Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Афотоҭыхҩы Ҵышәԥҳа аицлабраҟны иалкаахаз лусумҭазы: сгәы ишҭаз аасҭа еиӷьхеит аҭыхраан

© Foto / facebook/ Эля ЦишбаЭля Цишба
Эля Цишба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Афотосахьаҭыхҩы Елиа Ҵышәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит "Аԥсны афокус аҟны" захьӡу аицлабраҿы иалкаахаз лусумҭа дшазнеиз, асиужет шалылхыз атәы.
Афотоҭыхҩы Ҵышәԥҳа аицлабраҟны иалкаахаз лусумҭазы: сгәы ишҭаз аасҭа еиӷьхеит аҭыхраан

Очамчыра араион Аҿари аспорти рыҟәша еиҿнакааз Жәларбжьаратәи афотоеицлабра "Аԥсны афокус аҟны" аҩбатәи ахәҭа алҵшәақәа ааигәа еихыршьалеит. Афотоеицлабраҟны аиааира згаз аусумҭақәа рцәыргақәаҵа азгәаҭоуп лаҵарамзазы.

Аицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсны иқәынхо ауааи уи асасцәеи иҭырхыз афотосахьақәа рыла иахьатәи Аԥсынтәыла ганрацәала ишыблахкыгоу аарԥшра.

Афотосахьаҭыхҩы Елиа Ҵышәԥҳа аноминациа "Ҳаамҭазтәи апортрет" аҟны аиааира лгеит.

"Асиужет схы иҭеижьҭеи акрааҵуан, аха нап сзаркуамызт, избанзар аҽеиқәыршәара аамҭа аҭахын. Уи амаҭәа, иахьҭаҳхуаз аҭыԥ - аҳаиртә баӷәаза - инаауҭахо ус узҭалом аҟынтә, аамҭа згон. Ҽнак Instagram сҭан, афотосахьақәа срыхәаԥшуа, уа иҟоуп адаҟьа "Абхазские свадьбы". Аҭацацәа срыхәаԥшуа сышнеиуаз, сфотосахьаҟны иҭысхыз хаҵеи ԥхәыси збеит. Дара сыпроект ианаалоит ҳәа иаразнак исыԥхьаӡеит, исгәаԥхеит… Ҳаицәажәеит, иақәшаҳаҭхеит… Афотосахьа анҭухуа ауаа иршәу амаҭәа аԥшшәхәы даара акраҵанакуеит. Асахьаркыратә фото аҟны еилататоу аԥшшәқәа, мамзаргьы зынӡа иҟаԥшьу, иҩежьу, илахҿыху аԥшшәқәа рыла исахьаркны иҟалом. Аҽны аҭыԥаҟны аԥша асуан, уигьы афото адинамика анаҭеит, ибзиахеит афото, сара сгәы ишҭаз акәымкәа, еиӷьны иҟалеит, акино акадр еиԥш иҟалеит, саргьы исгәаԥхеит, даргьы ргәы иақәшәеит", - лҳәеит Ҵышәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0