Арыԥҳачымазара иаҿагылан ақәԥараз ареспубликатә диспансер адиректор ихаҭыԥуаҩ Марина Маркова ҳкорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭалҳәеит ахәышәтәратә центр аусура атәы.
— Марина Михаил-иԥҳа, иаҳзеиҭашәҳәа, аус шԥауеи иахьазы адиспансер?
— Ҳусура хҭацәыхак амамкәа имҩаԥысуеит. Ирацәаҩуп ҳара ҳахь аҽгәаҭаразы иааиуа ауаа. Аиҳарак дара рацәаҩын ааигәа ареспубликаҟны аҭыԥ змаз аимҳәачымазара ацәырҵраан. Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәгьы иаҳзаауан.
— Ачымазцәа рыдкыларазы шәҭагылазаашьа зеиԥшрозеи?
— Аҭагылазаашьа бзиаӡоуп ҳәа узазҳәом, аха адиспансер ахыбра ҿыц аусура иалагап ҳәа ҳаԥшуп.
— Апациентцәа гәаҭарас изхысуеи?
— Арентген, афлиурографиа. Араҟа аус иуеит аҳақьым-арентгенолог. Ажьцәа анализ азаауеит. Еизааго анализқәа аҳәаанхыҵ иҳашьҭуеит. Ҳара ҳхатәы лабораториа ҳамам.
— Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари ачымазара еизҳауама, ахы шԥамҩаԥнаго?
— Уаанӡатәи ашықәсқәа рыҳасабырбақәа ирыдкылан уахәаԥшуазар, еизҳара дук ыҟам.
— Заҟаҩ ачымазцәа рҽырхәышәтәуазеи шәдиспансер аҟны?
— Стационар ҳасабла иахьазы зҽызхәышәтәуа 14-ҩык ыҟоуп. Урҭ "бацеллиарные" ҳәа изышьҭо роуп. Дара ачымазара арҿкра рылшоит азы араҟа ишьҭаланы рҽырхәышәтәуазароуп. Ҳәарада ачымазцәа зегьы астационартә хәышәтәра рымазароуп аха адиспансер ахыбра аус ахьамуа иахҟьаны иҳазҳадкылом.
— Аԥсны хыԥхьаӡарала заҟаҩ рҽырхәышәтәхьозеи?
— Аиҳараҩык ргәабзиара шьақәгылоит. Ҳаамҭазтәи ахәшәқәа ирылдыршоит асеиԥш аихьӡарақәа роура. Аха еиҳа-еиҳа ицәырҵуеит ачымазцәа, еиуеиԥшым аформақәа змоу. Иҟоуп аҽыхәышәтәра иаҟәыҵуагьы, иҟоуп Аԥсны анҭыҵҟагьы ицо.
Агәыӷра унаҭоит арыԥҳачымазара иахҟьаны аԥсуаа рхыԥхьаӡара ахьырацәам. Уаанӡа акыр еиҳан. Иахьазы иҟоу ахәшәқәа иалдыршоит ауаҩы ичымазара иалыргара. Иаҳҳәап, уаанӡа арыԥҳашьацара иахҟьаны иԥсуан, иахьазы усеиԥш уԥылом. Ҳара аҳәаанхыҵҟа иҿаҳҵо, аҵыхәтәантәи аамҭа иақәшәо ахәышәқәа рыла ҳчымазцәа рыхәышәтәра мҩаԥаагоит.