Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Бурџьу Амҷԥҳа: сабду иабду Саалиҳ Џьгьардантəи дыхҵəеит

© Foto / Сырма Ашуба Бурджу Амичба
 Бурджу Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Бурџьу Амҷԥҳа лҭаацəеи лареи Аҧсны рыҟазаара атəы Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Германиа инхо ҳџьынџьуаҩ Бурџьу Амҷҧҳа лыҧсадгьыл ахь Аҧсныҟа аара еснагь дазҿлымҳан, гəыҵхас илыман. Лара излалҳəо ала, инаӡеит аҧсҭазаараҿы зегь реиҳа дыззыҳəоз лыгəҭакы, даҭааит лџьынџь дгьыл, илбеит аҧсуаа, илаҳаит лхатəы бызшəа, илгəыдлыҳəҳəаллеит лашьцəа Амҷаа. Уи иацыз аҧхарра, иахылҵуаз агəыбылра насыҧс исыман саргьы лабҿаба абара.

© Foto / Сырма АшубаБурджу Амичба
Бурџьу Амҷԥҳа: сабду иабду Саалиҳ Џьгьардантəи дыхҵəеит - Sputnik Аҧсны
Бурджу Амичба

Ашьыжь аусурахь сышцоз аҭел дысзасит ҳџьынџьуаҩ Али Моран, егьсеиҳəеит Германиантəи ҳџьынџьуаа Аҧсны иааны ишыҟоу, иара убас агəыҧ аилазаара дшалоу Амҷҧҳак, лашьцəа Амҷаа рбара шылҭаху. Иажəа анырҵəаха иамраӡакəа сиазҵааит: "Иабаҟоу, избарц абасылшои?", - ҳəа. Аҟəа асасааирҭақəа руак аҿы ишыҟаз сеиҳəеит. Иахьсеиҳəаз аҭыҧ аҿы саннеи, иҿаҧха-ҿаччо иаасҧылеит раҧхьаӡа акəны зҭоурыхтə ҧсадгьыл иаҭааз ҳашьцəа. Иааигəаны ҳанааибадырқəа, Бурџьу Амҷҧҳа ус салҳəеит: "Сара Џьгьарда ақыҭа саҭаарц сҭахуп, убрантə ауп сабду иабду амҳаџьырра дшагаз", - ҳəа. Хымҧада, лажəа ҩбастəуазма?! Аҽныҵəҟьа лгəаҳəара наӡартə еиҧш аҭагылазаашьа лзаҧҵан.

Кадир Тванба - Sputnik Аҧсны
Кадыр Тәанба: Аԥсныҟа нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп

Бурџьу лаб Салим, Ҭырқəтəыла диит, Каиалара ақыҭа деиуоуп. Аусура аганахь ала Германиаҟа дахьцаз, аҭаацəара далалеит. Убраҟоуп дахьиз Бурџьу лхаҭагьы.

"Сабду Шьаадаҭ Амҷба иабду Саалиҳ иоуп Аҧснынтə амҳаџьырра аамҭазы ахҵəара зықəшəаны Ҭырқəтəылаҟа иагаз. Сеиҳабацəа ирҳəоны изласаҳахьоу ала, уи Џьгьарда ақыҭа иҭыҵқəаз дреиуоуп. Сара схəыҷаахыс зыӡбахə саҳахьаз, аха лабҿаба исзымдыруаз сыҧсадгьыл абара сыгəҭыхан. Ирымҳəои, алахьынҵа ыҟоуп ҳəа. Исымазаарын саргьы алахьынҵа бзиа ус анакəха", - абас лгəы ҭыҕьҕьаа дҳацəажəон Бурџьу Амҷҧҳа.

Аҭанур Аҟәысба: мрагылара инаркны мраҭашәаранӡа аԥсуаа реидкылара ҳаҿуп

Бурџьу занааҭла дзиндырҩуп, аус луеит Германиа аусӡбарҭақəа руак аҟны. Длымоуп аеишьа. Лыҧшəма дшаҧсыҕуп, илызҳауеит лыҧҳа хəыҷы. Бурџьу излалҳəо ала, лхəыҷрашықəсқəа Ҭырқəтəыла лабдуи ландуи ахьынхоз ақыҭаҿы имҩасуан, убри аҟынтə ибзианы илдыруеит аҧсуара иамоу аҵакы.

"Саб ианду аҭырқəа бызшəа зынӡагьы илыздырӡомызт. Сандуи сабдуи аҧсышəала ианцəажəоз иџьасшьон, иарбан бызшəаз сзеилкаауамызт. Еиҳа саныҩеидас аҭоурых еилыскаауа саналага, иснырит амҳаџьырра закəыз, уи иацыз агəаҟра зеиҧшраз. Саб иашьеи иаҳəшьеи ыҟоуп. Саб иашьа Левенҭ Амҷба, Ҭырқəтəыла дынхоит, саб иаҳəшьа адыгақəа дырҭацоуп", - дҳацəажəон Бурџьу.

Бурџьу излалҳəо ала, Аҧсны Ахьыҧшымра азхаҵара анаиу нахыс, рыхдырра еиҳа иҿыхо иалагеит, уи аахыс рыҧсадгьыл иазкыз ажəабжьқəа раҩрыжьуам.

"Германиа инхо Кавказ ажəларқəа аидгылара, аибабара рыбжьоуп, изеибамдыруа шыҟоугьы рацəаҩны. Акультуратə хеидкыла ашҟа лассы-лассы ҳзымнеиуазаргьы, аныҳəатə мшқəа раан иагҳажьуам. Уаҟа еиҿкаауп хатəгəаҧхаралатəи ашəаҳəаратə, акəашаратə ансамбльқəа, атеатр. Аҧсыӡ аӡы зҵабаз еиҧш ҳаанхар ҳҭахым атəым дгьыл аҿы, аҧсҭазаара ҳазықəҧалароуп, ҳмилаҭ ахдырра ҳмырӡроуп", - лҳəоит Бурџьу Амҷҧҳа.

Бурџьу Амҷҧҳа лабдуцəа рқыҭа гəакьа Џьгьарда данаҭаа, лгəырҕьара ҳəаак амамызт. Лара лнеира иазыҧшын ақыҭа аиҳабыра, анхацəа, лашьцəа, лыжəлантəқəа Амҷаа.

© Foto / Сырма Ашуба Бурджу Амичба
Бурџьу Амҷԥҳа: сабду иабду Саалиҳ Џьгьардантəи дыхҵəеит - Sputnik Аҧсны
Бурджу Амичба

"Анаџьалбеит, ҧхыӡу-лабҿабоу?! Зхаҿсахьақəа збоу ауаа зегьы сара исызгəакьаӡоушəа исзааиуеит. Ишҧасҭаху адгьыл сыҽнықəыжьны игəыдсыҳəҳəалар, здунеи зыҧсаххьоу, араҟа зыбаҩқəа амадоу сабдуцəа сыбжьы ҭганы снарацəажəар, издыруада сгəынқьыбжьы раҳарушь, рыҧсы ианырыр, издыруада?..", - лылаҕырӡқəа лгəаҵа иҭаҧсо дцəажəон Бурџьу Амҷҧҳа.

Еркәыт Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Еркәыт Аӡынба: уԥсадгьыл бзиа иануба, уагәыднаҳәҳәалоит

Бурџьу Амҷҧҳа илықəшəаз ақыҭауаа лгəазхара дрызбомызт, бызшəала ишзеилибамкаауазгьы блала еицəажəон, рыгəҭыхақəа еибырҳəон. Аҭырџьман, насгьы рныҟəарақəа зегьы еиҿызкааз Намық Арсҭаа, аиҭагара дахьӡомызт ари аҩыза агəырҕьареи ахьаагареи зцыз аиҧылара иахылҵуаз аҧхарра атəы. Џьгьарда ақыҭа аиҳабы Асланбеи Сангəылиа, ҳџьынџьуаҩ ажəа лиҭеит, мышкымзар мышкы лыҧсадгьыл ахь нхара ҳəа аара лгəы ианҭалк, лабдуцəа зныҵыз ақыҭаҿы адгьыл ҭыҧ лара лзы ишыхиахо.

"Џьгьарда ақыҭа иалҵыз лабдуцəа рҭоурых дырны ҳаҳəшьа абра дахьааиз даара ҳаигəырҕьеит. Лашьцəа Амҷаа ракəзар, ари ақыҭа иазбжоуп. Даара иҵауланы уазхəыцыр ари ахҭыс, угəы аҵəыуара ианамыркырц залшом. Амҳаџьырра иагаз ҳауаажəлар зегьы рыҧсадгьыл аҿы инхозҭгьы, иаҳхаҳгаз аибашьрагьы ҟамлар ҟаларын. Аҳəаанырцə инхо ҳашьцəа еимгеимцарак иадамхаргьы рбара акыр ҳгəы еиҵнахит, еснагь ҳарзыҧшуп", - ҳəа азгəеиҭеит ақыҭа ахада Асланбеи Сангəылиа.

Дбар: аԥышәа иаҳнарбеит, ҳџьынџьуаа абызшәа дырҵаразы ҳамчқәа шазымхоҳџьынџьуаа

Бурџьу Амҷҧҳа илыцыз лҩызцəеи лареи Џьгьарда ақыҭа иалсны акыр еимдеит. Ақыҭаҿы инхо милаҭла иаҭырқəоу Рустем Караосман-оглы иҩнаҭахьы ааҧхьара рыман, иара убас Беслан Аполлон-иҧа Амҷба игəараҭа иаҭааит, ишаҧу еиҧш ҩнаҭацыҧхьаӡа аишəа ҧсыуа чысла ирхиан. Беслан Амҷба иҧа Адгəыр, занааҭла дҭоурыхдырҩуп, игəараҭаҿы ас еиҧш асасцəа дахьқəа рбара акырӡа деигəырҕьеит.

Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

"Ҳгəазхара иаҳбаанӡа иахьҳацəцо сгəы снархьуеит. Ҭоурыхла иаҳдыруеит ҳажəлар ирхыргаз аџьамыҕəа цəгьа. Абас еиҧш лассы-лассы иаҳзаалар, ҳаиҭанаиааира иҵегьы иҕəҕəахар, хымҧада акырӡа ибзиахон. Ҳџьынџьуаа избахьаз, сзабадырхьаз рахьтə сыжəлантəык дсымбацызт. Ҳаҩнаҭаҿы ҳаҳəшьа лбара шаҟа агəахəара снаҭаз ус ҿык-бзык ала исызҳəом. Ҳара ҳаҳəшьа лбара ҳгəы ишахəаз еиҧш, егьырҭ ажəлақəагьы рашьцəеи дареи еибабар ргəы иамыхəои. Аҵыхəтəантəи аамҭазы ҳаимадара аҽахьарҕəҕəо даара иус бзиоуп", - иҳəеит Адгəыр Амҷба.

Бурџьу Амҷҧҳа Аҧсны лыҟазаара иалагӡаны дызҭааз, илбаз аҭыҧ ҧшӡарақəа акыр ирацəоуп, аха иҟоуп дызхьымӡагьы. Уи анаҩс санаауазы, лҳəеит зыҧхыӡи злабҿабеи рҳəаақəа ирҭакыз ҳџьынџьуаҩ.

"Аҧсны хазыноуп, исҧылаз, избаз ауаа зегьы ргəы ҭбаауп, рхы-рҿы еихалашоит. Уаҳа еибашьра ҟамлааит, ҳаҧсадгьыл амч-алша ҕəҕəахааит, ҵарадыррала еснагь аҧхьагылара амазааит"? - абас лгəазыҳəарақəа еихсыҕьуамызт Бурџьу Амҷҧҳа.

Аҧсадгьыл ҧшуп, амч ҕəҕəоуп. Ҳашьцəеи ҳареи иҳабжьаз аихатəы ҧардақəа наӡаӡа ашəқəа ҟьаҟьаӡа иаартызааит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0