Акоррупциа аҿагыларазы азакәан аус аурцаз асистема иамоу акәамаҵамарақәа зегьы аарԥштәу, абас иҟаз агәаанагара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ауаажәларратә усзуҩ, аибашьра аветеран Рисмаг Аџьынџьал.
Анаркотикқәа рыларҵәаразы ахьырхәра ӷәӷәа - хьырхәра ҳасабла ашьра ма ԥсраҽнынӡа ҭакрала ахгара азԥхьагәазҭо анормақәа амчра роуит хәажәкыра 1 инаркны.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба хәажәкыра 12 аҽны ихыҵуазаарын 83 шықәса.
Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ 300-ҩык рҟынӡа аруаа, аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор" акәылӡтәы автомашьынақәа КамАЗ "Мустанг" реиԥш зеиԥшу 30 ак арратә техника алархәны Ҵабал арратә дәы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.
Бзыԥҭа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Алла Григолиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа гәыԥҩык жәамш инарзынаԥшуа амлашьратә акциа мҩаԥыргон жәабранмзазы ирыдыркылаз азакәан ариашарақәа аларгаларц азы адепутатцәа рахь адҵа ҟаҵо.
"Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада Беслан Аҩӡба ихарала иҟоу ахарџь 30 миллион мааҭ инаӡоит.
Аҟәа ақалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акрымфара ауаҩы игәабзиара ишаныԥшуа атәы.
Аԥхьатәи амаршрут хацыркын 2019 шықәса нанҳәамзазы. Сынтәа амаршрут аус аулоит абҵарамзанӡа.
Амлашьратә акциа иалахәыз Асида Кортуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит агәыӷра шлымоу аҵарҭышагара иаҿагыло азакәан аҟны ражәалагалақәа ҳасаб рзуны иахьатәиамш иалагӡаны иалагалахап, азакәан иахәҭоу амч аиуны иҟарҵап ҳәа адепутатцәа реилатәараҟны.