Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Буленҭ Ҵыҵба: сыԥсҭазаараҿы исымаз ахықәкы наӡеит ҳәа сҳәарц сылшоит

© Фото : Предоставлено Срымой АшубаҴыҵаа рҭаацәа
Ҵыҵаа рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааигәа Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз Ҵыҵаа рҭаацәа дырҭааит, дагьрацәажәеит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Абар, уажәшьҭа мызкы иназынаԥшуеит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз Ҵыҵаа рҭаацәа Аԥсны иҟоуижьҭеи. Аҭаацәа реиҳабы, ҩыџьа ахшара раб Буленҭ Ҵыҵба, Аԥсныҟа изныкымкәа даахьан. Раԥхьаӡа акәны иабацәа, иабдуцәа рџьынџь дгьыл ишьапы ықәиргылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа, уи анаҩсангьы лассы-лассы даалон. Аҵыхәтәаны иразҟы убас ицныҟәеит, иабдуцәа рыԥхыӡ иалаз иԥсадгьыл ԥшӡа ашҟа наӡаӡа нхара ҳәа аара илшартә.

Англиа инхо ҳџьынџьуаҩ Аиҭур Жьиба - Sputnik Аҧсны
Зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ихынҳəуа рзы еснагь ашəқəа ҟьаҟьаӡа иаартуп

Ҵыҵаа рҭаацәа Аԥсныҟа нхара ҳәа ишыхынҳәыз саҳаит машәыршақә, сҩыза Еркәыт Аӡынба ила. Еркәыт ихаҭа, Ҭырқәтәылантәи шықәсқәак раԥхьа зыԥсадгьыл ахь наунагӡа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа дыруаӡәкуп. Ҵыҵаа рҭаацәа аамҭала инхоит Еркәыт иҩнаҭаҿы. Асеиԥш ажәабжь бзиа шсаҳаз еиԥш, Еркәыт иахь аҳәара ҟасҵеит адырҩаҽныҵәҟьа дареи сареи ҳаиқәиршәарц. Аиашазы, Еркәыт сажәа ҩбаимтәит, ҳаиқәиршәеит збара, зыҿцәажәара сҭахыз аҭаацәеи сареи. Ҳаицәажәарагьы ахы ыҵнахит абас еиԥш:

"Сара сабшьҭра Мезиҭ еиуоуп. Сан Ашьхарааԥҳауп, Незаақьеҭ лыхьӡуп, саб Ҭефиқь. Ҩыџьа ахшара сымоуп. Сыԥҳа Неси-Жанеҭ 12 шықәса лхыҵуеит, сԥа Барҭу Жанкаҭ — 15 шықәса", — дцәажәон Буленҭ Ҵыҵба.

Буленҭ даара гәахәала далацәажәеит Аԥсны ишааз еиԥшҵәҟьа, атәылауаҩшәҟәқәа роуразы иахьнеиз ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аминистрра аусзуцәа гәаартыла ишырԥылаз.

"Апаспортқәа реиқәыршәаразы раԥхьа ҳара ҳаздызкылаз Аида Кәыҵниаԥҳа, даара даҳхаҵгылеит. Аминистр Беслан Дбар иахь ҳналгеит, аминистр даара гәахәас иҟаиҵеит ҭаацәаныла ҳахьааз Аԥсныҟа. Иаразнакгьы иҳәеит ахәыҷқәа аамҭа мгакәа ашкол иҭалар шакәу", — иҳәеит Ҵыҵба.

Рыдуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Ажəанба: Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар

Буленҭ Ҵыҵба иажәақәа рыла, ахәыҷқәа сынтәа ашкол ахь рышьҭра раҳасабӡамызт. Шықәсык абызшәақәа бзианы ирҵар, аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь иныҟәар рҭахын, ус ӡбаны ирыман. Аха ас еиԥш русқәа иаарласны иахьеиқәшәаз азы игәырӷьара ҳәаак амаызт.

"Сара сыԥсҭазаараҿы исымаз ахықәкы, исҳәарц сылшоит, мышқәак раԥхьа инаӡеит ҳәа. Уи ҭаацәаныла сыдгьыл сшьапы анықәсыргыла ауп. Акыр шықәса раԥхьагьы сазхәыцуан ари аус, аха зегьы ҿхәарак-ҿҳәарак рымазар акәхап…" — дҳацәажәон ҳџьынџьуаҩ.

Буленҭ ихшара, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ ахь иныҟәоит. Арҵаҩцәеи, аҵаҩцәеи ракәзар, даара гәаартыла ирԥылеит. Аӡӷаб абыжьбатәи акласс аҿы дтәоуп, аҷкәын иакәзар, жәба рҿы.

Ҵыҵаа рыжәла, амҳаџьырра аамҭазы Ҵабалынтә ахҵәара зықәшәаз иреиуоуп. Буленҭ излаиҳәо ала, уи иадҳәалоу аҭоурых ҽеила еилкааны ирыздыруам. Игәы иалоуп, ижәлантәқәа Аԥсны иахьыҟам. Аха изларҳәо ала, Какәбааи Ҵыҵааи аӡә роуп.

"Сабду иаб Хәсин иоуп Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәаз. Ԥшьҩык аишьцәа ыҟан, рыԥшьҩыкгьы амҳаџьырра иагагәышьеит. Раԥхьа инанагеит Белеџьиқь азааигәара иҟоу Ельмалы ҳәа иҟоу қыҭак аҿы. Нас Бурса, Енегиоль иазааигәоу аҭыԥқәа рахь ицеит, имаҷымкәа аԥсуа қыҭақәа шьақәдыргылеит. Ҵыҵаа ҳажәла Ҭырқәтәыла ирацәоуп", — аҭоурых далацәажәон Буленҭ.

Буленҭ Ҵыҵба дазгәыдуны иҳәон, апсуа қыҭақәа рҿы имҩасыз рхәыҷра шықәсқәа игәы иҭнымҵәо ишынхаз, реиҳабацәа иныҟәыргоз аԥсуара иацназго ак шыҟам.

"Ҳара ҳабиԥара ақалақь аҿы ҳаԥсҭазаара мҩасуеит, убри аҟынтә ҳхатәы бызшәа ишаҳҭаху иаҳзымҳәозаргьы, ҳалацәажәоит. Аԥсуа аҵас, ақьабз даара бзиа иаҳбоит, иныҟәаҳгарц ҳаԥхныҩуеит, иаҳхаҳмыршҭырц ҳҭахуп. Ҳабдуцәа анцәажәоз, "ҳабацәа Аԥсны ианыҟаз" ҳәа ажәабжьҳәара иалагон. Ҳаргьы Аԥсны еснагь гәырҩас иҳаман, ҳазхәыцуан", — иҳәеит Буленҭ Ҵыҵба.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара иааз Ҵыҵаа рҭаацәа ирҭахуп рыхшара рыԥсадгьыл аҿы еизҳарц, аԥсуа бызшәа рҵарц, аԥсыуала ихәыцларц, иаԥсацәаҵәҟьаны еизҳарц, рыуаажәлар ирылагыларц.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

"Аԥсныҟа аара анаԥшьаҳӷа, ҳахшара рхы иҭагаланы, иазырхәыцны ираҳҳәеит. Иаразнак уа ҳаанҳоит ҳәа раԥшьҳамгаӡеит. Ирбар-ираҳар, иашьцылар, ҳара иаҳдыруан мап шырымкуаз. Ииашаҵәҟьаны, ҳгәыӷрақәа ҳацныҟәеит, ҳхәыҷқәа ара даара иргәаԥхеит, ашкол ахь иахьцаз зынӡа агәахәа алырхит. Аҩныҟа ианыхынҳәлак ргәазхара ирзеиҭаҳәом рымшқәа шырхырго", — ҳәа дгәырӷьаҵәа дҳацәажәон Буленҭ.

Биуленҭ иԥшәмаԥҳәыс д-Кәаӡԥҳауп, Муальльа лыхьӡуп. Лара ҟазшьала иҭынчу, ажәа мыцхәы зымҳәо ԥҳәызбоуп. Ҭаацәала Аԥсныҟа рыхынҳәра акыр дазыразуп. Дареи сареи ҳанеиқәшәоз рыхшара рыцмызт, ашкол ахь иҟан. Аха, ажәа сырҭеит аԥсшәа шырҵалак ҳаиқәшәара шалыршахо. Хымԥада, уи амш ааира сара гәырӷьарала сазыԥшуп.

"Сгәахәтәы сахьӡеит. Сыԥсадгьыл сазыразуп. Анхара-анҵыра, анхарҭа, аусурҭа, арҭ ирыдҳәалоу азҵаарақәа сара сзы акагь уадаҩӡам. Зегьы рхала рыҽдырҽеиуеит, иуҭахны, бзиа ибаны уԥсадгьыл ахь уанаа. Сара сзы зегьы ирыцкуп сыхшара ара рыҟазаара, рынхара", — иҳәеит Ҵыҵба Буленҭ ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0