Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 26 2019 шықәса рзы.
Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ. Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.
АКХ заанаҵтәи аофициалтә дыррақәа рыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы.
Иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа иаасҭа 1,5% раҟара еиҳаны абжьқәа иоуит.
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аус руан 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Алхрақәа шьақәгыларц азы ирылахәхараны иҟаз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара асааҭ 15:00 рзы иахыԥеит, усҟан рыбжьы арҭахьан 38,41% алхыҩцәа.
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба алхрақәа рнаҩс иҵегьы ҳаиӷьхап ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.
Алхрақәа ирылахәхараны иҟаз ауааԥсыра абжьыҭарахь рнеира иартәеит 38,41%.
Аԥсны алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит аҩбатәи атур аан алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеишьа атәы.
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит цәыббра 8 рзы. Абжьыҭарақәа хылаԥшра рырҭоит 12-ҩык анаԥшыҩцәа Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рхаҭарнакцәа.
Алхрақәа аҩбатәи ртур аан азеинеиҿкаара иахылаԥшует аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык.
Аԥсны Ацентртә комиссиа хада адыррақәа рыла аҩбатәи атур аан шьыбжьазы абжьыҭара иааихьеит 19% алхыҩцәа.
Атәыла ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь днеиит 22,91% бжьы иманы.
Аԥсны иахьаҵанакуа иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы абжьыҭара ҟалоит Москвеи Черқьесски.
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит ақалақьқәа Москвеи Черқьесски рҟны.
Аԥсны ауааԥсыра еиҭарҳәоит атәыла ахада иалхра аҩбатәи ртур аҟынтәи иззыԥшу, абжьыҭарахь анеира ахәҭаны изырбо.
Аԥсны иахьаҵанакуа иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы абжьыҭара ҟалоит Москвеи Черқьесски.
Аԥсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниеи уаанӡа Аԥсны ахадарахьы иқәгылаз Олег Аршба иштаб ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша, цәыббра 5 рзы.
Нанҳәа 25 рзы имҩаԥысыз алхрақәа акандидат демократиатә рҵагоуп ҳәа ахиҳәааит.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ахә ҳаракны ишьеит алхрақәа рымҩаԥысшьа, аполитикатә мчрақәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абжьыҭирақәа аҩбатәи ртур ҭакԥхықәрала иазнеирц.
Урыстәыла Афедерациа ахеилак аҟынтәи аделегациа Аԥсны ахада иалхрақәа ишрыцклаԥшуаз, лкаақәас иҟарҵаз уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik Аԥсны аматериал аҟны.
Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәын 60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа – Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, луганск, донецк ареспубликақәа, Венесуела, Германиа, Китаи рҟынтәи.