Sputnik амчыбжь: Пицунда ахысра, COVID-19 алаҵәара, аенергетиказ аилацәажәара

© Sputnik Патрульные машины МВД Абхазии
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иналукааша ахҭысқәа есымчыбжьтәи рыхҳәаа ҟанаҵоит.

Амчыбжь алагамҭаз шәарҭарак ыҟаӡамызт. Амҽыша ауха  Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥган аҭыԥҳацәеи аҳәсеи рыбжьара аԥшӡараз аиндаҭлара "Мисс и Миссис Россия Земля 2021" аихшьаала. Иара убасгьы  ареспублика исасны иаҭан гәыҳалалратә миссиала арахь иааз Урыстәыла Жәлар рартист Николаи Баскови аԥқьаҭасразы аолимпиатә чемпионка Анастасиа Мыскинеи. Аха арҭ агәахәарақәа хнаҽит Пицунда иҟалаз ахҭыс бааԥс – аҭыԥантәи ауаҩԥсы атуристцәа дахьыриеихсыз. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Афымцамчхара ахархәара ҳаракхеит

ЕгрыГЕС аремонт азы иаанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Планла аусурақәа хыркәшахар акәын мшаԥы 30 лаҵара 1 руха, аха аамҭа иаԥыганы аремонттә усурақәа нагӡаны аусура еиҭахацнаркит мшаԥы 26 азы.

Рашәара 14 асааҭ 13.00 азы ЕгрыГЕС агенераторқәа аангылеит, уи иахҟьаны фымцалашарада иаанханы иҟан Гал, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа, иара убас Аҟәеи Гагреи араионқәа рыхәҭақәа. Уи зыхҟьаз афымцамчхара аҳаракроуп ҳәа азгәарҭеит аҟазауаа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит рашәара 16 рзы аенергетика азҵаарақәа ирызкны. Аенергетика аусхк аекономикатә ган ала иӡбатәуп, аполитикатә акәымкәа ҳәа иҳәеит атәыла ахада.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Бжьаниа: аенергетика аусхк аекономикатә ганахьала аӡбара аҭахуп

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилацәажәараҿ еиҭалҳәеит лаҵареи рашәареи амзақәа рыҩнуҵҟа афымцамчхархәара 29% рыла ишазҳаз. 2020 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазаргьы, ахархәара 267 млн квт/сааҭ рыла еиҳауп.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамчхара аиагара атәы ҳәо, аекономика аминистр иазгәалҭеит иахьазы ауал абжак шшәоу, иаанханы иҟоу 352 миллион мааҭ аагарҭа ахыҵхырҭақәагьы шыԥшаау.

Апроблема аӡбашьа авариантк акәны далацәажәеит аԥкрақәа ралагалареи акриптовалиута аиуразы закәаншьаҭада афымцамч ахархәара аҿагылареи.

Акриптовалиута аиура аҿагыларазы азакәан арӷәӷәарақәа ралагалара шьаҭас иҟаҵаны аӡбарҭақәа рахь инашьҭуп 51 ус, урҭ рҟынтәи 26 рганахьала ахараԥса 1,4 миллион мааҭ ашәаразы аӡбара рыдкылоуп ҳәа лҳәеит Озган.

Аилацәажәара алахәылацәа ҷыдала ирзааҭгылеит акриптовалиута аиуразы закәаншьаҭада афымцамчхара аҽаԥшьра аҿагылара азҵаарақәа. Амаининг аҿагылара апроблемақәа иреиуаны аӡбахә ҳәоуп ахархәагақәа иаркыз афермақәа рҟынтәи ахатәыҩнқәа рахь иахьиарго, уи ишаруадаҩуа дара раарԥшра.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Аԥсны ауааԥсыра ирылырго амаинирқәа реизгарҭа аартуп

Рашәара 17 рзы Аҟәа имҩаԥысит атәыла анапхгара инарҭбаау аилатәара, уа ҷыдала иазааҭгылан акриптовалиута аиуразы изакәанымкәа афымцамчцәаҳәақәа рҽаԥшьра аҿагыларазы аусмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәара азҵаара. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Нарманиа, Аслан Бжьаниа изҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәеит акриптовалиута аиуразы амаругақәа ауааԥсыра ирымырхуазҭгьы, амаининг аҿагылара иахәон.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иара убас еиҿнакааит ауааԥсыра ирылырго амаинирқәа реизгарҭа.

Аҵәахырҭа уахи-ҽни ахылаԥшра арҭоит Аԥсны ААР ахатәыхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Ахыбра еиқәыршәоуп иҷыдоу асахьа рбагақәа рыла. 

Пицунда ахысра

Ацәгьоура ҟалеит апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы.

Урыстәыла атәылауаа Александр Филоиани Тимур Салимгариеви Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥеи ажәақәа анеимарк ашьҭахь, иара аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.

Ахысра ҟазҵаз Дмитри Ԥлиа ихаҭа ибрыз ахы иаахеит.

Суд над Дмитрием Пилия в Гулрыпшском госпитале - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Пицунда атуристцәа иреихсуаз ауаҩы ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп

Рашәара 16 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Дмитри Ԥлиа ҩымз дырбаандаҩызарц аӡбамҭа аднакылеит. Иара Гәылрыԥшьтәи агоспиталь дҭоуп. Иҭагылазаашьа иахҟьаны аӡбарҭа азал ахь дахьзымнеиуаз азы аӡбарҭатә еилатәара мҩаԥган Гәылрыԥшьтәи агоспиталь аҿы.

Рашәара 17 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба шәачатәи ахәышәтәырҭаҿы днеины Пицунда изеихсыз атуристцәа ргәабзиара дазҵаауан.

Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит аԥснытәи аган ахьӡала иахәҭоу ацхыраара шыҟаҵахо. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ахҭыс атәыла ахада ҷыдала ахылаԥшра шеиҭо.

Аԥсны ААР Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭит закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз ахәҭаҷ арӷәӷәаразы апроект "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы".

Атуристцәа рыԥшаара

Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов ашьхараҿы дыӡит лаҵара 12 рзы, Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ имҩаԥыргаз аԥшаарақәа макьана илҵшәадоуп.

Горы Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Урыстәылатәи атурист дыҟазар ахьалшо аҭыԥқәа аамҭа-аамҭала вертолиотла ирхаԥраауеит

Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵоит. Изныкымкәа Гәымсҭа ахы ахьыҵнахуанӡа иҟоу аҵакыра, аӡиас Бзыԥ аладатәи акаҵәарақәа, Кьалашәыр амшын алаларҭаҟынӡа вертолиотла ирхыԥраахьеит.

Урыстәылатәи атуристка Дариа Манасова аӡиас Иаӷьа далаҳаит амҽыша рашәара 6 рзы. Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәеи Гагратәии Гәдоуҭатәии аиқәырхаҩцәеи аӡы иагаз атуристка лыԥшаара иацырҵоит.

"Уажәы асқәа ԥсасиуеит, аӡы уи иахҟьаны аҽышьҭнахуеит. Уи адагьы аӡы хәышьуп, аԥшаарақәа аруадаҩуеит. Аӡы лаҟәаанӡа аԥшаарақәа алҵшәа рмоур ҟалоит", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Рашәара 17 азы Гагра дӡааҟәрылеит аԥсшьаҩы Михаил Нестеров. Иара макьанагь иԥсыбаҩ ԥшаам.

Акоронавирус алаҵәара

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зыхьхьо рхыԥхьаӡара 16259-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ рҟынтәи 15217-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.

Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьеит, ачымазара змоу рхыԥхьаӡара иацлеит ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Лабораторная работа в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Алаборатортә усура: РУСДРАМ аҿы апроект ҿыц аус адулара иалагеит

"Аковидтә центрқәа ирыцҵатәхоит, аҩнтәи аҽыхәышәтәра иашам. Раԥхьатәи ачымазара аҟазшьақәа рҽанцәырырга инаркны амедусзуҩцәа рахь инеитәуп. Ачарақәа, амассатә уснагӡатәқәа рахь анеирақәа рыҽрыцәхьактәуп. Ахыбра аҩнуҵҟа асабрадақәа ныҟәгалатәуп, адистанциа иқәныҟәалатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьара зыхҟьо абжьгарақәа уаҩ дахьрықәымныҟәо ауп ҳәа.

Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит ииасыз амчыбжь инаркны ареспублика зегьы аиԥш аҳҭнықалақь аҿгьы ачымазара шырацәахаз.

COVID-19 змоу рыбжьара имаҷым ахәыҷқәагьы. Убри инадҳәаланы ақалақьтә балқәа рзин ҟаҵам.

Ауаажәларратә палата ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит авирус рҽацәырыхьчаларц, алаҵаҟаҵара иахысырц.

Рашәара  16 азы Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аделегациа идикылеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Министр здравоохранения Эдуард Бутба встретился с представителями Всемирной организации здравоохранения - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аделегациа Аԥсны иаҭааит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) ахаҭарнакцәа рделегациа Аԥсныҟа иааит агуманитартәи аконсультативтәи цхыраара аҟаҵаразы.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ВОЗ ахаҭарнак Силву Доманте далацәажәеит аиҿкаара Аԥсны имҩаԥнаго аусура атәы.

Иара иазгәеиҭеит ииасыз ашықәс азы ВОЗ ахаҭарнакцәа Аԥсны агәабзиарахьчаратә система COVID-19 аҿагылара иахьынӡазыхиоу ахәшьара шарҭаз, абжьгарақәа шымҩаԥнагаз.

Доманте иара убасгьы иҳәеит иаҳхысыз амчыбжь азы гуманитартә цхыраарак аҳасабала Аԥсныҟа ишаагаз ПЦР-лабораториақәа ҩба рзы амыругақәа, ахәышәтәырҭақәа ааба рзы – ахаҭалатә хыхьчагақәа.

"Иахьазы ҳҟазауаа аконсультативтә цхыраара мҩаԥыргоит Гагреи Очамчыреи рҟны ПЦР-лабораториақәа хархәагала реиҿкааразы", - иҳәоит Силву Доманте.

Ареспублика араионқәа быжьба рҿы COVID-19 аҟынтәи ацәеижьҿагылақәа ауаа рцәа иалоу иаламу гәарҭон.

В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Аԥсны ауааԥсыра риммунтә статус шьақәыргылоуп

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциахь риммунтә статус 24% ыҟоуп ихымԥадатәиу 80% рцынхәрас ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Sputnik аинтервиу аҭо.

Иахәҭоу апроцент ҟаларц азы 60 000-ҩык алаҵа ҟарҵароуп.

Аԥсны  коронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 3580-ҩык.

Ахада инапаҵаҩра

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан. Адокумент кьыԥхьуп Ахада ифициалтә саит аҟны.

Человек с ручкой - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Бжьаниа инапы аҵеиҩит ачынуааи адепутатцәеи рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан

Азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы рашәара 9 рзы. "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуоит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.

Аслан Бжьаниа иара убасгьы аусдҵа инапы аҵеиҩит  Ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩыс ҳәа Мактина Џьынџьалԥҳа лыҟаҵара. Лара акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 2018 шықәса раахыс напхгара азылуеит.

Атуризми ахьчареи

Амшын еиқәа аԥшаҳәа аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуп, абри атәы лҳәеит агазеҭ "Известия" аинтервиу азҭаз атуризм азы Афедералтә маҵзура (Ростуризм) аиҳабы Зарина Догузова.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Росстуризм ахада: Амшын еиқәа аԥшаҳәа аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуп

2021 шықәсазы Аԥсны миллионки бжаки аԥсшьаҩцәа ирзыԥшуп. Лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан 150 000-ҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит. Уаанӡа атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәахьан 2030 шықәсазы х-миллионк атуристцәа рыдкылара алыршаразы 60 000 иара-ҭыԥ аарттәуп ҳәа.

Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәеи асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи, аковид-уснагӡатәқәа ишрықәныҟәо аилкааразы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа еицгәарҭеит.

Аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа ргәаҭараан асанитар-епидемиологиатә аԥҟарақәеи COVID-19 аламырҵәаразы абжьгарақәа ишрықәныҟәои иацклаԥшуеит.

Акриминалтә жәабжьқәа

Рашәара 17 азыГәдоуҭа араион Приморское ақыҭан инхо Гочуа Санард Гиви-иԥа, 1991 шықәсазы ииз, Аԥсны ААР УКОН аусзуҩцәа дааныркылеит аоперативтә информациа аус адулараан, Бармышь ақыҭатәи абнараҿы.

Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Аметадон цәыҵаҵәахны ишьҭазҵоз ауаҩԥсы даанкылоуп Аԥсны

УКОН аусзуҩцәа уахи-ҽни анаркотикқәа шьҭарҵар ахьалшоз аҭыԥқәа рмониторинг мҩаԥыргон. Рашәара 7 рызтәи аоперативтә уснагӡатәқәа раан даанкылан Гочуа Санард Гиви-иԥа, агеолокациа аниоулак ашьҭахь аҭиразы анаркотикқәа рпартиа ду аҵәахырҭаҟынтә ицәырызгоз.

Ашьаус аматериалқәа рыла Гочуа, Telegram ахархәарала ишьақәыргылам ахаҿы диҿцәажәон Аԥсны аҵакыраҿы анаркотикқәа рышьҭаҵаразы. Анаркотикатә маҭәашьар, аметадон агеолокациа акоординатқәа зауз Гочуа иарбаз аҭыԥ аҿы амилициа дааныркылеит.

Санард Гочуа иганахьала ашьаус хацыркуп "анаркотикатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада раахәареи рыҭиреи уаанӡатәи еицәажәарыла гәыԥҩык ахаҿқәа имҩаԥыргаз" ахәҭаҷ ала.

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа асабрадақәа рҿаҵаны, абџьар ахархәарала идырҳәит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы.

Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
"Амра-банк" аофисцҵа арҳәра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы даанкылоуп

Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналаны 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.

Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь ААР ашьаусԥшааратә усбарҭа аҟәша аусзуҩцәеи дааныркылеит абри аус аганахь ала уаанӡа изышьҭаз Артур Ӷәынџьиа.

Ӷәынџьиа иԥшаара рылаҳәан мшаԥы 20 азы. Иара даанкылан аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан, Аҟәа ақалақь ААР аамҭалатәи аанкыларҭахь днаган.

Хәажәкырамза 13 азы "Амра-банк" аофисцҵа арҳәра иалахәуп ҳәа агәызҩарала иаанкылан Алхас Кәыҵниеи Асҭамур Быҭәбеи. Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәеи ацәгьоуцәа раанкылареи мҩаԥыргеит Аԥсны ААРи Аҟәа ақалақь ААР-и ашьаусԥшааратә усбарҭа аҟәшақәа русзуҩцәа.

Асасцәа дахьқәа

Урыстәыла Жәлар рартист, аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ахаҭарнак Николаи Басков асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" алахәылацәа реизараҟны дықәгылеит, рашәара 15 рзы, Аҟәа.

Николай Басков  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Николаи Басков Аҟәа дықәгылеит

"Иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Атәыла ахада исиҭаз ааԥхьаразы. Раԥхьаӡа акәны саҭааит ас еиԥш иԥшӡоу, иԥхоу, абзиабареи, асасдкылареи, атрадициақәеи заԥхьа изыргыло ауаа ахьынхо атәыла", - иҳәеит Николаи Басков.

Ашәаҳәаҩ атәыла ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит анасыԥи ашәҭыкакаҷреи.

"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала исылшо зегьы ҟасҵоит ателеканал "Россия 1" аҟны имҩаԥызго сдырраҭара "Ну-ка все вместе" аҟны Аԥснытәи ахаҭарнак далахәызарц", - иҳәеит Басков.

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Николаи Басков ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.

Урыстәыла аԥкьаҭасразы Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Мыскина аҟазара-класс мҩаԥылгеит рашәара 15 азы.

Анастасия Мыскина провела мастер-класс в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
"Roland-Garros ара иҟоуп": Анастасиа Мыскина аҟазара-класс мҩаԥылгеит Аԥсны

Анастасиа Мыскина – урыстәылатәи аԥкьаҭасыҩ, азыҟаҵаҩ, аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи атурнирқәа жәпакы рҟны аиааира згахьоу, Урыстәыла Аԥкаьҭасразы афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ.

Мыскина еиҭалҳәеит Аԥсны аӡбахә акырынтә ишлаҳахьаз, аха дшымаацыз.

"Ара ишыԥшӡараз саҳахьан. Санаауаз зегь сыҵашьыцуан. Иахьа агәра згеит исаҳахьаз зегь шиашаз. Акортқәа ссируп, Roland-Garros (аԥқьаҭасразы Франциа ачемпионат – аред.) ара иҟоуп", - лҳәеит лара.

Мыскина аспортсменцәа ҿарацәа атехникатә маӡақәа длырбеит.

Атеатртә ԥхьарбареи арежиссиортә лабораториеи

Аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" аԥхьарбара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы рашәара 15 рзы.

Аҭакәажә дышԥақәаагари: аспектакль Акыр иаԥсоу Памела апремиера - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Аҭакәажә дышԥақәаагари: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" апремиера

"Акыр иаԥсоу Памела" режиссиорс дамоуп Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Адрамтеатр арежиссиор Адгәыр Ақаҩба. Аспектакль аҿы ихәмаруеит Аԥсуа театр актиорцәа рабиԥарақәа хԥа: Виолетта Маан, Маиа Џьыкырба, Лаврик Ахба, Адгәыр Малиа, Гарри Аџьынџьал, Лана Џьапуаԥҳа, Гәдиса Ҭодуа.

РУСДРАМ аҿы арежиссиортә лабораториа "Сандро" аус адулара иалагеит Фазиль Искандер ифестиваль "Ауаҩ игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Афестиваль алахәхаразы иааԥхьоуп ԥшьҩык арежиссиорцәа, ГИТИСи Шьчукинтәи аҵараиурҭеи роушьҭымҭацәа: Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина (ГИТИС), Антон Корнилов (Шьчукинтәи аҵараиурҭа).

Арежиссиорцәа иалырхит "Сандро Чегьемтәи" ахқәа ԥшьба: Харлампои Деспинеи", "Ҳабыгә игәыжь ажәабжь", "Ахәмарыҩцәа" , "Ахаҵа –афырхы ма Чегьемтәи апушкиндырыҩ" .

Аусумҭақәа дырбахоит рашәара 21 рзы.

Индаҭлаҩ дымнеит

Еилаԥсоу ақәԥара GMC азы Германиа ачемпион Кораи Џьенгиз (Ацыгәба) рашәара 17 азы Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз MMA World Mix Fight ачемпионат аҿы аиааира игеит.

Кораи ицықәгылоз ақырҭуа спортсмен Важьа Маҷарашьвили ачемпионат алагара минуҭқәак шагыз ақәгылара мап ацәикит.

Ажәабжьқәа зегьы
0