40 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 19 рзы Москва иаартын XXII Аолимпиатә хәмаррақәа. Арҭ ахәмаррақәа раԥхьаӡа акәны Мрагыларатәи Европа аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥгаз, иара убас раԥхьатәи Аолимпиатә хәмарра асоциалисттә тәылаҟны имҩаԥгаз ракәхеит.
XXII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысуан Москва ԥхынгәы 19 инаркны нанҳәа 3 рҟынӡа, 1980 шықәсазы. Аԥснытәи аспортсменцәа СССР еизгоу акомандақәа ирылахәны рықәгылара адагьы ахәмаррақәа реиҿкаара иалахәын, ӡбаҩцәасгьы иҟан.
XXII Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысуан Москва, ԥхынгәы 19 инаркны нанҳәа 3 рҟынӡа 1980 шықәса рзы.
Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа, Актәи Гал ақыҭаҟны иҟоуп иахьа игәыгәҭажьу, аха асовет аамҭазы Европеи, Азиеи рҟнытәи аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа (абаидарочникцәа) рҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз аспортбаза.
1980 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа сынтәа 40 шықәса рхыҵуеит. Аспорттә хҭыс ду Аолимпиатә еиҿкаара аҭоурых аҿы иналукаауа иаанхеит.
Алада Ешыра иҟаз Асовет Еидгыла Аолимпиатә базаҟны ашьапылампыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, аԥқьаҭасра, агимнастика уҳәа аспортхкқәа рыла аидгыла акомандақәа рҽазыҟарҵон.
Виктор Санеев – аспорт аҭоурых аҿы иараӡәк иоуп урыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи олимпиатә чемпионы иҟалахьоу. Иара иреиӷьу ҳәа далкаан 1968, 1972, 1976 шықәсқәа рызтәи Аолимпиадақәа раан, 1980 шықәса рзы Москва Виктор Санеев араӡны медал иҽаԥсеитәит.
Амультимедиатә проект ҿыц – Асовет Еидгыла атәылақәеи Москвеи рҟны аус зуа Sputnik аредакциақәа 13 русеицура иалҵшәоуп.
Хсааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Аолимпиада-80 аартра ацеремониа иалахәын 16 нызқьҩык аспортсменцәеи, ахаԥшьгаратә коллективқәеи, ашәаҳәаҩцәеи.
40 шықәса раԥхьа Москва имҩаԥысыз Аолимпиада Аԥснынтә иалахәыз, уи зыблала избаз маҷҩым. Аолимпиадаҿы ҭырџьманк иаҳасабала аус зуаз Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аспорттә еицлабра ду дшақәшәаз атәы.
Аԥсны Аолимпиатә еилакы ахантәаҩы Валери Аршба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа, урҭ рҟны Аԥсны алагала атәы, убасгьы иҳәеит аспорт аҿиаразы лшарақәас иҟоу, хымԥада иҟаҵатәу.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 40 шықәса раԥхьа Москва имҩаԥысуаз ХХII Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раан туристк иаҳасабала рыхәаԥшра дахьнеиз аԥсуа бызшәа шихәаз.