуар аҿы ари аспетакль иреиӷьу иреиуоуп ҳәа.
Русский Драматический театр - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2026
Аԥсны
РУСДРАМ 45-тәи атеатртә сезон аихшьаалақәа ҟанаҵеит
Асезон ҿыц аспектакль ҿыц ала иаанартуеит РУСДРАМ. Уи асценаҿ иқәыргылан сынтәа зиубилеи (135 шықәсхыҵра) мҽхакы ҭбаала иазгәарҭо асовет, аурыс шәҟәыҩҩы Михаил Булгаков иҩымҭа "Ала агәы" ("Собачье сердце").
Зынӡа аабыкьа Аҟәа имҩаԥган ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа ирылхыз атеатртә фестиваль "Аҳҭнықалақьқәа хԥа". Аурыс драматә театр уи иалахәымызт, аха аклассик Булгаков иҩымҭала асезон ҿыц аанартуеит.
Иазгәаҭатәуп, Михаил Булгаков Аԥсны ԥсшьара ҳәа ҩынтә дшаахьаз (раԥхьа 1928 шықәсазы, анаҩс 1936 шықәсазы. аред). Ашәҟәыҩҩы "Синоп" захьӡу асасааирҭаҿы даанҿасит, дыԥшахьарсуан уи аҵаҟа ишьҭаз апарк аҿы. Абар иҩымҭақәа ҭызҵаауа иалыркаауа, иҩыза Иаков Леонтиев нанҳәа 17 1936 шықәсазы изиҩыз ашәҟәы. Уи асаламшәҟә иаанарԥшуеит араҟа ираҳаҭны аамҭа шихигоз: "Чувствую, что бедная моя голова отдохнула", — иҩуан иара, дзыҩназ асасааирҭеи апарки шигәаԥхо азы ахҳәаа ҟаҵо.
Абхазский государственный драматический театр им. Самсона Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2026
Нхыҵ-Уаԥстәылатәи атеатр агастрольқәа Аԥсны ихацыркуп
Изхысҳәаауа, Булгаков Аԥсны аԥшӡара агәаҳәара знаҭахьаз шәҟәыҩҩын, иҟалоит ара даныҟаз икалам иалшазар асахьарк ажәа анҵара.Ирҿиара ҭызҵаауа ишазгәарҭо ала, усҟан аиҭагара аус инапы алакын. РУСДРАМ ицәырнаго аспектакль "Ала агәы" аԥхьарбара салахәын, макьана изаазаргьы, исҳәоит ақәыргылаҩ Урыстәылатәи арежиссиор Владимир Золотарь баша ишизырымҳәо "Аекспериментқәа, насгьы абиԥарақәа еимаздо арҿиаҩы" ҳәа. Аспектакль иалахәуп акыр шықәса араҟа аџьа збахьоу актиорцәа реиԥш, ҿыц аҵара иалганы иаазгьы.

"Аԥхьарбара ари репетициак иаҩызоуп, иҭабуп шәахьааиз", — иҳәеит Золотарь ахәаԥшцәа раԥхьа дықәгыло. Аспектакль цоит ҩ-сааҭк инахыҳәҳәо, иамоуп ҩ-қәгыларак. Алагамҭа еиҵыхцәоуп ҳәа агәаанагара соузаргьы, актиор Леон Ӷәынџьиа Шариков ироль аҿы данаацәырҵ нахыс, арҿиаратә динамика ззырҳәо убарҭан. Даараӡа исгәаԥхеит ала ауаҩы ихаҿсахьа анышьҭнахуа актиор ишынаигӡо. Араҟа, ароль хадқәа ҩыџьа-ҩыџьала ихәмаруеит, иаҳҳәап, Шариков ироль аԥхьарбарҿы дцәырҵуеит – Р. Ивановгьы. Апрофессор ироль еиҭакны ихәмарлоит К. Шишкин, Џь. Жорданиа. Золотарь "инапкымҭа" архиашьеи иҳадигало арҿиаратә марҭхәқәеи, аперсонажцәеи ҳрыԥшны иаҳҳәозар — иахьа ибзианы иаҳдыруа аԥсҭазаара иазааигәаны иҟаҵоуп. Иаҳҳәар ҳалшоит "Ала агәы" шьахәла иаанарԥшуеит ҳәа, Анцәа иишаз ишакәым аексперимент азура, аиакәым ахь икылсыр шалшо. Аспектакль аилазаашьа ала, араҟа ахҭысқәа мҩаԥысуам амедицина мацара иадҳәало аусҳәарҭаҿы. Даҽакала иаҳҳәозар, ари аекспериментқәа ахьырхәыцуа хыброуп.
Русдрам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2026
Аԥсны
Аспектакль "Дориан Греи ипатреҭ" аԥхьарбара мҩаԥгахоит РУСДРАМ
Арежиссиор ихадараны иаликааит Шариков дануаҩха иахылҿиааз ахҭысқәа. Булгаков иҩымҭа ҳазхьаԥшуазар, апрофессор Преображенски уи аҳақьым иаҳасабла дхәыдамызт, ала ауаҩы далихырц ахьиҭаххаз, уи аҭҵаарадырратә ҵакы аман. Золотарь испектакль аҿы, ихадаӡоу теманы иалкаауп аԥстәы ауаҩы иҟынӡа анагара ҟалашьа шамам, уимоу, Шариков иаабац ацәгьамыцәгьа згәы иҭазкуа дреицәаханы даақәгылт.
Аԥхьарбара иахәаԥшыз аӡәырҩы, рсоциалтә даҟьақәа рҿы уажәнатә аспектакль абзырӡы рҳәахьеит, насгьы, ауаа ирабжьыргоит ахәаԥшра инеирц азы. Аспектакль аилазаашьала, агәынкыларагьы мариаӡам, даҭахуп атеатр лассы-лассы иаҭаауа, Булгаков иҩымҭақәа ирыԥхьахьо ауаҩы. Даараӡа исгәаԥхеит аспектакль мҩақәызҵо асценаҿы аҩырақәа зныло аекран, насгьы апрофессор ицхраауа аҳақьым Борменталь — Амин Мазлум-оглы изанааҭ инаҷыданы аспектакль аҿы ажәабжьҳәаҩны (алаҳәарақәа ҟазҵо) дахьаарԥшу. Ароль хадақәа назыгӡо рҟынтәи иара иалкаара иаԥсоуп, актиор автор ирҿиара иацу ахәыцрақәа мҩақәиҵоит аспектакль нҵәаанӡа.
Здание РУСДРАМа в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2026
Аԥсны
Урыстәылатәи Атеатр маҷ РУСДРАМ асценаҿ иддырбеит аспектакль "Ахәмарҩцәа"
Аԥхьарбара анаҩс, адырҩаҽны абҵара 12 рзы саҭааит апремиера, уи ауха ароль хадақәа нарыгӡон егьырҭ актиорцәа. Аԥхьарбара "иаӡоу" аспектакль аҳасабала исыдыскылазар, апремиераҿы сахҭыгәлеит ишьақәгылаз аспектакль иазааигәо арҿиамҭа. Амала, еиҭасҳәоит, аилацалара зҭаху акәны ишызбо, еиҳаракгьы алагамҭеи, Шариков дызҭаз "аквариум" данҭыҵуази ирыдҳәало асценақәа. Араҟа Шариков ироль аҿы ицәырҵыз Руслан Иванов иӡбахә сҳәозар, даара аҟазара злоу, ала агәы, ауаҩы игәы анышьҭнахуа еиԥкааны иназыгӡаз актиоруп сҳәар ауеит. Актиор игәра угоит, иубарҭоуп инаигӡо ахи аҵыхәеи еибыҭаны, рҿиаратә хәыцрала ишеибарку. Егьырҭ аперсонажцәа сырзааҭгылозар, иҟам ароль дуи — ахәыҷи, аус злоу уи ҟазарала анагӡара ауп ҳәа ирҳәо аиша иазааигәоуп.
Булгаков ишиҳәаз еиԥш "хаҵамаҭәала еилаҳәоу аԥҳәыс" Виаземскаиа лроль назыгӡо Швондер игәыԥ иалоу Ирина Делԥҳа, схаҿы дынхеит асистема иаларсу, аидеологиа иацшәаҳәо хаҿсахьаны. Арежиссиор шьахәла еиҿикааит швондерраа ргәыԥ амизансценақәа зегьы. Дара рцәырҵра арҿиаратә гәаԥхара аҭаны инагӡоуп. Иара убас, арежиссиор иихәыцз асқам зҵагыло, алшара змоу ауаҩ ду ихаҿсахьа ацәыргашьа даара узырхәыцуа, уагьзырлахҿыхуа акәны иҟоуп. Ажәҩан даҵакьысуеит ззырҳәо ауаҩы асцена даақәгылоит (Џь Жорданиа, К. Шишкин), уи алагьы аспектакль автор иаҳбироит "ауаа дуқәа" иахьагьы анырра ду шрымоу. Михаил Булгаков иповест "Ала агәы" иҩит 1925 шықәсазы, аха усҟантәи ацензура уи амышьҭит, ус акәзаргьы, ауаа маӡала икьыпхьыз анҵамҭа еимданы иаԥхьон.
Спектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2026
Аԥсны
Урыстәыла Атеатр маҷ аспектакль "Аԥҳәысҳәара" ҩынтәны иддырбеит РУСДРАМ асценаҿы
Аповест ҭыҵит ашәҟәыҩҩы идунеи аниԥсах ашьҭахь акыр инахыганы — 1987 шықәсазы. Иахьа уажәраанӡагьы ари арҿиамҭа актуалра амоуп, атеатрқәа рҽазыршәоит уи арҿиамҭа аарԥшразы иҷыдоу арҿиаратә мҩақәа. Аспектакль "Ала агәы" макьана иҟанаҵоит раԥхьатәи ашьаҿақәа, аамҭа иараӡоит уи иаҵаҵәаху ахҷаҭқәа еизго. Еснагь иаԥсоуп ақәра змоу аспектакль ахәаԥшра, аха апремиера абжьажьрагьы аҭахым, аспектакль знысуа амҩа ашьҭкааразы. Аурыс драматә театр иқәнаргылаз Булгаков ирҿиамҭа, афантастикатә ҟазшьа змоу, ииасхьоу, ҳазҭагылоу аамҭеи аимхәыц еиԥш изхаԥсо ҟазароуп ҳәа аихшьаала азаҳур ианаалоит сгәахәуеит.
Автори аредакциеи ргәаанагәарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0