Sputnik амчыбжь: Ахрик Аҩӡба иоушьҭра, абылтәы ахәԥса, Апарламенти амцакреи

© Sputnik Заседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь жәабжьла иҭәын – Ахрик Аҩӡба иоушьҭра, акоррупциа иаҿагыло азакәан адкылара, ареспубликахь абылтәы аагареи ахәԥсеи рызҵаарақәа рылацәажәара.

Иахьагьы итема хаданы ареспубликаҿ иҟоуп COVID-19 азҵаара. Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа ҟазҵаз рыстатистика шьақәнаргылоит.

Sputnik

COVID-19-и алаҵаҟаҵареи

Аԥсны рашәара 11 рызтәи аҭагылазаашьала акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 2772-ҩык ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Аԥсны акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 2772-ҩык ауааԥсыра

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы.

Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит ҩ-етапкны, аҩынтә раан ирыларҵоит актәи алаҵа анырзыҟарҵа ашьҭахь 21 мшы анҵлак.

Алаҵаҟаҵара аҽны апациент имазар ауп зыҿҳәара мцац аԥсуа тәылауаҩшәҟәы, алаҵаҟаҵара дшақәшаҳаҭу азы анкета хаирҭәаароуп, анаҩс инапаҿы ирҭоит алаҵа актәии аҩбатәии адозақәа анизыҟарҵо арыцхәқәа ахьану. Иара убас апациент атерапевт иҟны амедицинатә гәаҭара дахысуеит - уа игәарҭоит ишьақәыӷәӷәара, ишьа аҵәыҵәри шаҟа алоу (асатурациа), ишоура ршәоит. Алаҵа изыҟаҵара алзмыршо факторс иҟоуп иарбанзаалак чымазара бааԥск ицәа иалазар.

Рашәара 11 рызтәи аҭагылазаашьала аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15711-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15026-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.

Адекларациаз азакәан

Апарламент адепутатцәа "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит рашәара 9 азы.

Азакәан апроект рыдызгалаз адепутат Гиви Кәарҷиа иҳәеит азакәан амчра шаиуа 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.

"Адокумент зегьы ирдыруеит, аилак аилатәарақәа ҩба мҩаԥысхьеит. Азин асубиектқәа, азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭақәа зегьы азыԥхьагәаҳҭеит. Азакәан аҳәынҭмаҵзуразы азакәан иадҳәаламхарц азы атермин "аҳәынҭқарратә маҵзурауаҩ" алаҳхит, декларантцәаны инҳажьит адепутатцәеи амаҵзурауааи", - иҳәоит Кәарҷиа.

Хәажәкыра анҵәамҭазы актәи аԥхьарала адепутатцәа азакәан ахь арҽеирақәа рыдыркылеит.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Апарламент ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан ариашарақәа аднакылеит

Ариашара хадақәа ирыҵаркуеит "адекларант иҭаацәа ахаҭарнакцәа" акатегориахь иаҵанакуа ахаҿқәа: ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа.

Аха анаҩс ари асиа иалхын "зықәра наӡоу адекларантцәа рыхшара". Ари иақәшаҳаҭым аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа.

Мшаԥымза анҵәамҭазы ахада Иусбарҭа азакәан апроект иаднагалеит ариашара ҿыцқәа.

Ахада Иусбарҭа азхьаԥшра анаҭеит азакәан аредакциа ишазыԥхьагәанаҭо аилкаара "аҳәынҭқарратә маҵзуҩы", аха аҳәынҭқарратә маҵзурауаа зегьы маҵзуратә хаҿқәаны ишшьоу, урҭ реиҩдыраара ари аредакциа ишалнамыршо.

Азакәан инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Уи инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы. Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Абылтәы ахәԥса иацлар ҟалоит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәеи, атәылахь абылтәы аазго аилахәырақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит рашәара 10 азы.

Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Аԥсныҟа абылтәы аагара Аминистрцәа реилазаараҿы иалацәажәеит

Аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ишырҳәо ала ашықәс иалагазар аахәаԥсақәа рызҳара иалагеит, абылтәы арахь аагареи аидарақәа рҳазалхратә еиҿкаареи азыԥхьагәоуҭозар, ишьақәгылоу акакалатәии аизактәии хәыԥсақәа атауар ахатәхәыԥса еиҵахоит.

Аԥхынразы абылтәы ахархәара 25-30% ишазҳауа азгәаҭани ари аҭагылазаашьа азгәаҭани аилахәырақәа рфинанстә лшара ладырҟәуеит, ианаамҭо абылтәы аахәареи аагареи рзы.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аҭагылазаашьа ахҳәаа алҭеит.

"Ахәԥса аҽеиҭакра адинамика ҳахәаԥшуазар ашықәс иалагазар, АИ-92 28% ахә иацлеит,  АИ-95 – 26%,а дизельтә былтәы – 30%. Уажәы Урыстәыла ахәқәа абас ишьақәгылоуп: АИ-92 -46,06 мааҭ, уи Аԥсны ишырҭиуа аасҭа 5,06 мааҭ рыла еиҳауп, АИ-95-50,1 мааҭ, уи 7,1 мааҭк рыла еиҳауп, адизельтә былтәы - 48,02 мааҭ, уи 7,02 мааҭ рыла еиҳауп", - лҳәоит Озган.

Абри инадҳәаланы ари аусхкы ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵеит "Анефҭаалыҵқәа рыхәԥса ашьақәыргыларазы" Ақәҵара аԥсахрақәа алагалазарц, ахәԥсақәа ирыцҵазарц.

"Абылтәы Урыстәыла иааҳхәоит. Уатәи ахәԥсатә политика ҳадҳәалоуп. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс  Урыстәыла 6-7 мааҭ абылтәы ахә иацлахьеит. Ҳара ҳазыԥшуп Аминистрцәа реилазаара ахәԥсақәа шьҭнахып ҳәа", - иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны  АУН "Аԥснытәи аҳәынҭқарратә былтәы еилахәыра" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Арӡынба.

ИАЕ "Азид" адиректор хада Адамыр Габуниа арадио Sputnik  иазеиҭеиҳәеит абылтәы еилахәырақәа рҟны аушьҭратә хәыԥсақәа абылтәы ахатәхәыԥса ишеиҵоу.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа лыпремиа

Рашәара 12 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы иҟалҵаз алагалазы.

Вручение государственных премий и золотых медалей Героя Труда РФ президентом РФ В. Путиным в Кремле - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит

"Сара сгәы аладууп атәыла ду - Урыстәыла жәлар рартистка ахьсакәу, сахьиз сыԥсадгьыл Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартистка ахьсакәу. Иахьа шәнапаҟынтәи Аҳәынҭқарратә премиа ахьсоуз иабзоураны еиҳагьы сгәацԥыҳәаны, сазгәыдуны смузыкатә мҩа иацысҵоит. Сара сзы акраҵанакуеит Урыстәыла амузыкатә традициақәа рыԥсы ахьҭоу, адунеитә культура ахьдырбеио", - ҳәа лҳәеит Гьерзмааԥҳа, Владимир Путин иахь лхы нарханы.

Уаанӡа Аслан Бжьаниа Хьыбла Гьерзмааԥҳа алитературеи аҟазареи рыҟны иналукааша леихьӡарақәа рзы иланашьахаз 2020 шықәсазтәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә аԥхьахә лыдиныҳәалеит.

Аҟәатәи амодерн

Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿ акраҵанакуа иҟалеит апроект «Аҟәатәи амодерн» аҳәаақәа ирҭагӡаны Вильгельмина Дундер лдачаҿ имҩаԥгаз афотосахьақәа рцәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵа еиҿыркааит архитекторцәа ҿарацәа Сабина Агрԥҳаи Лана Чхинџьериаи. Аҟәатәи ахыбрақәа модерн астиль ала иҭыху ажәытәтәии уажәтәии рфотосахьақәа аҭааҩцәа аинтерес рыманы ирыхәаԥшуан, ирылацәажәон.

"Ихықәкы хаданы иҟоу арахь иааиуа ауаҩы астиль модерн ирнырроуп. Афотоматериал азлырхиеит афотоҭыхыҩ Наала Аҩӡыԥҳа", - лҳәеит Сабина Агрԥҳа.

Апроект "Аҟәатәи амодерн" аҳәаақәа ирҭагӡаны Вильгельмина Дундер лдачаҿ имҩаԥгаз афотосахьақәа рцәыргақәҵаҿ ҩымчыбжь рыҩныҵҟа имҩаԥыслоит арҿиаратә хәылԥазқәа, адокументалтәи асахьаркыратәи кино дырбара.

Аҟәа ауаҩы дырхәит

Ахҭыс ҟалеит рашәара 8 асааҭ 17.20 азы Араион ҿыц, Кьаразаа рымҩаҿы игылоу адәқьан "Данаҭ" аҿаԥхьа. Аҭыԥ змаз ахысра иахҟьаны ахаҵа ахы иқәшәеит. Иара ахәышәтәырҭахь днагоуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны ААР асаит.

Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Аҟәа ақалақь аҟны ахаҵа дырхәит

Аоперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аԥсны ААР аҳҭнықалақьтә усбарҭа актәи аҟәша ашьаусԥшаареи Аԥсны ААР русзуҩцәеи ишьақәдыргылеит ацәгьара зуыз Тҟәарчал инхо, 1995 шықәса рзы ииз Кәарацхьелиа Аслан Џьамбул-иԥа иоуп ҳәа. Кәарацхьелиа даанкылоуп.

Ахҭыс азы аматериал нашьҭуп Аҟәа ААР аусҭҵаара аҟәшахьы.

Аҟәа абылра ду ҟалеит

Амҽыша рашәара 13 рзы амца ацралеит Аҟәа Ешба имҩаҿы игылоу аус зымуа акондитертә фабрика ахыб. Амцакра азеиԥш ҵакыра зықь ԥшьыркца метра инареиҳан. Иҟалаз абылра акатегориақәа быжьба рҟынтәи ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит.

Амцарцәара иадԥхьалан Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа ааба. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит урыстәылатәи аруаа. Аҭыԥ аҟны аус руан амилициа аусзуҩцәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭеи аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа.

Асааҭ  15:00 рзы амца ырцәан. Зынӡа амца иамҽхакны иаман 1000 метр ԥшьыркца.

Пушкин имшираз

Аурыс поет, адраматург, апрозаик, ҳаамҭазтәи аурыс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы Александр Сергеи-иԥа Пушкин диит рашәара 6 1799 шықәса рзы. Аԥсны ари амш аҳаҭыразы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит.

Аспектакльқәеи ажәеинраалақәеи: Пушкин иирамш Аԥсны ишазгәарҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Аспектакльқәеи ажәеинраалақәеи: Пушкин иирамш Аԥсны ишазгәарҭаз

Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа шьыжьнаҵы ашәҟәыҩҩы ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ашкол №3 аҵаҩцәа иара уа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аурыс бызшәа аҵакы гәцаракны иахьазнеиуа азы, иагьазгәеиҭеит ахатәы бызшәа - аԥсшәа аҵарагьы хымԥада ишаҭаху. Ацҳаражәҳәаҩ даԥхьеит Пушкин иажәеинраала аа-цәаҳәак, иара убас уи ихьӡ зху ашкол ҳамҭас иеиҭеит апоет ирҿиара иазку ашәҟәқәа.

"Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иахьагьы актуалра рыҵоуп. Абиԥара ҿа даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аурыс бызшәа ахьышәхышәмыршҭуа азы", - иҳәеит иара.

Апоет Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит Пушкин ихьӡ аԥсуа литератураҿы "хьтәы нбанла" ишану, иара иҩымҭақәа аԥсшәахь ишеиҭаргахьоу Баграт Шьынқәба, Владимир Аҵнариа, Мушьни Лашәриа. Занҭариа даԥхьеит ажәеинраала "Ашәҭ" аԥсшәахь аиҭага.

Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа анхыркәшаха, Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿы актәии ахәбатәии аклассқәа рҵаҩцәа аспектакльқәа ықәдыргылеит апоет иҩымҭақәа "Апапи уи ихәуҩы Балдеи ирызку алакә" ("Сказка о попе и о работнике его Балде), апиеса "Моцарти Сальерии" рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0