Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьазы: уаҳа ԥсыхәа змам роуп адәахьы идәылҵуа

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акоронавирус чымазара инамаданы атәылаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Аҟәысба Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьазы: уаҳа ԥсыхәа змам роуп адәахьы идәылҵуа

"Ҳара ҭаацәала аҩны ҳтәоуп џьаргьы ҳцаӡом. Аинформациа ҽеишәа иҳауеит сызҳәаӡом, ҳахьҵаауа ицәгьоу акгьы ыҟаӡам. Атәылаҟны ичмазаҩу рхыԥхьаӡара быжь-нызқьи хәышә иреиҳауп, зыԥсҭазаара иалҵхьоу шәкы инацуп, еиҳарак абыргцәа. Ҳашьцәа адыгаа рҟнытәи зыԥсҭазаара иалҵыз ҩыџьа ыҟоуп, аӡәы дҭыԥҳан. Аӡәгьы адәахьы ддәылҵӡом, қалақьк аҟынтәи даҽа қалақьк ахь ацара азин ыҟаӡам, ԥсыхәа змам акәзар, ақалақь аиҳабыра рҟынтәи азин ылухроуп. Аиашазы, адәахьы удәылҵыртәгьы иҟам. Аусура ада ԥсыхәа змам аӡәы-ҩыџьа дәылҵуеит ауп. 65 шықәса зхыҵуа рынахыс зынӡа идәылҵыр ҟалаӡом адәахьы, ирбар, ахараԥса ддыршәоит", -иҳәеит Аҟәысба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0