Аԥснытәи аделегациа усуратә визитла аҳәаанырцә иҟан

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥснытәи аделегациа Иорданиа раҭаара
Аԥснытәи аделегациа Иорданиа раҭаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа Египет рыҟазаара иалагӡаны, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарҷыданы, аекономика-инвестициатә усқәа рыҿиара иазкыз аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит.

АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы Аԥснытәи аделегациа усуратә визитла Египет, Иорданиа, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора ирҭааит. Аҭаара ахықәкы хадақәа ируакын аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи  ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аԥхьаҟа аусеицура.

Сонер Гогуа. - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Аԥсни Тырқәтәылеи реицыхәаахәҭра 200 миллион доллар артәоит

Аделегациа аилазаараҟны иҟан: Беслан Быҭәба-аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Аԥсни рыбжьара аекономика-хәаахәҭратә еимадарақәа рзы ҳтәыла ахада ихаҭарнак, Сенер Гогәуа-ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада, Дмитри Аргәын- абизнесмен, Сириантәи Аԥсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ, аҳақьым Надир Ҳагәышь.

Ҳделегациа рныҟәарақәа хацыркын Египет ала. Ари атәылаҿы, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа нхоижьҭеи уажәшьҭа 600 шықәса ҵуеит. Каир ақалақьи, уи акәша-мыкәшеи инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара 25 нызқь рҟынӡа инаӡоит.  Рыцҳарас иҟоу  урҭ рахьтә, аӡәгьы аԥсшәеи, рыжәлақәеи рыздырӡом. Зегь еицҿакны ирҳәо жәла заҵәык ауп – Абаза.
Сенер Гогәуа излаиҳәо ала, хымш Египет рыҟазаара иалагӡаны акыр аиԥыларақәеи ауснагӡатәқәеи еиҿыркааит.

"Аизарақәа зегьы рҟны, Аԥсны аполитикатә, асоциал-економикатә, акультуратә, аҵара-дырратә  ҭагылазаашьа уҳәа азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәеит. Египет инхо ҳдиаспора, Аԥсны аганахь ала, аинформациа ҳәа акагь рымаӡам. Ҳара иҟаҳҵаз аҳәарала,  уаҟа еиҿкаан Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа еидызкыло аизарҭатә ҭыԥ. Хадасгьы далхын, зықәрахь инеихьоу абырг,  Рауф Абаза", — ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Аԥснытәи аделегациа Египет рыҟазаара иалагӡаны,  акультуреи, аҵарадырреи, аспорти ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарҷыданы, аекономика-инвестициатә усқәа рыҿиара иазкыз аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит.

"Ҳара ааԥхьара ҳаман Египет иҟоу Китаитәи ааглыхратә наплак ду "Теда" ашҟа. Ҳрылацәажәеит Китаитәи, Египеттәи  атауарқәа  Аԥснынтә Урыстәылаҟа рышьҭра, Аԥсны транзиттә коридорны аҟалара, иара убас  Китаитәи ааглыхратә  центр араҟа аиҿкаара. Аиԥылара ҳаман аинвестициатә усбарҭа "Г-ком" ахаҭарнак Небиль Ель Гоҳари ҳареи. Ҳрылацәажәеит апроектқәа маҷымкәа. Египет инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәеи, абизнесменцәеи Аԥсныҟа иааҳаԥхьеит, иаарласны иаараны иҟоуп", – ҳәа азгәеиҭеит Гогәуа.

Аԥснытәи аделегациа Египет рыҟазаара акыр иахаҵгылеит уа инхо ҳџьынџьуаа Дина Абаза, Муҳаммед Абаза.

Египетынтә Аԥснытәи аделегациа рымҩа хан Иорданиаҟа. Уа инхо  апсуаа рхылҵшьҭрақәа уи атәылахь инанагеит 1830-1840 шықәсқәа рзы.  Кавказ ажәларқәа рхыԥхьаӡара 250 нызқь рҟынӡа инаӡозар, урҭ рахьтә ҳаԥсыуаауп зҳәо 20 нызқьҩык ыҟоуп.

Октаи Чкәотуа - Sputnik Аҧсны
Октаи Чкәотуа: Ҭырқәтәыла Сириатәи аимак аҽаланагалар шәарҭоуп

"Иорданиа инхо ҳдиаспора, Египет инхо ҳауаажәлар ирыҿҳарԥшуазар, даҽа ҭагылазаашьак рымоуп. Урҭ ирдыруеит рыжәла, иҟоуп маҷк акәзаргьы зхатәы бызшәа зҳәо. Аус ауеит дара еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара "Диван-абаза". Уи еиҳабыс дамоуп Ҳасан Чычба. Имҩаԥысит ҳдиаспореи ҳареи ҳаиԥыларақәа. Аԥсны аҭоурыхи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ирызкны ажәабжьқәа раҳҳәеит. Ҳазԥылақәаз рахьтә иҟан хылҵшьҭрала иаԥсацәоу, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны аус зуа, иаҳҳәозар,  аинралцәа, апарламент адепутатцәа, абизнесменцәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакс Иорданиа иҟоу Ашьраф Абаза-Чқәуа уҳәа  аӡәырҩы", – иҳәеит Сенер Гогәуа.

Аԥснытәи аделегациа Иорданиа идикылеит апринц Хәсеин Мырза. Иара  аҳ Хәсеин раԥхьатәи имоҭа иоуп. Ирылацәажәеит еиуеиԥшым азҵаарақәа. Аԥснытәи аделегациа иҟарҵаз ааԥхьарала, иаарласны апринц иҩызцәеи, уа инхо ҳдиаспореи ҳтәыла иаҭаараны иҟоуп.

"Иорданиа, ҳара ҳаҭааит Ҭырқәтәылатәи аконсулра. Уа консулс аус зуа, Седаҭ Иунал, излеилаҳкааз ала, хылҵшьҭрала даԥсыуоуп. Иара убас ҳаҟан, Иорданиа иҟоу  Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы. Уи ахаҭарнак Борис Болотин, Иорданиаҟа ҳаара ахықәки, Аԥсны аҭагылазаашьеи рзы аинформациа иаҳҭеит. Убра ҳшыҟаз ауп, Египет, Урыстәыла атәылауаа зҭаз аҳаирплан анкаҳазгьы. Уи ахҭыс гәалсрала ишҳадаҳкылаз иаҳҳәеит", – ҳәа азгәеиҭеит "Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа.

Аԥснытәи аделегациа Иорданиаҟа рцара аус адгылара анаҭеит,  Иорданиа иҟоу апринц Али иусбарҭаҟны аус зуа аԥсуаа Иунал Ҳаҭхәа, Енвер Чқәуа, Маџьҭы  Қьешьҭ. Иунал Ҳаҭхәа, Иорданиа иҟоу "Жәларбжьаратәи кавказтәи акультуратә академиа" напхгаҩыс дамоуп.  Иаарласны иазгәаҭоуп, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни" "Жәларбжьаратәи кавказтәи акультуратә академиа" рхадацәа, аԥхьаҟа русеицуреи реиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра.

Вадим Ҳаразиа апресс-конференциаҿы. Аҭыԥантәи афото - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи абизнес маҷ-маҷ Аԥсныҟа иаауеит

Иорданиа, иара убас, аекономикеи, ахәаахәҭреи рганахь ала, Аԥснытәи аделегациеи абизнесменцәеи злахәыз акыр аиԥыларақәа мҩаԥысит.  Дара аҭааит аинвестициатә усбарҭа дуқәа ируакыу "Боливер-Гроуп". Уаҟагьы аицәажәарақәа мҩаԥыргеит.

Араб тәылақәа зегьы ахәаахәҭра мҩаԥыргоит Иорданиантәи. Аус руеит абанктә системеи, ахьчаратә ԥгаԥсеи. Хымԥада, Аԥсныи Иорданеи ари ахырхарҭала русеицура анзалыршаха, ҳтәыла аекономикатә ҿиаразы акыр ицхыраагӡахоит.

Аԥснытәи аделегациа Египети, Иорданиеи русуратә визит хыркәшаны, қәҿиарала ихынҳәит Аԥсныҟа. Анаҩс, аделегациа алахәцәа руаӡәк, Сенер Гогәуа, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз Аԥсуа Федерациа ахада иалхрақәа ирызкыз аизара ихы алаирхәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0