Sputnik амчыбжь: аҳәааҿы аҭагылазаашьа, Аминистрцәа Реилазаара ҿыц, арратә ҽазыҟаҵарақәа

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәаахыҵразы аԥкрақәа ирыцырҵеит, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә илҩаауп COVID-19 змаз аҵыхәтәантәи ачымазцәа, акадртә еиҭакра ҿыцқәа мҩаԥысит, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала Аԥсныҟа ихынҳәит ҳтәылауаа.

Еиуеиԥшым ахҭысқәа аҭыԥ рыман ареспубликаҿы ԥхынгәы 13-19 рзы. Урҭ аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥкрақәа ирыцырҵеит

Ԥхынгәы 15 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы иҟаз аԥкрақәа рыҿҳәара днахеит ԥхынгәы 21 рҟынӡа. Аԥсуа ган аԥкрақәа наҟ-наҟ рахыхразы ажәадгалақәа азнархиеит.

Убри аан Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи илырҩааит акоронавирустә инфекциа змаз аҵыхәтәантәи апациентцәа. Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 аӡәгьы имам.

Акадр ҿыцқәа

Ииасыз амчыбжь азы акадртә еиҭакрақәа мҩаԥган.

Даур Ақаҩба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Ақаҩба абри аҭыԥ аҿы аус иуеит 2016 шықәса раахыс. Абас ала, Аминистрцәа Реилазаара шьақәырӷәӷәоуп.

Аԥсны Аиҳабыра реилазаареи аминистррақәа реиҳабцәа рнысымҩеи шәахәаԥш Sputnik аинфографикаҿы.

Иара убасгьы иҟан акадртә еиҭакрақәа:

Аԥсны ауааԥсыра рзы акоридор

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала еиҿкаан аамҭала Қырҭтәыла иҟаз ҳтәылауаа рзы агуманитартә коридор.

Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
1200-ҩык инареиҳаны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит агуманитартә коридор ала

Уи рхы иадырхәеит 1200-ҩык рҟынӡа ҳуааԥсыра.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала еиҿкааз агуманитартә коридор ала ихынҳәыз 133-ҩык Аԥсны атәылауаҩшәҟәы рыман, анхараз азин – 813-ҩык, аилыркаага "аформа № 9" – 148-ҩык, зықәра намӡац – 175-ҩык.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы игылан Аԥсны АҶА, Аԥсны ААР, Аԥсны асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәа.

Алхрақәа мҩаԥысит, аха аиҭалхрақәа ҩаԥхьа иҟалоит

Амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла Апарламент аҟны иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь аиҭалхрақәа.

Аихшьалақәа инарықәыршәаны:

  • Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба, 50,56% абжьы иманы;
  • Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны Алмасхан Барцыц, 63,5% бжьы иманы;
  • Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны Гарри Кокаиа, 70,3% бжьы иманы.

Аиҭалхрақәа азгәаҭоуп Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз. Рҩыџьагьы иазхоз абжьқәа рмоуит.

Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа ррыцхә шьақәдырӷәӷәеит

Алхратә комиссиа хада аиҭалхрақәа ррыцхә цәыббра 13 ҳәа ишьақәнаргылеит.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Абаандаҩы иԥсразы аӡбараҟны аусеилыргара

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы аусеилыргара иалагеит Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟаз Анзор Ҭарба иԥсра аганахьала.

Аԥсны атәылауаҩ Анзор Ҭарба, 1969 шықәса рзы ииз, ԥхынгәы 11, 2019 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит абахҭаҿ.

Абри аус аганахьала фигурантс иҟоуп: Аԥсны ААР аусзуҩцәа Бадри Џьыкырба, Аслан Ҷедиа, Адгәыр Аутлев, Витали Кулов. Аусҭҵаара аверсиала дара рнапынҵақәа инархыҳәҳәаны амч ахархәара арҭеит.

Аицмониторинг

Роспотребнадзор ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иааны аҭыԥ аҿы амониторинг еицымҩаԥгазарц азы заанаҵтәи аилацәажәара алыршоуп.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылаҟа иусутә ныҟәараан Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Попова дылԥылеит.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори еибыҳәаны ршьаҿақәа ҟарҵалоит

Даур Ақаҩбеи Анна Поповеи реиԥылараан аҳәаанырцәынтәи аинфекциа аламгаларазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи ԥхьаҟатәи ршьаҿақәеи ирылацәажәан, иара убасгьы аԥкрақәа раԥыхразы иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә уснагӡатәқәа рыӡбахә ҳәан, Роспотребнадзор ԥхьаҟагьы аԥсуа ган абжьгаратәи аматериал-техникатәи цхыраара аҭара ишазыхиоу, акоронавирустә инфекциа адиагностиказы атест-системақәеи ареагентқәеи раагара шымҩаԥнаго азгәаҭан.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ихыркәшахеит Урыстәылеи Аԥсни рыруаа реицҽазыҟаҵарақәа.

Мҽхакыҭбаалатәи аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуан аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали. Иара убасгьы аҽазыҟаҵарақәа ирыцҵан Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы. Амотохысцәеи аҳауаҽацәыхьчаратә ҟәшақәеи, аԥшыхәцәеи, артиллеристцәеи ахыхьчаратәи ажәыларатәи усқәа аус рыдырулеит. Иааидкыланы аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 3 нызқьҩык аруааи 300 ак арратә техникеи.

Аслан Бжьаниа дырҭааит аполигон Ҵабал аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа дырҭааит аполигон Ҵабал аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны ахада, Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит, иибазгьы агәахәара инаҭеит.

Ԥхынгәы 17 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин иаалырҟьаны адҵа ҟаиҵеит Аладатәии Мраҭашәаратәии арратә округқәа разыҟаҵашьа гәаҭазарц.

Ари ауснагӡатә иалахәын х-нызқьҩык рҟынӡа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0