Аԥсны

"Ацәгьеи абзиеи еиҟаран": Анатоли Лагәлаа 2021-тәи ашықәс дахцәажәеит

Аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы, ажурнал "Алашара" аредактор хада, Sputnik аҿы апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы дырзааҭгылоит иҳаҩсыз 2021-тәи ашықәс азы Аԥсны ихадоуп ҳәа иаликаауа ахҭысқәеи, хаҭала иара дзыхьӡази, гәҭакқәас имоуи ртәы.
Sputnik
Абар, 2021 шықәса наҳԥырҵны ицеит... Ари аамҭазы, ауаҩы ахәыцра далагоит, иреиҳауи агәырӷьеи агәырҩеи ииасыз ашықәс иаҳзыннажьыз ҳәа. Ҳажәлар рыԥсҭазаара иааидкылан уазхәыцуазар, агәырӷьара нагӡа макьана ирмоуцт... Шықәсқәак раԥхьа Аԥсны иаларгалаз амаинингқәа ҳажәлар абжеиҳараҩӡак даара иаргәамҵит, аҟыгә аҟынӡа инанагеит. Уи макьанагьы алҵшьа амаӡам, ҳаиҳабыра иӷәӷәоу закәанк азырмыӡбозар. Ари аус иаҿагылоу рахь схы сыԥхьаӡоит саргьы, уи агәра шәнаргоит ааигәа Аԥсны реиҳабыреи аԥсуа интеллигенциеи реиԥылараҿы сықәгылара...
Аԥсны
Афымцамч аусхк иамоу ауадаҩрақәа, аҿагыларатә акциақәа, аҿкы: 2021 шықәсазтәи ахҭысқәа
Егьыс, ҳполитикаҿгьы иҟоуп ауадаҩрақәа... Аԥсны аиҳабыреи аоппозициааи реимак еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит, аиҿцәажәарақәа рҟынтәи ажәыларахь ииасуеит, аилибакаареи, аизыӡҩрреи, аигәныҩреи маҷуп, шьоукы даушла апроблемақәа рыӡбарц иалагоит. Уи иашаӡам, ҳажәлар аиакәым ахь икылнагар алшоит, уи аҩыза ахҭысқәа аҵыхәтәантәи аҩажәихәба шықәса рыҩнуҵҟа пшьынтә иҟалахьеит, шьҭа итрадициахарц акгьы агым... Ажәлар Аԥсны ахадас иалырхыз иҿҳәара нҵәаанӡа аус ирутәуп, амала, иусушьа ргәамԥхозар, агхақәа ҟаиҵазар, иаартны иаҳәалатәуп, уи аҳәарҭеи аҳәашьеи аформақәа рацәаӡаны иҟоуп иахьа, анцәа иҟынтә...
Адунеи зегьы аҿеиԥш, ҳара ҳажәларгьы ари апандемиатә чымазара даара ишакәым ирыцрасит, ҳара ҳаиԥш иҟоу, зхыԥхьаӡара рацәам ажәлар маҷ рзы даара ишәарҭагәышьоуп, аха ҳаргьы, иаахҵәаны иҳәатәуп, уи амаҵ ишахәҭоу ишаҳзымуа, аԥҟарақәа шынаҳмыгӡо, ҳара ҳхарала уи ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ишацло, аԥсҭбарақәа шырацәахо, уи ишеилнамхуа аҿари зықәра пыҭк инеихьоуи...
Ари рыцҳароуп, аха ҳажәлар хәыҷы-хәыҷла рыхшыҩ рхаҿы иааип ҳәа хгәыӷуеит. Амала, иаахҵәаны иҳәатәуп, ахәшә-абыӷьшәы аганахь ала, ахәшәтәырҭақәа ирҭашәаз ҳчымазаҩцәа неилых ҟамҵакәа ацхыраара шроуа Аԥсны аиҳабыреи агәабзиарахьчара аминистрреи рганахьала, уахь асааҭ еиԥш зегь еиқәыршәаны ирымоуп! Уи азы иҭабуп ҳәа раҳәатәуп...
Абарҭ ах-хкык роуп иаҳхысыз ашықәс азы ҳажәлар ааиҵанарӷәӷәартә иҟазҵаз, аха урҭ раԥыхразы иреиӷьӡоу ахшыҩқәа еиздыркәкәароуп, мамзар рылҵшьа ҳамаӡам ҳазҭашәаз ауадаҩра дуқәа. Сара агәра згоит уи ацаԥха шазыԥшаахо, избанзар, ҳара ҳазҭаху зегьы уи иазыԥшуп. Аԥсны аиҳабырагьы, хымԥада, ирылшо зегьы ҟарҵоит урҭ апроблемақәа раԥыхразы…
Егьырахь, Аԥсны, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҭаацәараҿы ари ашықәс аҩнуҵҟа ацәыӡ дуқәа ҳауит. Рыԥсҭазаара иалҵит ашәҟәыҩҩцәа: Платон Бебиа, Терент Ҷаниа, Шоҭа Салаҟаиа, Анатол Кәыҵниа, Владимир Басариа. Арҭ реиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа бзиақәа шықәсык ала иахьаҳцәыӡыз ҳлитературеи ҳбызшәеи рзы даара иааха дууп…
Ажурнал "Алашара" атәы ҳҳәозар, ари ашықәс аҩнуҵҟа иҭҳажьран иҟаз аф-номеркгьы рҭыжьра ҳахьӡеит, уимоу, араионқәа зегьы рҿы ҳаԥхьаҩцәа ирзаҳшахьеит, рыԥхьарагьы иахьӡахьоу рацәаҩуп!
Аԥсны
Ҳлитература амаҵ азызуа: ажурнал "Алашара" афбатәи аномер ахҳәаа
Уаҟа иаҳкьыԥхьит зиубилеиқәа ыҟаз ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реиԥш, ҳавторцәа раԥҵамҭа ҿыцқәагьы. Апоезиаҿы урҭ иаарылукаартә иҟоуп: Гәында Сақаниа, Вахтанг Аԥҳазоу, Владимир Занҭариа, Енвер Ажьиба, Белла Барцыцԥҳа, Витали Амаршьан.
Апроза аҟәшаҿы: Алықьса Гогәуа, Даур Наҷҟьебиа, Шамил Аҟәысба, Шоҭа Ҷкадуа, Заира Бараҭелиа, Анзор Мықәба, Борис Қаџьаиа уҳәа ирацәаҩны.
Аҭҵаарадырреи, акритикеи, апублицистикеи рҿы: Руслан Қапба, Владимир Занҭариа, Линда Џьениа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Мадонна Ԥлиаԥҳа, Светлана Қәарсаиаԥҳа, Владимир Басариа, Алхас Чхамалиа уҳәа убас ирацәаҩны.
Ажурнал сынтәа иҭыҵыз аномерқәа ирнуп иара убасгьы аҿар рырҿиамҭақәа. Урҭ иреиуоуп: Дырмит Габалиа, Абзагә Аҟалӷьба, Дифа Габниаԥҳа, Аинар Ҷыҭанаа, Шьазина Бганԥҳа уҳәа убас егьырҭгьы.
Аԥсны
Уаҵәтәи амш ҳара иаҳтәызарц, ма аҿар амилаҭтә культура рылааӡаразы иҟаҵатәу
Иазгәаҭатәуп, ашықәс аҩнуҵҟа иаҳкьыԥхьыз рҟынтәи апоезиеи, апрозеи, акритикеи ржанрқәа рҟынтәи иреиӷьӡақәоу рзы ишранашьахо апремиақәа. Урҭ рзы ҳазҭалаз ашықәс азы хара имгакәа еиҿкаахоит ажиури, имҩаԥгахоит маӡалатәи абжьыҭира, рыхьӡ ҳәахоит иалкааны аԥхьахәқәа ирыԥсахо!..
Хыла сара стәы уҳәозар, ари ашықәс азы иҟан сиубилеи, 60 шықәса схыҵра. Уи азгәарҭеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы инарҭбааны. Уаҟа агәаҳәара зманы исзыӡыҩрыз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит, сырзыразуп… Иҭабуп ҳәа расҳәоит иара убасгьы Аҿар рҳәынҭқарратә театр, арежиссиор Аргәынԥҳа Мадина, сҩымҭақәа ирыԥхьаз, иқәзыргылаз…
Арадио
Лагәлаа: схәыҷра сышәҟәыҩҩра зегьы иагәылганы иаазгоит
Иара убасгьы, сынтәа искьыԥхьит ирацәаны спародиақәа, сепиграммақәа, Sputnik Аԥсны аҿы ашәҟәыҩҩцәеи акультуратә усзуҩцәеи рыҿцәажәарақәа. Сара сзы даара акраанагоит урҭ раартра, ргәаанагарақәа рцәыргара, рыҩнуҵҟатәи рыгәҭахәыцрақәа сыҽрылархәра…
Ажәак ала, иацы инаскьаҳгаз ашықәс абзиеи ацәгьеи еиҟараны имҩаԥаагеит. Агәра згоит, ҳазҭалаз ашықәс ҳаԥсуа жәлар рзы абзиарақәа шаҳзаанаго, акызаҵәык, иҳамазароуп ачҳареи, агәыбылреи, хараԥшреи!