АКХ Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа иазашшыр ҟалоит

© SputnikТамаз Гогия
Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаӡбаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит. Аӡбамҭа атекст кьыԥхьын ажьырныҳәа 29 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит аҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Алхратә комиссиа хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа атәыла ахада иалхрақәа рзы аӡбамҭа иазашшыр ҟалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Ҳара абри азҵаара ҳалацәажәароуп. Азингьы ҳамоуп, аамҭагьы ҳамоуп. Аҟазауаа адокумент ҭырҵаароуп. Ҳара агха ҳхахьы иаагар ҳҭахым, избанзар азакәан аҳәаақәа ҳарҭымҵит. Ҳара иара азакәан ахаҭаҿы аиқәымшәарақәа шыҟоу аадыруеит", - иҳәеит Гогьиа, иагьациҵеит АКХ азин ахы ианархәар ҟалоит ҳәа.

Иара убасгьы далацәажәеит атәыла ахада иеиҭалхрақәа рыҽшазыҟарҵо.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

Цәыббра 8, 2019 шықәса рзы имҩаԥгахеит Аԥсны ахада иалхрақәа. Атәыла ахадас ркандидатура ықәдыргылеит: Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Алмас Џьапуа, Артур Анқәаб, Асҭамыр Какалиа.

Аҩбатәи атур аҟны еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи. Аҩбатәи атур аан аԥыжәара игеит Рауль Ҳаџьымба, 47,39% бжьы иманы, аха ажьырныҳәа 10, 2020 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа урҭ алхрақәа реихшьаала иашамызт ҳәа аӡбамҭа аднакылеит. Убри ашьҭахь Алхратә комиссиа хада алхра ҿыцқәа ррыцхә шьақәнаргылеит - хәажәкыра 22, 2020 шықәса.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0