Sputnik амчыбжь: аԥкрақәа рырԥсыҽра, АКХ аҿы аҭаҩра ахыркәшара, "Аԥсны агәадура"

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная Сухума
Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи абжьымш рыҩныҵҟала Аԥсны еиуеиԥшым ахҭысқәа жәпакы ҟалеит. Урҭ ртәы – Sputnik аматериал аҿы.

Ииасыз амчыжь азы акоронавирус иазкыз аԥкырақәа акыр аԥырхит ареспубликаҿ, Аԥсны АКХ аҿы ихыркәшахеит Апарламент ахь адепутатцәа ркандидатурақәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара, ихыркәшахеит "Аԥсны агәадура" алахәхаразы арзаҳалқәа рынашьҭра.

Sputnik

Аҳәаа аркуп

Ихадоу жәабжьхеит ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 1 аҟынӡа аԥсуа-аурыс ҳәаа аркызарц инапы зҵаиҩыз Аусдҵа.

Иара убри аусдҵала ишыҟоу иааныжьын 14-мштәи акарантин авирус ахьыҟоу аҟынтәи иаауа рзы.

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы аԥкрақәа шыҟац иаанижьит ԥхынгәы 1 аҟынӡа

Макьаназ азин ыҟам аҳәааҿтәи баџьдатәи адәқьанқәа русуреи заанаҵы асанаториақәеи асасааирҭақәеи рҿы аҭыԥқәа рҿаҵареи.

Уи аҭакс рашәара 13 рзы Аԥсны ауааԥсыра ргәыԥк аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" амитинг ҟарҵеит аҳәаа аартызарц азы. Гагра араион ахада Иури Хагәышь иажәақәа рыла, дара реиҳараҩык Цандрыԥшь инхо, аҳәааҿ аус зуа роуп.

Уи адагьы ԥхынгәы 1 аҟынӡа аус руӡом ахәыҷбаҳчақәа.

Уажәшьҭарнахыс аус рулоит инеиԥынкылан аџьармыкьақәа, имҩаԥгахар алшоит амассатәи, акультуратәи уснагӡатәқәа, русура хацдыркуеит аспортзалқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа, астоматологиатә кабинетқәа.

Имҩаԥгахалар ҟалоит ачарақәа, аныҳәақәа. Иаартхоит азалқәа, аресторанқәа егьырҭ аобиектқәа.

Убри аан иахьазы Аԥсны COVID-19 рыдбалоуп 37-ҩык, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп жәҩык, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы дыԥсит.

Александр Анқәаб: Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа макьана иаркызароуп

Жә-гәыԥк

Апарламент ахь адепутатцәа ркандидатура ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра мҩаԥысуан лаҵара 23 инаркны рашәара 12 рҟынӡа.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Аԥсны АКХ ихнаркәшеит Апарламент ахь адепутатцәа ркандидатура ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра. АКХ аҿы иҭарҩит акандидатурақәа жәба. Аполитикатә партиақәа ркандидатцәа ықәыдмыргылаӡеит. Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар реизара адепутатрахь Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба кандидатс рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҭарҩит Аԥсны АКХ аҿы.

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала ашәҟәы иҭагалоуп Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи.

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 аҿы Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҭаҩуп.

Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь Габлиа Робесҭани Алмасхан Барцыци кандидатс рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп, атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Аԥсны АКХ Апарламент ахь акандидатцәа рҭаҩра хнаркәшеит

Аҩбатәи атур иазхәыцны: Аԥсны АКХ адепутатцәа ралхра иадҳәалахо ахарџьқәа аԥхьаӡеит

"Аԥсны агәадура"

Абри амчыбжь азы ихыркәшахеит аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара. Убри аан иалахәхар зҭахыз убри аҟара ирацәан, рашәара 10 аҟынтәи рашәара 12 рахь ииаган аҿҳәара.

Будущее  Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәразы 150-ҩык иреиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит

Зынӡа ашәҟәы рыҽҭарҩит 150-ҩык. Нанҳәа ма цәыббра рзы акоронавирустә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны имҩаԥгахоит аҩбатәи аетап – ахаҭалатә ҿцәажәара.

Убри ашьҭахь афиналбжахь инеиуеит 25-ҩык алахәылацәа. Аицлабра аиҿкааҩцәа афинал аҟны иалырхуеит хәҩык аиааира згаз аҿар рхаҭарнакцәа, урҭ зегьы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны асура иаладыргоит. Аусура иалагаанӡа Москва аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны астажировка иахысуеит.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Акадр ҿыцқәа

Ииасыз амчыбжь азы акадр ҿыцқәа аҭан. Аслан Бжьаниа адәныҟаекономикатә усқәа рзы ицхырааҩыс ихьӡ иҳәеит Валери Папба, иабжьгаҩыс – Григори Ԥлиа.

Абри аԥхьа Аслан Бжьаниа ицхырааҩыс дҟаҵан Ахрик Аҩӡба.

Уи адагьы Рамаз Џьапуа "Аԥсныбылтәы" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа иаҭаразы аусдҵа лнапы аҵалҩит Аекономика аминистр Кристина Озган.

Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Абанк 40 миллион закәаншьаҭада "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит ҳәа иахарарҵо аҭак ҟанаҵеит

Раули Какалиа АУН "Аԥсныҩынтәхархәара" адиректорс иҟаҵаразы аусдҵа лнапы аҵалҩит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит аинформациа Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа закәаншьаҭада 40 миллион мааҭ "Аԥсныбылтәы" иатәу Гәдоуҭатәи анефттә база иазоуижьит уажәы атәанчаҩцәа рԥаратә-хсаалақәа рҟынтәи аԥарақәа анырхуеит акредит ахарҭәааразы ҳәа.

Амилаҭтә банк апресс-релиз аҿы иаҳәоит "Сухум-Банк" акредит аҭан иара аклиент – "Аԥсныбылтәы" Гәдоуҭатәи анефттә база акредит анаҭарц азы ҳәа. Акредит ашәара аҿҳәара еиқәшаҳаҭрала ишьақәыргылан: 2017 шықәса, абҵарамза.

Амилаҭтә банк адыррала, акредит иарбоу аамҭазы инагӡаны ишәан. Ури аан иара процент ҳасабла 7 164 036 мааҭ афеида аиуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0