Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9323-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7187-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 131-ҩык.
Аунитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Гәылрыԥшь араионтә ҟәша аиҳабы Зураб Ханагәуа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион ауааԥсыра фымцала реиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Гал араион аҿы абнақәа амца ркит ашәахьа, ажьырныҳәа 4 рзы, ажьырныҳәа 5 ашьыжь урҭ рырцәара рылшеит.
Акоронавирустә инфекциазы атест Александр Анқәаб изыҟарҵеит ԥхынҷкәын 29 рзы, адырҩаҽны ПЦР-тест аҭак ала еилкаахеит уи акоронавирус ицәа ишалоу.
Аретро-дәыӷба "Шәача" Аԥсныҟа иныҟәоит 2020 шықәса нанҳәамза инаркны, ҭагалангьы, аӡынгьы аныҟәара иаҿын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы имҩаԥгаз Ианвартәи ажәылара иалахәын шәҩык инарзынаԥшуа Гагра араион ахаҭарнакцәа. Урҭ рахьтә иҟалеит ари иманшәаламхаз аиҿагылараҿы иҭахаз.
Амоделиер, аӡахырҭа ҩны "House Fashion" аиҳабы Мадина Ҷанԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны абжьгара рылҭеит амода иацклаԥшуа рҽеилаҳәараҟны иазгәарҭаша азы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Ианвартәи ажәылара. Маҟҿаҳәаранӡа иауз асы ишԥынгыла духазгьы, ҳар Аҟәа аҭарцәра рҽазыршәеит. Ажәылара иалахәыз аветеран Ҭенгьиз (Заза) Бганба еиҭеиҳәеит уи иацыз ауадаҩрақәеи шьҭахьҟа ихьамҵыр шамузи ртәы.
Гал араион аҿы абнақәа амца ркит ажьырныҳәа 4 рзы. Галтәи амцарцәаҩцәа ирыцхрааразы инеит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра ақалақьқәа рҟынтәи амцарцәаҩцәеи иҷыдоу атехникеи.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц ауха инаркны аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны иҟалаз ахҭысқәа ртәы.