Аԥсны-урыстәылатәи аусутә форум аԥаразоужьра мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны-урыстәылатәи аусутә форум аԥаразоужьра мҩаԥгахоит
Аԥсны-урыстәылатәи аусутә форум аԥаразоужьра мҩаԥгахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аринахыс арегионбжьаратәи афорумқәеи аконференциақәеи рымҩаԥгара ҟазҵало Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрроуп.

АҞӘА, абҵара 8— Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев адҵа ҟаиҵеит 2020 шықәса инаркны Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Кыргизиа, Таџьикистан, Ҟазахстан, Узбекистан Урыстәыла ррегионалбжьаратә форумқәеи аконференциақәеи аԥара рыхшәаалазарц. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.

"2020 шықәса инаркны есышықәса, афедералтә биуџьет аҟынтәи Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Киргизиа, Таджикистан, Ҟазахстан, Узбекистан Урыстәыла рыбжьара имҩаԥысуа арегионалбжьаратә форумқәеи аконференциақәеи аԥаразоужьра рзымҩаԥгахоит", - аҳәоит аусдҵаҿы.

Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра.

Аԥсны-урыстәылатәи аусутә форум Аԥсныи Урыстәылеи рекономикатә еинырраз итрадициатәу ҭыԥны иҟалеит. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩуп еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи ақыҭанхамҩа, амшынтә еимадара, атранспорттә еимадара рганахь ала.

2018 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган аинформациатә технологиақәеи аинновациақәеи ртемала астол гьыжь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0