Аҩны аԥара дәылыргом, иӡахуам, анышә ркуам: аԥсуаа амшшьара ишазыҟоу

CC0 / / Нитки
Нитки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амчыбжь алагамҭеи анҵәамҭеи рыҩнуҵҟа аԥсуаа иалкаау, иҷыдоу амшқәа рымоуп, урҭ "амшшьарақәа" ҳәа ирышьҭоуп. Ахаҭа ажәа "амшшьара" уазааҭгылозар, уи еилоу ажәоуп, ишьақәгылоуп ажәақәа "амш", "ашьара" реицҵарала.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Амшшьара анцәырҵыз ҳәа иалкааны уаҩы ишизымдыруагьы, еиҳарак ари аҩыза аҵас аҟалара еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыдырҳәалоит. Иаагозар, аҭаацәараҿы аманшәаламрақәа рацәахазар, агәамбзиара рчычазар амшшьара рықәырҵон, ԥхьаҟа иманшәалахарц, арыӷьарахь игьажьырц азы. Аҭаацәара аҩныҵҟа аӡә игәы бааԥсны, аԥсра абла дхыԥшыло дыҟаны, аха нашанала уи ичымазара даиааины, ишьапы дықәгылазар, ачымазаҩ ишьапы данықәгылаз амш "Анцәа дызхаҵгылаз амш оуп", иахьарнахыс мышшьарас ҳҭаацәараҿы ишышьҭаҳхуа ҳәа рҳәон аҭаацәара алахәылацәа.

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Тәыми ҩнатәи "еилаҵо", мамзаргьы аԥсуаа ҳаԥсшәа еибыҳәашьа

Аԥсуаа ржәытә ԥсҭазаара иаҟәырҷаханы иахьанӡа иааӡаз аҵас "амшшьара" иазкны згәаанагара зҳәахьо рхыԥхьаӡара маҷым. Аҵарауаҩ Г. Чурсин игәаанагарала "Аԥсуа жәлақәа ирыман, ирымоуп амшшьарақәа. Мчыбжьык ахьтә ҩымш "ишьатәу" мшқәаны иалырхуеит". Аҵарауаҩ Н. Џьанашьиа урҭ амшқәа "иԥшьоу амшқәаны" аԥсуаа ахәаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡон.

Амшшьара аҵас Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо жәпакы аԥсуа жәлақәа еиқәырханы ирымоуп, абжьыуаа рҟны еиԥш абзыԥқәа рҟынгьы. Убри шьақәнарӷәӷәоит афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи зызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҟны иаалго аҿырԥштәқәа:

"Ажәлақәа зегьы ирымоуп рхатәы мшшьарақәа. Џьгьарда ақыҭан инхо Ашәаа амшьара азгәарҭон ашәахьеи аҩашеи. Џьгьарда ақыҭан инхо Багаԥшьаа мышшьарас ирымоу сабшоуп. Асабша ирымшшьароуп Лыхны ақыҭа инхо Шьаҟрылаагьы. Шармаҭ ажәла иатәу зегьы ашәахьа мышшьараны ирымоуп. Габниа зыжәлоу амшшьарақәа ҩба рымоуп – ашәахьа, аҩаша. Зегь реиҳа изеиҷаҳатәу мшны ирыԥхьаӡоит ашәахьа. Уи аҽны аҽыкәабара, аӡахра, ахҳәара ҟалаӡом. Аԥсра ахьыҟалаз инеины иҵәыуар ҟалаӡом, алаӷырӡ ларышьҭӡом. Габниаа зегьы "ашәахьа иԥшьоу мшуп, Анцәа данаҳҭаз ауп" ҳәа иршьоит.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара

Иара убри аныҳәара зыхҟьаз "Ажәытәӡан зны, Габниа ҭыԥҳак дындәылҵит. Уаҳа аӡәгьы лыхабар имбеит. Дахьынатәаз аҭыԥ аҿы ашьац хыблааны иҟан. Лара цәгьа дыԥшӡан. Анцәа дигәаԥханы, иара иахь дигеит," рҳәеит. Убри амш Габниаа зегь рзы иԥшьоу мшхеит. Есышықәса шәахьак аҽны зегьы еилахәны аныҳәара мҩаԥырго иалагеит, иахьа "Габниаа рныҳәара" ахьӡуп. Ахацәа хазы имҩаԥыргоит, аҳәса хазы. Аҩашагьы ирымшшьароуп, аха уи аԥшәмаԥҳәыс лыжәла иатәу мышшьароуп. Лара лоуп изшьо".

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа инхо Ҭаниаа зыжәлоу, ракәзар аҭаацәарақәа аҩашеи амҽышеи ирымшшьароуп. Дара ишазгәарҭо ала, ҩашала аҩны аԥара дәылыргом, аԥара аӡәы идырԥсахуам, аҩнымаҭәахәқәа аӡәгьы ауаара ирҭом, ахш – харҵәы рҭиуам. Мҽышала анышә ркуам, адгьыл иқәаарыхуам, амхи ауҭреи аҭалара азин рымам. Ажәакала, адгьыл иакьысуам. Рнацәхыԥ – ршьацәхыԥ хырыссом, иӡахуам, рхахәы иагдырхом. Убасгьы, амҽыша аԥсы анышә дарҭом. "Ҵасым, иҳамшшьароуп" – рҳәоит. Ари аҵас реиҳабацәа иныҟәыргон, урҭ ирҿырҵааит.

Ажәытәан амшшьара аилагара ҟаломызт, усҟан "мчы змоу" дахьдырхәуеит, – рҳәон. Амала, уи идырны еилазгаз иакәын ԥырхага зауаз, аӡәы ихашҭны, изымдыркәа иҟаиҵазар – даҭарҵомызт.

Аха аамҭа ԥхьаҟа ицацыԥхьаӡа аҽеиҭанакуеит аԥсҭазаара. Аԥсҭазаараҿы аиҭакрақәа аныҟалалак аҵасқәа ирцәыӡуа рацәахоит. Ажәытә иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, иахьатәи аамҭазы амшшьара еилазго рацәоуп, избанзар, ҭаацәарак аҩнуҵҟа аус зуа, аҵара зҵо, ашкол иҭо дубап, арҭ рхы рымҳәар, рҽырымкәабар, имӡахыр, ма аԥара аҩны идәылрымгар ԥсыхәа рымам.

Ажәакала, аԥсҭазаара иацааиуа аҭахрақәа амшшьара анырра ӷәӷәа арҭоит. Убасгьы ауаҩы данеилахо, ма цәгьарак – бзиарак данақәшәалак, дышны даныҟоу уи аҵас зынӡа ихахьы имааикәа аилагара ҟаиҵар алшоит. Усҟан амшшьара еилазгаз "Исзымдыруа Анцәа саҭаумҵан", ма "Сгаӡаразы Анцәа саҭаумҵан" ҳәа аҭамзаара шьҭаиҵон.

Простуда - Sputnik Аҧсны
"Хаир", "Хыир, абзиара уанаҳәааит!": аԥсуаа еимсаз ауаҩы иарҳәо иазкны

"Амшшьара еилазгаз, машәыр Анцәа ирықәумҵан. Ирзымдыркәа гәнаҳа ҟарҵазар, ҳхахьы иаагоит, ҳара иаҳзынхааит" – рҳәоит, ари аҵас атәы здыруа аҭаацәара аиҳабацәа андуцәа, анацәа.

Иазгәаумҭарц залшом, амшшьара аҵас еиҳарак иахӡыӡаауа, еиқәырхо иаазго ақыҭауаа шракәу. Ақалақь уааԥсыра "амшшьара" атәы уразҵаауазар, "уи аӡбахә, ҳаҳахьеит", "иҳаман, аха уажәы иҟаҳҵом", "уи аҵас агәра згаӡом" зҳәо, ма зынӡа изакәу ззымдыруа рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәоуп.

Сгәанала, ажәытә хылҵшьҭреи амагиатә ҵаки змоу ари аҵас ҳаиҳабацәа баша – маша еиқәыдмырхаӡеит. Уи гәыгәҭамыжькәа хәыҷи дуи иреилыркаазар, досу ижәла иақәу амшшьара дықәныҟәалар, актәи – "мчы змоу" рҿаԥхьа дыхьчазаауеит, аҩбатәи – ижәытәӡоу аҵасқәа ируаку "амшшьара" ԥсра – ӡра ақәхом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0