Акьыԥхь ахьаақәа: Очамчыра ашәҟәы ишаԥхьо

© Sputnik / Томас ТхайцукГазета "Апсны"
Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыԥхьара акультура аԥсыҽхареи, насгьы "зыԥсы ҭоу" ашәҟәы аԥхьара иаҵоу агьамеи ртәы Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

"Ашәҟәы, шамахамзар аӡәгьы дазҵааӡом, иаазхәогьы реиҳараҩык аԥсшьацәа роуп, —абас исеиллыркаауеит Очамчыра ақәыԥшцәа рыҩны аиҳабы Селма Занҭариаԥҳа. Ақалақь ашәҟәыҭиирҭа заҵәгьы ари ахыбраҿы ауп иахьыҟоу. – Аҿарацәа гәыԥҩык еицны ҳадәқьан ианавсуа шәҟәык аархәарц рабжьызгоит, аха урҭ сара сабжьгара хырҩа арҭом, дыҟоуп иарччогьы", — лҳәеит лара.

Детские книги на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Иахьа адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит

Сзыҩнагылоу адәқьан ашәҟәыҭиирҭа ҳәа ахьӡтәрагьы уадаҩуп, избан акәзар араҟа ирҭииуа ашәҭқәа роуп.

Селма Рушьа- иԥҳа дхәыҷаахыс ашәҟәыԥхьара бзиа илбоит, убри аҟнытә акьыԥхь аагалыхгьы аҭира далагеит. Ара иҟоуп аԥсуа сахьаркыратә литература, иара убас аҳәаанырцәтәи аклассика. Ииашоуп, ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара зынӡа имаҷӡоуп, аха иҟоу ахәыҷгьы аԥхьаҩ даиуӡом, акыр шықәса хархәара амамкәа ус иԥхьакуп.

Сгәанала, ари аҭагылазаашьа еилыкка иаҳнарбоит ашәҟәыԥхьаратә культура ҳаамҭазы иахьынӡалаҟәыз. Иахьа ақалақь уаналсуа улаԥш иҵашәаӡом ашәҟәы мамзаргьы агазеҭ аанкыланы амшын аԥшаҳәаҿы зыԥсшьара аамҭа зхызго ауаа. Ашәҟәыԥхьаратә культура аҳәаақәа еилагоуп. Иахьа урҭ аҳәаақәа амҽхакуп аинтернет.

Ари адәқьан аҿы аԥхьаҩ дшысзымыԥшаауаз аныздыр, сҿынасхеит Очамчыратәи ацентр библиотекахь. Сагьыманшәалахеит. Дсыԥшааит аԥхьаҩ. Журнал дуук аанкыланы ашәҟәыԥхьарҭаҿы дтәан Очамчыра абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Нестор-иԥа Думаа. Уа сыҟанаҵы иара идагьы аԥхьаҩ дсықәымшәаӡеит.

Ари ахыбра шықәсқәак раԥхьа еиҭашьақәыргылан. Абиблиотека аиҳабы Виолетта Иванԥҳа дылгәалалыршәеит уи алыршара зыбзоурахаз Аԥсны уаанӡатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Насгьы иҭабуп ҳәа ахылҳәааит Очамчыра араион уаанӡатәи ахада Хьрыԥс Џьапуа иҟаиҵаз ацхыраара.

Апполон Думаа - Sputnik Аҧсны
Аполлон Думаа: аԥсуа ишьҭа еснагь аԥсуа дгьыл иануп

Лара иазгәалҭеит Очамчыратәи абиблиотека аус ауразы иазаԥҵоу аҭагылазаашьа Аԥсны егьырҭ абиблиотекақәа рҿы шамахамзар ишуԥымло (ҳәарада, Амилаҭтә библиотека инаҷыданы). Иара иамоуп алшара бзиақәа аԥхьаҩцәа аус рыдуларазы, еиуеиԥшым алитература ала рымаҵ ауразы. Араҟа имҩаԥысуеит ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәагьы: ашәҟәыҩҩцәа ргәаларшәара иазку ахәылԥазқәа, иахьатәи арҿиаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа рԥыларақәа уҳәа. Урҭ реиҿкаара анапы иануп Виолетта Елызбар-иԥҳа 30 шықәса раԥхьа иаԥылҵаз, иахьа уажәраанӡагьы аус зуа алитературатә клуб "Аӡыхь". Абиблиотека иамоуп ахәыҷтәы ҟәшагьы. 100 —ҩык инарзынаԥшуа ашкол иҭамлац ахәыҷқәа ари аҟәшаҿы аԥхьашьеи аҩышьеи ддырҵоит, иадырԥхьоит ахәыҷтәы литература. Лассы-лассы ирзеиҿыркаауеит ашәҟәыԥхьара агәыбылра дзыркыша аусмҩаԥгатәқәа.

Хаҭала Виолетта Елызбар-иԥҳа ари абиблиотека иааиԥмырҟьаӡакәа аус азылуеижьҭеи 60 шықәса ҵуеит. 1958 шықәсазы Очамчыратәи 1-тәи ашкол даналга усҟантәи араионтә библиотекаҿы аусура далагеит. Шықәсык ашьҭахь, леиҳабацәа рабжьгарала, дҭалоит Москва акультура аинститут латәарадатәи аҟәша. Лусура аанмыжькәа лҵарагьы қәҿиарала ихыркәшаны, анаҩстәи лыԥсҭазаара зегьы "ашәҟәқәа рдунеи" иазылкит.

Иахьа ашәҟәыԥхьаратә культура аамҭа хьанҭа иҭагылоуп: аглобализациатә процессқәа днархыҳәҳәаны аԥхьаҩ абиблиотекахь дыццакуам. Иҟоуп уи зырҵабыргуа аҿырԥштәы. Очамчыратәи абиблиотека Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа 1500-ҩык аԥхьаҩцәа шықәсык аҩныҵҟа иаҭаауазҭгьы, иахьа урҭ рхыԥхьаӡара 300-ҩык рҟынӡа илаҟәит. Усҟан абиблиотека афонд аҿы иҟаз ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара 58 нызқь рҟынӡа инаӡозҭгьы, иахьа афонд иалоуп 25 нызқь ашәҟәқәа. Арҭ ахыԥхьаӡарақәа рылаҟәра баша иҟамлаӡеит.

Виолетта Елызбар-иԥҳа илҳәеит Очамчыра араионтә биуџьет аҟны абиблиотеказы ашәҟәқәа раахәара шарбам.Лара лажәақәа рыла, Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа ибзоураны, дара ироууеит Аԥсны иҭыҵуа иарбан шәҟәызаалак ихымԥадатәиу аекземплиар. Убри акәӡоуп иахьатәи аамҭазы Очамчыратәи ацентр библиотека ашәҟәқәа рыла аиқәыршәараҿы цхыраарас иамоу.

Ари абиблиотека лассы-лассы саҭаауеит. Абжьааԥнеиԥш уажәгьы сгәы иақәшәоз шәҟәык аалхны сахьаадәылҵыз, Очамчыра ақалақь акиоск заҵәы сылаԥш нақәшәеит. Агазеҭқәа санрызҵаа аҭииҩы аномерқәа зегьы слырбеит, урҭ иҿыцқәазгьы рылан. Лара лажәақәа рыла иаалго агазеҭқәа номерк ахыԥхьаӡара хәба ма жәаба иреиҳаӡам, иара убригьы аархәаӡом. "Аҿар ракәзар аԥхьара зынӡа ирҭахӡам, абыргцәа роуп зны-зынла агазеҭ иазҵаауа", — лҳәеит лара.

Аԥснытәи амилаҭтә библиотека - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷолариа: Аԥсны ашәҟәыԥхьара акыр ихьысҳауп

Ҳара ҳхала ҳакәым, адунеи зегьы ашәҟәыԥхьаразы ихьысҳахо иалагеит. "Зыԥсы ҭоу" ашәҟәқәа раасҭа аелектрон шәҟәқәа аԥыжәара рыҭаны ауаҩы ихдырра еиҳа-еиҳа асоциалтә даҟьақәа иртәыртәуеит. Аха зегь акоуп, ашәҟәыбӷьыц иану ажәеи, "зыԥсы ҭоу " ашәҟәы аԥхьареи ирыҵоу агьама зыԥсахуа акгьы зыҟалаӡом ҳәа сгәы иаанагоит.

Ганкахьала, аҵарааӡараҿы иҳамоу апроблемақәа зегьы атехнологиа ҿыцқәа иахьырхараҳҵо рацәак сақәшаҳаҭӡам. Аҵаҩы актәи акласс инаркны ашәҟәы абзиабара илааӡаразы еиҳа аус идаҳулар, абжьаратәи ашкол еиҳа иҳарӷәӷәар, иҟамлари ҳалҵшәақәагьы бзиахар, ашәҟәы еиҳа пату ақәлар? Ашәҟәқәа ҳамоуп, иаԥхьаша роуп иаҭаху.

Аԥхьаҩ дыҟанаҵы аԥсы ҭазаауеит ашәҟәгьы. Ус жәытәнатә аахыс иаԥуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0