Апансионат "Самшитовая роща" аҿы аԥсшьаҩцәа ирылахысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы ахысра аҭыԥ шамаз азы Пицундатәи амилициа аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеииз аопергәыԥ ишьақәдыргылеит ацәгьоура зуыз Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа, 1978 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо шиакәу. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

© Foto / Facebook/Милиция АбхазииԤлиа Дмитри Виктор-иԥа
Апансионат Самшитовая роща аҿы аԥсшьаҩцәа ирылахысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа

Ахҭыс ҟалеит Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы аресторан "Аԥсны" аҟны.

Аԥсны ААР адыррақәа рыла Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д.В. ажәақәа анеимарк ашьҭахь Ԥлиа актәи ишьапҳәырӡыӡи ишьамхи дыреихсит, аҩбатәи – фынтә иармашьапи игәчамахи дыреихсит.

Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.
Ахысра ҟазҵаз ихаҭа ибрыз ахы иаахеит.

Ԥлиа изныкымкәа еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәрақәа идырҵахьан. Уажәы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп.

Ахҭыс азы аматериал еизыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0