Жанна Леиԥҳа: Иорданиа иҟоуп Кавказаа аҵара ахьырҵо ачерқьес школ

© Sputnik / Томас ТхайцукЖанна Лейба.
Жанна Лейба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә мзызқәа еиҟәыршаз ҳауаажәлар, ишдыру еиԥш, адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоуп. Урҭ зхылҵшьҭроу рмилаҭтә хаҿра амырӡразы, иахьынхоу аҭыԥқәа рҿы еиҿкааны ирымоуп ахеидкылақәа, иахьырҵо рбызшәа, рҵас, рқьабз.

Хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуаа ахьынхо Иорданиа, убас еиԥш еиҿкаауп аԥсуа-дыга хеидкылақәа. Аус ауеит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо, апринц Хамза ихьӡ зху ачерқьес школ. Уи иамоуп иара ахатәы ҭоурых.

Апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп

Акыр шықәса ари ашкол ахәыҷкәа ахьырааӡоз, аҵара ддырҵарц рҽахьазыршәоз ҭыԥын раԥхьа. Ас еиԥш Иорданиатәи апринц Хамза иан ианылба, илыӡбеит аҭагылазаашьа бзи рзаԥылҵарц аҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Убри аҟынтә аҳкәажә иаԥшьылгеит ахыбра ҿыц лыргыларц. Анаҩс, уи официалла бжьаратә ҵараиурҭаны иҟалеит. Ахыбра анаадыртуаз амш аҽны, аҳкәажә ҿыц ииз лысаби Хамза длыманы дааит, аҳәарагьы ҟалҵеит апринц хәыҷы ихьӡ ахырҵарц. Убри нахыс апринц Хамза ихьӡ зху, Кавказаа аҵара ахьырҵо ачерқьесқәа ирышколны иҟалеит.

"Ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар рхылҵшьҭрақәа рзы ҷыдала ашколқәа ргылоуп Иорданиеи, Израили. Иорданиа, ашкол аҟны аҵаратә процесс мҩаԥысуеит хҩаӡаракны, иара убас аус ауеит ахәыҷбаҳча. Аҵаҩцәа аҵара ддырҵоит адыга бызшәала аҟабарда диалект шьаҭас иаҭаны", — лҳәеит, шықәсқәак раԥхьа Иорданиантә ихынҳәыз Жанна Леиԥҳа.

Ашкол аҟны аҵаҩцәа ироуа адырра аҩаӡара ахьыҳараку инамаданы, есааира ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.

"Иорданиа иҟоу ари ашкол аҟны аҵара рҵоит 1000-ҩык инареиҳаны, уажәы ахыбра аҿыц аргылара иаҿуп аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иахьацло инамаданы. Араҟа урҭ ироуеит рмилаҭ культура иадҳәалоу адыррақәа, аԥышәа", — ҳәа азгәалҭеит Жанна Леиԥҳа.

Вид на Амман. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Жанна Леиԥҳа: аԥсуа бызшәа акурсқәа Иорданиа ирҭахны иҟоуп

Иорданиа иҟоу ашкол, ҳдиаспора ахьынхо аҭыԥ аҿоуп иахьгыло. Иазгәаҭатәуп, Амман ақалақь амҳаџьырқәа ишышьақәдыргылаз. Уаанӡа уаҟа цәҳәырран иҟаз. Имаҷҩым иахьа, ахьӡ-аԥша змоу Иорданиа инхо ҳхылҵшьҭрақәа.

Зыӡбахә ҳамоу ашкол даҭаахьеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа. Иара, ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аизҳазыӷьареи, ақәҿиарақәеи рзеиӷьеишьеит. Ҷыдалатәи ашәҟәаҿы игәаанагарақәа аниҵеит. Ашкол аԥаратә ҳамҭа анеишьеит. Насгьы иазгәеиҭеит, аԥсшәа дзырҵо арҵаҩцәа Иорданиаҟа рышьҭра аҵак ду шамоу.

Хымԥада, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәара аус иацхраауеит аибабара. Уи ауп изхылҵуа агәыбылрагьы. Нхара ҳәа зыԥсадгьыл ахь иаауа, маҷк иадымхаргьы рхатәы бызшәа анырдыруа, рыбзазараҿы ԥынгыла рнаҭом, анхара-анҵыра аҽаршьцылара, аусура уҳәа акыр иацхраауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0