Ашәба: аԥсуа ҭҵааратә институт абызшәа аӡыргаразы иалшо рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит аинститут иамоуп апроблемақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

- Арда Енвер-иԥа аԥсуа ҭҵааратә институт аҟны напхгаҩык иаҳасабала аусура ааигәа шәныпы ашәыркит. Ихымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡаны иарбан зҵаароу аӡбаразы шәнапы злашәкыз? Аусура аиӷьтәразы гәаанагарас ишәымои? 

— Уажәы ауп саналагаз напхгаҩык иаҳасабала аусура, аха аинститут аҟны ҩнуҵҟала издыруеит иҟоу апроблемақәа. Аинститут иахьа акәӡам ашьапы ақәгылара ианалага, уи атрадициа ду амоуп. Аус руан еицырдыруа ҳҵарауаа дуӡӡақәа. Иҟаҵоу акырӡа ирацәоуп.

АБИГИ - Sputnik Аҧсны
Арда Ашәба АбИГИ адиректорс далхуп

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь акыр аамҭа аҳәынҭқарра анызхарымҵозҭгьы аԥсуа ҭҵааратә институт имҩаԥнагоз аконференциақәа, Аԥсны анҭыҵ ҳҵараауа цаны иҟарҵоз ажәахәқәа рыла Аԥсны азхарҵахьан. Иахьа иҟоу ауадаҩрақәа, аԥсуа ҭҵааратә институт аԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазхәыцны, исымоуп еиҳа аусура еиӷьызтәаша ҳәа гәаанагарақәак.

Иахьа иҳамоу ҳҵарауаа дуқәа, урҭ рԥышәа рымданы, иахьа зыда ԥсыхәа ыҟам аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы хықәкы хадас иҟоу ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳетналогиа, ҳполитикатә ҭагылазаашьа, аҩнуҵҟатәи акәымкәа адәыхьтәи — абарҭ азҵаарақәа рыҭҵаара, иҟоу апроблемақәа ириааины, аҿар радԥхьалара, анаукахь рхьарԥшра. Асовет аамҭазы аинститут имҩаԥнагоз аусқәа рацәан, аха асовет ҳәынҭқарраҿы иҟаз архивқәа рымацара ракәын аус здыруалоз, атәым ҳәынҭқаррақәа рахь ацара залыршахаӡомызт.

Иахьа амҩақәа аатуп, аха иҟоуп ауадаҩрақәагьы. Сара хықәкыс исымоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, аинститу аԥсуа ҭоурых Аԥсныи Урыстәылеи ишьҭоу рнаҩс, Ермантәыла, Азеирбанџьан, Ҭырқәтәыла уҳәа атәым бызшәақәа рыла иҩу, акыр шықәса зхыҵуа, атәым жәаларқәеи аԥсуааи реизыҟазаашьақәа аазырԥшуа рахь анеира, рыҭҵаара хықәкыс ишьҭыхутәуп. Уи иаанарԥшуеит, хымԥада ҳара иҳамаз аҳәынҭқарра имҩаԥнагоз аполитика, ҳажәлар рҟәышра.

Уи анаҩсан, уахгьы ҽангьы Аԥсны имҩаԥыугаша археологиатә ԥшаарақәа акырӡа ирацәоуп. Убри ҵыхәаԥцәарада иалыршахозар аԥшаарақәа рымҩаԥгара даараӡа ибзиахон. Ҳаԥсуа ҵасқәа, ақьабзқәа, ҳбыргцәа рыҿцәажәарақәа, рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реиқәырхара. Иахьа ақыҭа аҟынтәи ақалақь ахь имҩаԥысуа аиҭанаиааира, убри иахьынӡауа маҷк раанкылара амҩақәа азыԥшаара. Абызшәа атәы анаҳҳәа, ирҳәоит амилаҭ маҷқәа рбызшәақәа ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа.

Абызшәа ашәарҭа иҭазыргыло ҳара шҳаку еилкааны, ҳхатәы бызшәала ҳцәажәо, ҳхәыцо ҳаҟазар ауп. Ҳбызшәа ҳамҳәозар егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҳазхарҵаӡом. Абарт азҵаарақәа рҿы аԥсуа ҭҵааратә институт иҟанаҵаша акырӡа ирацәоуп. Иахьазы, сара хықәкыс исымоуп жәа-шықәса рыҩнуҵҟа иҟанаҵаша аплан ашьақәыргылара. Иҳалшои иҳалымшоуи еилырганы.

- Шәнапы ашәыркхьама аплан ашьақәыргылара?

Апрофессор Оҭар Ӡиӡариеи афилологиатә факультет адекан Арда Ашәбеи - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаа: Ҭырқәтәылеи Аԥсныи рыбжьара еиҳазароуп аиҭанаиааирақәа

— Аԥышәа змоу арҵаҩцәа бзиақәа ҳхы иархәаны аԥсуа ҭҵааратә институт аҳәынҭқарра аҿаԥхьа дҵас иамоу, цхыраагӡас иҟанаҵарц зылшо гәаҭаны, иарбан хырхарҭазаалакгьы жәа-шықәса рыҩнуҵҟа иаҳҭаххаша, харџьла иҳалшо, хықәкыла Аԥсны аҩнуҵҟеи, уи анҭыҵи иалырхәтәу, иахьцатәу, иахьаатәу. Ибзиаӡаны иаҳдыруеит Аԥсны анҭыҵ ицаны аԥсуаа рҭоурыхи рҿаԥыци еидызкыло. Ҳара есышықәса имҩаԥаагоит  акымкәа ҩбамкәа анаукатә конференциақәа. 

- Аԥсуа ҭҵааратә институт аҟны ирацәоума аҵарауаа ҿарацәа?

— Иҟан аамҭақәак аԥсуа ҭҵааратә институт ахь анеира аныцәгьаз, усҟан Қарҭтәылатәи Академиа ҳанадҳәалаз акәын. Усҟан дара ирыӡбон шаҟаҩы неир ахәҭаз, иахьа уи аҩыза ҳамаӡам. Аҭҵаара знапы адызкыларц зҭаху зегьы реидкыларазы аинститут алшара амоуп. Уаанӡа хы-шықәса ыҟазҭгьы аспирантураҿы аҵараҵара, иахьа ԥшьы-шықәса ыҟоуп. Дара аинститут аҟны алекциақәа рзымҩаԥыргоит, иаҭаххозар Аԥсны анҭыҵ рышьҭра. Убас иҟоу аҿар ргәы ахмыршәакәа, излауа ала ирывагыланы ацхыраара рыҭазар, хымԥада агәра згоит, аԥсуа ҭцаарадырра шьаҿа дула амҩа ишаныло. 

Иахьа аинститутқәа зегьы еидызкыло Академиа ахылаԥшра ҳазнауеит. Авиза аиура, афинансқәа рыҟамзаара ҳәа ус апроблема ҳԥымлаӡацт.

- Иахьазы аԥсуа ҭҵааратә институт аҭагылазаашьа шԥаҟоу? Акопиталтә ремонт аҭахны иҟоуп, иахьынӡаздыруа?

— Уи иҟоу шыҟоу зегьы ирдыруеит. Ҳаинститут ахыбра аҵаку ду змоу, шәы-шықәса зхыҵуа хыброуп. Убри аҟынтә ҽыҭ-ҽыҭла акәымкәа ахыбра зегьы аремонт азутәуп. Ус еиԥш иҟаҵамзар ирыцҳарахоит аус зуа аҵарауаа рзыҳәангьы, аинститут азыҳәангьы. Алшара аԥҵтәуп аҵарауаҩ аус ахьыиуа дманшәаланы иуларц азы.

- Ажәакала, аԥсуа ҭцааратә институт Аԥсныи уи анҭыҵи ҳҿахәы аҳәоит? Иуҳәар ауама, аинститут ахықәкы хада нанагӡоит ҳәа иамоу апроблемақәа ириааины.

— Аԥсуа ҭҵааратә инстиут анаԥырҵаз инаркны иахьанӡа ахықәкы анагӡара иаҿуп. Ари нахысгьы инанагӡоит, аҿаргьы ааӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0