1975 шықәса рзы Пицунда хаҭала араҟазы ауарӷан ҟазҵази иқәзыргылази ауарӷанҟаҵаратә фирма "Александр Шуке оргельбау" адиректор Матиас Шуке, Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара ауникалтәреи ахархәаратә ҭагылазаашьақәеи ртәы.
- Акырҵуама шәара ауарӷанқәа ҟашәҵоижьҭеи. Ари азанааҭ шәнапахьы иабаажәгоз?
— 1974 шықәса рзы абри азанааҭ аҵара салагеит. Аус ҭысҵаауан саб ифирмаҟны.
- Амузыкатә инструментқәа рыхкырацәахьынтә ишԥалышәхи ауарӷан?
— Уи саби сабдуи роуп изыбзоуроу. Сара ҳҭаацәаратә наплакаҟны исызҳаит уҳәар ауеит.
- Раԥхьатәи шәуарӷан анбаҟашәҵеи, уи иахьа иабақәгылоу?
— Ақалақь Ерфурт, Предигер акирхаҟны иқәгылоуп.
- Шәара шәхаҭа ауарӷан арҳәара шәылшо?
— Ҳәарада, сара ауарӷан асырҳәоит. Аха еиҳарак снапы злаку иара аҟаҵароуп. Ахәмарра, уи сҟазара иахәҭакны иҟоуп.
- Шәара иҟашәҵаз аинструментқәа хылаԥшра рышәҭома? Пицундатәи ауарӷан ахҭыс ҳәа ижәдыруазеи?
— Ҳәарада, аиҳарак ҳаинструментқәа ирыхҭысу аадыруеит. Пицундеи ҳареи аимадара бзиа ҳамоуп. Аиҳаракгьы ауарӷанарҳәаҩ Марина Шамԥҳаи аконцерттә зал адиректор Гәында Агрԥҳаи ҳареи. Ҳара иҭҳажьуа аинструментқәа зегьы рхатә ҷыдарақәа рымоуп, избанзар дара дасу иахьгылоу аҭыԥқәа, ахыбрақәа ирықәыршәаны иҟаҵоуп. Ҳфирма иҭнажьыз иарбанызаалак ауарӷан ахәыҷы иҳазиеԥшуп. Ишдыру аиԥш аҭаацәа рхәыҷы еснагь рылаԥш ихуп. Ҳаргьы убасоуп – ҳинструментқәа еснагь иаҳгәалашәоит.
- Ауарӷанқәа рзы азал ҷыдақәа еиҿыркаауеит мамзаргьы акатоликатә уахәамақәа рҟны идыргылоит. Пицунда акәзар, аиашахаҵаратә традициақәа ирышьашәалам аинструмент аиашахаҵаратә уахәамаҟны идыргылеит. Абри апроект анагӡараан иарбан ус ҷыдақәоу зыӡбара шәықәшәаз?
— Ауарӷанқәа зехьынџьара иқәдыргылоит: аконцерттә залқәа рҟны, аконфессиақәа зегьы ирыҵаркуа ауахәамақәа рҟны, амузыкатә школқәа рҟны, акансерваториақәа, афилармониақәа рҟны уҳәа убас ирацәаны аҭыԥқәа рҟны. Убри аганахьала ԥкрак ыҟаны иҟам. 1975 шықәса, асовет аамҭақәа рзы Пицунда аус ауан аконцерттә зал. Азал иақәшәо ауп ауарӷангьы шышьақәҳаргылаз. Ауарӷан ианаало акустика шьахә иалнаршеит акультуратәи аҭоурыхтәи ҵакы змоу аобиект аиқәырхара. Усҟантәи аамҭақәа рзы ауахәама аспорттә зал ма аҵәахырҭасклад, аҽҭра уҳәа алырхыр ауан.
- Ирҳәоит иарбанызаалак ауарӷан ахатә ҟазшьа амоуп ҳәа. убри аганахьала изеиԥшроузеи пицундатәи ауарӷан?
— Пицундатәи ауарӷан ииашаҵәҟьаны аҽакы иалаҩашьом. Азал иақәшәо ишьақәдыргылеит ҳфирмаҟны, саб иусадуларала. Адунеи аҟны иара еиԥшу аҽа уарӷанк ыҟан иҟам, иара убас пицундатәи азал еиԥшу аҽа залк адунеи аҿы ишыҟам еиԥш.
- Ауарӷан ахархәаразы иахәҭоу аҳауатә ҭагылазаашьа аԥҵазар аума? Ара иазгәаҭатәуп Аԥсны абааӡара рацәа ишаҭыԥу.
— Ааи, иахәҭоуп иҷыдоу аҳауатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара. Уҽацәыухьчароуп аԥхарреи ахьшәашәареи лассы-лассы рҽеиҭныԥсахлара. Зегьы иреиӷьуп ԥсабаратәла аҽыԥсахра, мамзаргьы акондиционерқәа рхархәара иааиԥмырҟьаӡакәа ҭагылазаашьак аԥҵаразы. Пицундатәи ауарӷан ҳәарада аратәи аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирықәшәо ишьақәыргылоуп. Уи ус шакәу унарбоит 40 шықәса шьахәла аусура.
- Ишәымоума егьырҭ зегьы иаарылышәкаауа ауарӷан?
— Ишысҳәахьоу еиԥш ауарӷанқәа зегьы ҷыдала ишьақәыргылоуп. Убри азы, ҳара урҭ зегьы хаз-хазы аус рыдааулоит. Ҳара ҳнаплакы аҟны аинструмент ахәҭақәа 70 000 рҟынӡа хаҭа-хаҭала, напыламацара еидаҳкылоит. Убри азы сара иарбанызаалак ауарӷан ҷыдала сахәаԥшуеит. Пицундатәи ауарӷан акәзар, егьырҭ ирылыскаауеит избанзар, уи саб аҵыхәтәантәи иусумҭоу, инапкымҭоуп. Егьырҭ ауарӷанқәа ықәгылоуп иаҳҳәап: Калининград (Урыстәыла), Магдебург (Германиа), Бардовика (Германиа) уҳәа ирацәаны.
- Аамҭа шьҭахьҟа ишәзырхынҳәуазар, аҽа инструмент хкык шәзыҟаҵозар – изеиԥшрахарыз уи, насгьы иарбанхарыз?
— Усеиԥш аҭагылазаашьа соургьы иалысхуаз уарӷанын. Аҭагылазаашьа схы иархәаны ишәыдысныҳәалар сҭахуп пицундатәи ауарӷан 40 шықәса ахыҵра. Ҳара агәахәара ҳнаҭоит ауарӷан иахьагьы иамоу аҵакы. Аконцерттә сезонқәа раан шәҩыла, зықьҩыла азыӡырыҩцәа агәеиҵыхра ду роуеит. Усеиԥш ԥхьаҟагьы иҟаларазы ҳара ҳазыхиоуп атехникатә маҵзура амҩаԥгара. Пицунда ауарӷантә музыка ахсаалаҟны иааннакылоит иҷыдоу аҭыԥ.
Аинтервиу амҩаԥгараҟны иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Германиа иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳаи афирма "Александр Шуке оргельбау" мрагыларатәи Европеи ИАР атәылақәеи рҟны реимадара аҟәша анапхгаҩы Винцент Шапери.