Амцеи аҷыхьи ирыбжьахаз: иуникалтәу Гәдоуҭатәи ашкол ахыбра аҭоурых

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи ашкол № 5 аҭоурых ду амоуп. Раԥхьа ианаадыртыз уа иҟан ԥшь-классктәи ашкол, анаҩс арҵаҩцәа ахьазыҟарҵоз техникумхеит, уи ашьҭахь аурыс-аерман школи, иара убас апионертә лагери аартын.

Гәдоуҭатәи ашкол № 5 ахыбра 1896 шықәсазы иргылеит аԥсуа револиуционер Дырмит Кобахьиа. 1902 шықәсазы ара иааиртит араион аҟны раԥхьатәи ашкол. Дырмит Кобахьиа уа дагьынхон, ашкол аҟны аусгьы иуан.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ашкол иаиуит аномер, иагьаԥсыуа школхеит.

1996 шықәсазы ашкол аҟны иазгәарҭар акәын ари аҭоурыхтә ргылара 100 шықәса ахыҵра арыцхә. Аха уи ауха ашкол аушьҭымҭацәа ахыбра иҩналан, амца ацраҵаны ирблит.

Ацәгьа зуз аӡбарҭаҿы рҿахәы анырҿырхуаз, "анатомиа ауадаҟны ауаҩы искелет ҳашьҭан, аха ианаҳзымԥшаа, амца ацраҳҵеит" рҳәеит.

Ауникалтә архитектуратә хыбра аҭыӡқәа рыда акгьы ацәнымхеит, аха уеизгьы ашкол адмыркит.

20 шықәса инареиҳаны арҵаҩцәа ашкол аҵакыраҿы аргылара маҷқәа рҟны аҵаҩцәа аҵара ддырҵоит. Ара аҭагылазаашьа угәы унархьуеит – ахыб ақәа кылсуеит, адашьма баахьеит, аклассқәа дырԥхоит амца еиқәҵаны. Аӡынра аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рхыхьтәи маҭәа рышәҵаны рҽазыҟарҵоит.

2008 шықәсазы ашкол ԥшь-класск аремонт рзыруит, аха уи азхом. Даҽа ҩ-класск ҩныжәк аҿы аурокқәа мҩаԥыргоит.

1996 шықәса инаркны есышықәса ашкол адиректор аиҳабырахь ашәҟәқәа лыҩуеит ари аҭоурыхтә хыбра аиҭашьақәыргылара даҳәо, аха уаҳа ҟаҵа ыҟам.

Згәы каҳаны иҟоу арҵаҩцәа ҩ-класск ирыдамхаргьы аремонт рзырурц иаҳәоит, еилаҳарц акгьы згым аҩныжә иҩныҵны еиҿкаау акласс ахҟны аусура рылшарц азы.

Ашкол иазку урысшәала аҭоурых нарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0