Илауҵаз ауп иааурыхуа, мамзаргьы аанда анылаҟәу

CC0 / / Дворец Нации. Женева.
Дворец Нации. Женева.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа аҭыԥ рықәҵаразы, аиҿцәажәарақәа ган рацәала рымҩаԥгаразы, иара убас аинраалара аҭахуп ҳәа аҿар рыбжьара изҳәо ахьцәырҵуа инамаданы лгәаанагара ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 25-26 рзы Женева имҩаԥысит "Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы" 52-тәи аиҿцәажәаратә раунд.  Арегион аҿы аҭышәынтәалара азҵаатәқәа рылацәажәаразы, еснагь еиԥш, уи иалахәын аԥсуа делегациа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Қырҭтәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа уҳәа рхаҭаранкцәа. Есқьынагьы еиԥш, аиԥылараҿы зҵаатәы хаданы иқәгылоуп "амчра ахамырхәаразы адунеижәларбжьаратә гарантиа" захьӡу ашәҟы анапаҵаҩра.

Илауҵаз ауп иааурыхуа, мамзаргьы аанда анылаҟәу

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, "еснагь еиԥш, Қырҭтәыла аганахьала иконструктивтәым азнеишьақәа ирыхҟьаны, акомпромисстә ҟазшьа змоу ашәҟәы аиқәыршәара залыршамхеит". 

Иҳанаҳәозеи ари? Сара сгәанала, Қырҭәыла "аоккупациа зызу атәыла" ҳәа излаҳахәаԥшуа ала, дара макьанагьы хықәкы хаданы ирымоуп Аԥсны аргьежьра. Аоккупациа зызу анырҳәо, ҳазхазҵаз Урыстәыла ауп изҿу хымԥада. Абасала, 29 шықәса раԥхьа иҳақәлаз аҳәынҭқарра макьанагьы агәы арҭынчырц аҭахым, еибашьрала ирылымшаргьы, "азхаҵарада аргьежьразы" захьӡу рыпрограмма аус ауеит.

Аиааира амш, мамзарагьы, аибашьра иадҳәалоу арыцхәқәа аназгәаҳҭо "ҳхьыԥшымра, ҳхақәиҭра" ҳәа ажәа дуқәа ҳҳәозаргьы, Аԥсуа ҳәынҭқарра акыр иагнажьит "азхаҵарада аргьежьра" захьӡу ақырҭуа политика гьангьаш аҿагылара. Аибашьра ааилгазар аус руеит Европатәи атәылақәа рылаԥш зху еиуеиԥшым апрограммақәа, имҩаԥыргоит аԥсуа, ауаԥс, ақырҭқәа рҿар злахәу аиԥыларақәа. Иҟоуп изыԥхьаӡо, аполитикцәа рыдагьы, ҵаҟантәи аицәажәарақәа алҵшәа аарышьҭыр алшоит ҳәа. Иара абри апандемиа аамҭазгьы, ҳара иаҳбон ҳҿар злахәу аонлаин-проектқәа.

Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2019
Аныхеи агәҭыхеи анушьҭоу, мамзаргьы ҳҳәынҭқарратә политиказы зҵаарақәак

Абарҭқәа зегьы, аԥсуа ган лҵшәа бзиак азаанамгазаргьы, ақырҭуа политика ашҳамқәа Аԥсны ишалоу уажәшьҭа ҵәахышьа амам. Акырынтә ҳалацәажәахьеит ҳтәылауаа хәаахәҭра, ҽыхәшәтәра, ма баша ԥшахьырсра, иаҳҳәап афутбол ахәаԥшразы уахь иахьцо, иҳамбаӡакәа ҳаӷацәа рполитика ҳакәнаршар шалшо. Ҳҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура абарҭ азҵатәқәа хырҩа рзыруазшәоуп ҳала ишабо, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳҿар асоциалтә ҳақәа рҿы "Аԥсны Кырҭтәыла иахәҭакуп, ақырҭқәа ҳара ҳарнаалароуп" уҳәа, еиуеиԥшым ахшыҩҵакқәеи алозунгқәеи цәырырго иахьалагаз.

Аҿар лахь раҳҭаанӡа, ишәгәаласыршәоит аабыкьа, аибашьра аветеран, абизнесуаҩ, Аԥсны ахада иабжьгаҩс иҟаз Акәын Қәраа иҳабашьуаз, аха иахьа қәҿиарала абизнес знапы алаку ақырҭуа ихьӡала аныҳәаҿа аанкыланы "апарк ихьӡ ахысҵоит" ҳәа ииҳәаз, анаҩс, Қырҭтәыла дцаны данаа аинвестициақәа уантәи Аԥсны ишалеигало уҳәа азы иҟаиҵаз аҳәамҭақәа аҭыӡшәа ду шырхылҿиааз. Изгәамԥхаз рацәаҩхеит, ҳазхазымҵац, абџьар рхы ишадмырхәо азы ашәҟәы анапаҵаҩра зҭахым Қырҭтәыла аҟынтә аԥара Аԥсны алагалара хырҳага усым азы.

Митингующие у здания Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Аҭыӡшәа зхылҿиааз аныҳәаҿа, ма ақырҭуа инвестициақәа Аԥсны

Иԥсыҽу амч (мягкая сила) рымҳәои, абри ибзианы аус шауз еилкаахеит аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ахҳәаа рзаҳуазар. Абри аҭыӡшәа аныҟала, иаҿагылоз реиԥш, иадгылозгьы ҟалеит. Аибашьра анцоз аҟыбаӡыба зхыхгаз Аӡҩыбжьа ақыҭа иаланхо ауаа рахьтә иҽеим зҳәаз дҟамлеит, уимоу, еикәаӷӷа абизнесмен идгыланы, "бааԥсыс иаҵоузеи" ҳәа ицәажәеит.

Дук хара имгакәаноуп 20 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа, аибашьра аветеран ииааӡаз лвидеоролик асоциалтә ҳаҿы ишцәырҵыз. Ариабжьарак уи аҭыԥҳа лганахь ауаажәлар ирҳәахьо азырханы, ара ианысҵом лыхьӡгьы лыжәлагьы. Араҟа аус злоу илаҳҵаз шааҳрыхуа азхәыцроуп...

Ауаҩы наӡа, аветеран Қырҭтәылатәи аинвестицақәа ааигар иамоузеи ҳәа зҳәо ҟалазар, џьашьахәыс иамоузеи ари иҟалҵаз? Аӡӷаб дахьынаԥшааԥшуа илбаз ауп еиҭалҳәо. Аветеран-абизнесмен ииҳәаз бзиоуп ҳәа амчратә партиа "Амцахра" аҳәамҭа ҟанаҵазар, аӡӷаб лвидео хәмаргаӡами?

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2020
Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны

Зыӡбахә ҳамоу авидеоролик анҵәырҵ, амчратә структурақәа иаҳдырбеит рымч, рылша шыҳараку. Лабгьы ларгьы наганы, асиужет ҭыхны ажәлар ирыдыргалеит "арҵаратә еицәажәара" шыҟарҵаз азы. Сгәанала, аветеран изымааӡаз иԥҳагьы иаргьы рҿы "аанда лаҟәуп", партиак иалам азоуп, ицәырганы ауаа изаҳдырбазгьы.

Даҽа ганкахьала, аибашьра сахысит зҳәо аб иԥҳа даныиааӡоз Аԥсны Қырҭтәыла шакәым ахьлеилимыркааз рыцҳароуп, дыззеибашьыз ихашҭзар акәхап. Ари ахҭыс шџьаҳшьоз, Instagram аҿы уажәшьҭа 30 шықәса ирҭысхьоу аблогерша "ҳарнаалароуп ақырҭқәа" ҳәа аефир мҩаԥылгеит. Уи илыжәлеит ари згәы ԥнажәоз. Анаҩс, аблогерша ианылхит лвидео.

Абарҭқәа зегьы иаадырԥшуеит, ҵыԥх ҳазхыԥоз сынтәа ҳаҵсуа ҳшалагаз. Аиҳабацәа иҟарҵо агхақәа аҿар ирныԥшуеит. Аԥсны иҟоуп еиуеиԥшым аветерантә еиҿкаарақәа, аха еицҿакны, макьаназы стратегиак рызцәырымгеит ақырҭуа политика аганахьала. Аҵаратә системагьы абҩарақәа ааԥшуа иалагеит, абас ихәыцуа аҿар цәырҵызар. Издыруада, Аԥсны аҭоурых ишахәҭоу идҳмырҵозар, издыруада ҳаибашьра зыхҟьаз, ишалагаз, ишынҵәаз иахьынӡахәҭоу иаҳзымҳәозар?

Икону, подаренную грузинскими политиками Илорскому храму, вывезли в Гал для последующей ее передачи грузинской стороне - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2020
Аныхачаԥеи аполитикеи, мамзаргьы ақырҭуа зҵаатәаҿы аԥсуаа хҭак ианеицҭадмыршәуа

Сара аҵара сҵон асовет аамҭазы. Афашисттә Германиа атема анҳамамыз ыҟамызт. Ихәыҷымкәа идухахьада, аха схаҿгьы исзаагом санхәыҷыз "Гитлер ир иҟарҵаз бзиоуп" ҳәа схәыцуаны.

Ҳаиҭазыхынҳәроуп ҳҭоурых, уи узымдыркәан уаҵәтәи амш аԥеиԥш узалацәажәом. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ҳаибашьра аветеранцәа ҿыгәӷәала ирҳәароуп иҳауоу дарбану, макьанагьы иҳаӷоу дазусҭоу атәы. 52-тәи Женеватәи аиԥылара ахыркәшашьа иҳанаҳәо рацәоуп, ҳазхәыцыр ҳҭахызар. Женеватәи аиԥылараҿы аԥсуа ган агәҭынчымра шацу рҳәеит "Қырҭтәылеи НАТОи арратә усқәа рзы русеицура. Қырҭтәыла арратә мчқәа рырӷәӷәара даҽазныкгьы ишәарҭоу ацәаҳәахьы ҳнанагар шалшо".

Қырҭтәыла бџьарла аҽырӷәӷәара ишаҿу имаӡам усуп, убри аҟынтә ҳара ҳзызхәыцша, аимабзиара ахьҳамоу Урыстәылеи ҳареи арратә стратегиатә усқәа ахьҳарӷәӷәашоуп. Ҳаӷа дыцәаӡам, абри ҳдыруазароуп еснагь…

P.S: Сыҩтәы ҩны саалгоны, асоциалтә ҳа Facebook аасыртызар, иаразнак сылаԥш иааҵашәеит амцҳәара амш мшаԥы аказы ииз Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер Қарҭ иирамш азгәеиҭарц дахьцаз апикет шидҟарҵалаз. Ақырҭқәа асаcдкылара захьӡу, иԥхашьароуп ас аныҟәара захьӡу рхашҭхьазар акәхап, ажурналист дзыҩназ асасааирҭа аԥхьа ауаа еизаны ауаҟьанчаҟьанбжьы ықәдырҩит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Аслан Бжьаниа Владимир Познер ареспубликахь дааиԥхьеит

Дзыхдырҟьо  2017 шықәсазы "Познер" захьӡу идырраҭараҿы қырҭтәылатәи ателеканал "Имеди" аинтервиу анеиҭоз ииҳәаз ауп: "Аԥсны саныҟаз сара игәасҭахьан аԥсуааи ақырҭқәеи реизыҟазаашьа шыбзиамыз, ақырҭқәа аԥсуаа аҩбатәи асорт иатәу милаҭны ишырбоз". Иара убас иара усҟан иҳәеит 2008 шықәсазы аурысқәеи ақырҭқәеи реидыслара "Саакашвили иоуп изхароу" ҳәа. Сынтәа Познер иирамш азгәаҭаразы Қарҭҟа даннеи, абарҭқәа игәаладыршәеит, дара ишырҟазшьоу еиԥш, аполитика аалырхын, аԥсуаа даҳхырҟьаны атрышә иасит. Ари збаз аԥсуаа Познер Аԥсныҟа ааԥхьара ирҭеит еивасны.

Аиашазы, ишԥасҭаху бзиа избо ажурналист ишьапы ҳара ҳтәыла иалаиргылар, аҭыԥантәи ауаа дырԥылар.

Ажәабжьқәа зегьы
0