Дмитри Шамба: азакәан аԥсахрақәа аҳәынҭқарреиҿкаара иахәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аҟны атәыла Ахада ихаҭарнак, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.
Апарламент аҟны атәыла Ахада ихаҭарнак, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент аҟны атәыла Ахада ихаҭарнак, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭареи анапхгараҭареи ареформақәа рзуразы азакәанԥҵара аԥсахрақәа ртәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Наала Аҩӡыԥҳа.

- Атәыла Ахада жәабран 3 рзы инапы аҵаиҩит "Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭареи рызҵаарақәа рзы азакәанԥҵаратә актқәа аԥсахрақәа рылагаларазы" азакәан. Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа зҵазкуа аԥсахрақәа ирхузеи-ирҵыхәозеи?

— Уаанӡа Ахада иакәын араионқәа рхадацәа азҭоз, уи азы аӡәгьы игәаанагара дазҵаауамызт. Акызаҵәык – араион ахада аҭыԥантәи Аизара дадепутатзар акәын, аха аԥсҭазаараҟны араион ахада адепутатцәа рҟынтәи иара идгылаҩык далихуан, усеиԥш дыҟамзар – иара ииҭахыз араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа далихуан, иусурагьы ҿҳәара аиҭомызт. Араион Ахада инапынҵақәа назыгӡоз ахаҿы араионтә еизара адепутатк диацәажәар илшон, уи заанаҵы инапынҵақәа мап рцәикырц. Иҭацәыз аҭыԥ аҟны депутатс ихы ықәиргылон. Далырхуан. Атәыла Ахадагьы уи ахада инапы назыгӡо ҳәа акәымкәа араион ахада ҳәа дҟаиҵон.

Иахьа, атәыла Ахада араионтә Еизара драцәажәаны ауп акандидатура ықәиргылар шилшо. Аизара бжьеиҳала уи ишақәшаҳаҭу шьақәдырӷәӷәароуп. Адепутатцәа алызхыз ажәларгьы урҭ рхаҭарнакцәа рҿала абри акандидатура иақәшаҳаҭхеит ҳәа ишьоуп.

- Ауаажәларра рҟны иҟоуп агәаанагарақәа азакәан иалагало аԥсахрақәа анапхгаратә мчрақәа рымчра дырӷәӷәоит ҳәа. Шәара уи аганахьала ишәҳәарц ишәалшои?

— Уи аҩыза агәаанагара иашам ҳәа исыԥхьаӡоит.Уаанӡа, Аконституциа инақәыршәаны мамзаргьы аиурист фикциақәа ихы иархәаны атәыла Ахада хаԥышәала араионқәа рхадацәа алихуазар, аҭыԥантәи адепутатцәа ргәаанагарагьы дазымӡырыҩуазар – иахьа, аҭыԥантәи Аизара адепутатцәа ирҳәо иақәымшәо ахымҩаԥгара илшом.

Гагра ахадара. - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥантәи Ахадацәа атәыла Ахада идгаларала иалхлахоит

Уи адагьы ҳара азакәан ахь иалаагалеит аԥсахра. Уи инақәыршәаны араионтә мамзаргьы ақалақьтә Еизара араион ма ақалақь ахада иганахьала агәрамгара шаадырԥшуазы атәыла Ахада иахь азыҳәа нарышьҭыр рылшоит. Уаанӡатәи азакәанԥҵарала адепутатцәа изныкымкәагьы агәрамгара шрымоу рҳәар алшон аха аӡбра азин змаз атәыла Ахада иакәын. Иахьа, Аизара агәрамгара аадырԥшыр, аԥхьа илшоит араион ма ақалақь Ахада иусура дамихыр мамзаргьы уи аҩыза аӡбра мап ацәикыр. Аха шықәсык аҩныҵҟа изныкымкәа адепутатцәа азыҳәа аарышьҭыр – атәыла Ахада гәрамгара ззыруыз араион (ақалақь) ахада иусура дамихуеит мамзаргьы Аизара рыҿҳәара аанӡа еимырпны алхра ҿыцқәа рылеиҳәоит. Аха алхрақәа еснагь аҭышәынтәалара иаԥырхагоуп. Араион ма ақалақь ахадагьы алхра ҿыцқәа инарықәыршәаны ԥхьатәара дцароуп. Абасала ахада иаҭараангьы иамхраангьы Аизара адепутатцәа анырра ҟарҵоит. Асеиԥш уаанӡа иҟамызт. Акгьы еиҭакымхеит зҳәогьы иҟоу аԥсахрақәа рзеилымкааит мамзаргьы ицәгьаршуеит.

Атәыла Ахада аҽакалагьы изинқәа ҳаркьаҿит. Аус зуаз азакәанԥҵарала атәыла Ахада азин иман иарбанызаалак Аизара аимырпра, Аизара иарбанызаалак агха рыхьны атәыла Ахада ма атәыла Аиҳабыра рыдҵа ма рықәҵара иаҿагыло аӡбра рыдыркылазар. Уажәы, ҳара уи аԥаҳхит. Ари иаанаго Ахада изинқәа рыркьаҿроуп, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рзинқәа рырҭбаароуп.

- Ақалақьқәеи араионқәеи руааԥсыра ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ишиашоу ралхраз азин аҟаҵара шәалацәажәама?

— Уи азҵаарагьы иалацәажәан. Уаанӡагьы изныкымкәа Апарламент аҟны ицәырыргахьан. Аха абри аан ҳҳәынҭқарратә шьақәгылашьа аформа иазхәыцтәуп. Аԥсны иунитартәу тәылоуп. Ҳраионқәеи ҳақалақьқәеи рхадацәагьы анагӡаратә мчрахьы иаҵанакуеит, иаку атәыла анагӡаратә мчра иатәуп. Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа аформа мԥсахкәагьы асистема аԥсахра узалыршом. Иахьазы уи аӡәгьы дахәамԥшит.

- Аԥсахрақәа аҭыԥантәи Аизарақәа рдепутатцәа рстатус шԥеиҭарки?

— 2015 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны амчра аиуит азакәан ҿыц, уи инақәыршәаны абиуџьет аусхк аҟны азинмчра аҭыԥантәи Аизарақәа, аҭыԥантәи ахадацәа ироуеит. Уаанӡа араионқәеи ақалақьқәеи рбиуџьетқәа аҳәынҭбиуџьет иахәҭакны иахәаԥшуан. Уажәы аҭыԥантәи абиуџьет аус аднаулоит ақалақь, араион рхадара, ишьақәнарӷәӷәоит – Аизара. Аминистрцәа Реилазаароума, атәыла Ахада иоума, Афинансқәа рминистрроума уи абиуџьет рхы аларгалом. Ахатәы лагалақәа рганахьала абиуџьет аиҿкаароума анагӡароума знапы иану аҭыԥантәи амчрақәа роуп.

- Жәабран 3 рзы атәыла Ахада инапы зҵеиҩыз азакәан ҳазыхынҳәуа, раԥхьаӡа акәны аҭыԥантәи Аизарақәа рдепутатцәа азинмчра ҿыцқәа роуит – адепутаттә зыҳәа аҟаҵара. Лшарас ирнаҭозеи иара?

— Аҭыԥантәи Аизара адепутат азин имамызт аҭыԥантәи аҳәынҭнапхгараҭаратә органқәа рахь адепутаттә зыҳәа наишьҭырц. Иара уахь азыҳәа наишьҭыр илшон иаабац-иҳаҳац тәылауаҩык еиԥш. Уажәы аҭыԥантәи Ахадара амаҵзурауаа ихымԥаданы адепутатцәа ирыдыргало азҵаарақәа ирызхьаԥшыроуп депутаттә зыҳәак аҳасабала ишьаны, рҭакқәагьы ҟарҵалароуп.

Аҭыԥантәи ахаланаԥхгараҭараз аконституциа ахәҭаҷ ариашарақәа азуп

Урҭ рыдагьы уаанӡа Аизара аҭыԥантәи ахада азин инаҭон афинансқәеи, ақыҭанхамҩеи, аҵареи, акультуреи, асоциалтәхьчареи, агәабзиарахьчареи, аспорти рызҵаарақәа знапы ианылоз амаҵзуратә хаҿқәа раҭара. Уажәы урҭ ахаҿқәа ирыцҵахеит аекономикеи, амуниципалтә мазара ахатәтәреи, аҿар рызҵаарақәа знапы иануи амаҵзуратә хаҿқәа.

Еиҭахгьы, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара ҳарӷәӷәеит ашықәстә ценз аизырҳарала. Депутатс далхзар алшон 18 шықәса зхыҵыз дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ. Уажәы уи ашықәс 25 рҟынӡа иҳараҳкит. Ари иалнаршоит Аизарахь еиҳа зҟазара ҳараку адепутатцәа рнеира. Ҳәарада аусурагьы ианыԥшуеит.

Иара убасгьы ҳазхьаԥшит аркьаҿра – зус рыӡбахьоу ахаҿы Аизара адепутатс иҟалара ҟалом ҳәа. Иара убасгьы анаркологиатәии аԥсихоневрологиатәии диспансерқәа рҟны иҭаҩу, анаркоманцәеи атаксикоманцәеи арахь иаҵанакуеит. Уаанӡа ари азҵаара иазхьаԥшымызт.

Иахьа, адепутатс зкандидатура ықәзыргыло ауаҩы аҭаҩраан МВД аҟынтәи адокументқәа имазароуп ашьаус дшақәымшәахьо ала. Урҭ иара убасгьы агәаҭара иахыгахоит анаркотикқәа рганахьала. Абарҭ зегьы уаанӡа азакәан аҟны иарбамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0