Сынтәа раԥхьаӡакәны сҽазысшәеит аԥсшьаҩцәа рыдкылара. Аӡын, Гагра ақалақь ахәбатәи аиланхарҭаҟны исымаз ауаҭах акапиталтә ремонт азуны, исыӡбеит аԥсшьаҩцәа ҩнасҵаларц.
Иазгәасҭарц сҭахуп, ари аиланхарҭаҿы, аҩнеихагылақәа рҟны шьыжьи хәылбыҽхеи заҵәык шакәу аӡы анхало. Убри аҟнытә, агәылацәа исабжьаргеит, аӡыҭгага шьақәсыргыларц, уи ишалнаршало иааиԥмырҟьаӡакәа аӡы ахагалара.
Саргьы ибзианы еилыскаауан, ԥсшьара иаауа изы ишаԥҵатәу зда ихәарҭам аҭахрақәа. Абас ала, ауаҭах ӡылеи ҩнымаҭәала иааиқәыршәаны, асахьақәа ааҭыхны, аинтернет асаитқәа жәпакы рҟны иҭазгалеит. Хара имгакәа, аҭел исзасо иалагеит, суаҭах зылаԥш ақәшәаз.
Раԥхьатәи асасцәа сзааит Архангельскынтә. Жәеизамш рыԥсы ршьонаҵы, ахәбатәи аиланхарҭаҟны афымцеи аӡи рганахьала еиԥҟьара ыҟамызт. Ауаҭах аҟны аҭахрақәа анроу, уи анҭыҵгьы зегьы иреигәырӷьон. Рыԥсшьарамшқәа ргәы иҭымҵәо ирхыганы, ҳахьнеиуа ҳҩызцәа Аԥсныҟа иаарц рабжьаҳгоит наҳәаны ицеит.
Мышқәак раԥхьа, суаҭах аинтернет ала иалызхыз Красноиарскынтә хәҩык асасцәа сзааит. Сара издыруан, асааҭ 14 рзеиԥш дара аҳәааҟны иааираны ишыҟаз. Аҭел санырзас, исарҳәеит Урыстәыла аган аҳәааҟны агәаран ишықәгылоу.
Ус 17 сааҭ рзеиԥш, адырра сырҭеит аҳәаа иахысны, Гагра ахырхарҭахь ишдәықәлаз. Дара раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа иаауан аҟнытә, еибаҳҳәеит Гагра ақалақь агәҭа асветофор аԥхьа ҳшеиқәшәо.
Уаҟа сышгылаз, ақалақь аҟны ицәеит афымцалашара, иаанкылан аӡы. Аиашазы, сгәалаҟазаара бжьысит… Иаиаанӡа ишԥаҳарымҭареи ҳәа сышгәыӷуаз, сысасцәа машьынала иаасыдгылеит.
Уи аԥхьаҟа, ҭелла рызҵаарақәа аҭак ҟаҵо, идеилсыркааит афымцеи аӡи еиԥмырҟьаӡакәа ишыҟоу. Убри аҟнытә, ари аҭагылазаашьа сзацәыԥхьашьоз, ирасҳәеит, мышқәак раахижьҭеи, ақалақь аҟны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ианацла, афымцатәи аӡтәи маругақәа амчхара шырзышьҭамхо, лассы-лассы алашареи аӡи ақалақь аҟны ишааныркыло. Ари аинформациа рхаҿы иахьынӡааргоз ауаҭахынӡа ҳнаӡеит.
Уи азымхошәа, аҩнеихагыла аҵаларҭа рылаԥш анаахырга, (уи аҭыӡқәа ахәаԥа иаганы иҟоуп), иаразнак рҭеиҭԥш аҽеиҭанакит, рыблақәа ҭырхаха, ҳабаабга ҳәа, ажәак аҳәаха сымҭо исықәымчуа иалагеит.
Саргьы, ибзианы еилыскаауан, ирҳәоз шиашаз. Ари аҩыза аҭагылазаашьа, аӡәгьы дақәшәар иҭахым, еиҳараӡак акурорт аҟны. Ауаҩы аԥара анишәо, хымԥада уи иашьашәало аҭахрақәа иҭахуп.
Ҩымчыбжь ҳәа иааз, ҩаха заҵәык ҳаангылоит, уаанӡа аӡи афымцеи еиԥмырҟьаӡакәа иахьыҟоу ауаҭах ҳаԥшаауеит рҳәеит. Иҟасҵагәышьозеи, ишәҳәаз еилыскааит, гәыбӷан шәысҭом, саргьы ас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалоит ҳәа сыҟамызт, шәгәы ишаҭаху иҟашәҵа, мчыла шәааныскылом сҳәеит.
Уи аамҭазы, сҿыԥшылара зеиԥшраз сыздыруам, аха минуҭқәак рышьҭахь, ауаҭах ҳгәы иақәшәоит, афымцагьы ҟалап, аӡы акәзар шьыжьи хәылбыҽхани иҳаур ҳхы иаақәаҳкып рҳәеит.
Амала аӡы ахьаанаҳкылаша абак ҳзаага ҳәа, аҳәара сырҭеит. Ус дара амшын ахь ицеит, сара абак аагара…
Аҩныҟа инеит ҳәа анысгәахәа, срызцеит, аӡы зҭарҭәашаз абак сыманы. Ашәхамс схыҵаанӡа, изынҭаацәаз ҩаԥхьа исыжәлеит, ргәынамӡарақәа ҳәо.
"Ҳара амшын ахь ҳандәықәла ҳгәы иаанагон, зехьынџьара апальмақәа зҳауеит, ашәаԥыџьаԥ улаԥш хнакуеит ҳәа. Ҳала иабаз, ҳгәалаҟазаара еиҳагьы ибжьнахит. Амшын ахь ҳазлацоз амҩа, гәамсамла иҭәын, аҟәара акәзар, ушьапы ахьуаргыло узымдыруа абзазаратә црыҵқәа ықәжьуп", — рҳәеит.
Сара еиҭах ирабжьазгеит, аӡәи-аӡәи ҳгәалаҟазаара бжьаҳамхырц, еиӷьны иахырԥхьӡо ицарц. Адырҩаҽны, сысасцәа аҭел сырзасит ишәыӡбеи ҳәа.
"Ҳара ҳахьынаҵааз, зегьы ирҳәеит, ақалақь аҟны аӡи афымцеи рганахь аиԥҟьарақәа шыҟоу. Џьара-џьара ҩымш-хымшгьы ишаҟамыз. Убри аҟнытә, ҳҭагылазаашьа ԥыҭҩык раасҭа ишеиӷьыу аилкааны, ҳаангыларц ҳаӡбеит. Амала, амшын ҭалара ақалақь агәы иаԥну аҟәарахьы ҳцалоит", — рҳәеит.
Дара убас иазгәарҭеит, шәара аԥшәма, амц мҳәакәа аҭагылазаашьа шыҟацәҟьаз ахьҳаилшәыркааз ахә ҳшьеит ҳәа.
Аиашазы, шәыҩнал, аӡи афымцеи ҟалоит, уи аамҭалатәи проблемуп ҳәа сызрамҳәеит. Избанзар, еилыскааит иқәсыргылаз аӡыҭгага уажәшьҭа ишысмыхәо, ақалақь аҟны ҽнак хынтә-ԥшьынтә, иара инеиҳангьы афымца ахьыцәо иахҟьаны, аӡы аҩнеихагылақәа рахь ихалаӡом. Уаанӡа иҟаз аграфик шьыжьи хәылбыҽхани аламҵакәа.
Иахьазы, Красноиарскынтәи исзааз Солдатоваа рҭаацәара рҽадыршьцылеит аграфик. Аха уеизгьы, дара уамашәа ирбоит, абас еиԥш, ауаҩы раԥхьатәи иҭахрақәа нагӡаны шәхы иамырхәакәа шәызланхои ҳәа.
Сара сыхәҭакахьала асасцәа ирабжьазгоит, анегатив роурыжьларц, рыԥсшьарамшқәа хадырҭәааларц аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаарала.