Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Бжьаниа имҩаԥигаз агәаҭарақәеи афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәареи

© Sputnik / Томас Тхайцук Ремонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еснагь аиԥш иазнархиеит амчыбжь аҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа иалкаахаз рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа дырҭааит, аԥсшьарамш азы акәзар, иколлегацәа аҳәынҭқарратә дачахь инеиԥхьеит аспорт иадиԥхьаларц. Арҭи егьырҭ ахҭысқәеи шәырԥхьар шәылшоит Sputnik аихшьаалаҿы.

Аҳәынҭқарра ахада Тҟәарчал даҭааит

Абҵара 8 азы Аԥсны ахада Тҟәарчал араион аргыларақәа дырҭааит. Иара днеины ибеит араионтә хәшәтәырҭаҿ аусурақәа шымҩаԥысуа. Иара убас, араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аслан Бжьаниа ашәахьаҽны Тҟәарчал имҩаԥигаз аусутә еилацәажәараҿ дазыӡырҩит ашықәс жәымз рыҩныҵҟа абиуџьет анагӡареи ашәахтәқәа ралагалареи рзы аҳасабырба.
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Аԥсны
Бжьаниа иарҳәеит Тҟәарчал араион абиуџьет шынагӡахази ашәахтәқәа шалагалахази ртәы
Тҟәарчал араион 2021 шықәсазы аҭыԥантәи абиуџьет алагалақәа 114,9 процент рыла инагӡоуп. Планла 14 миллион мааҭ ахьыҟаз аҭыԥ аҿы 16 миллион мааҭ аланагалеит. 49 процент рыла инагӡоуп ахашәалатә шәахтәқәа, 115 процент рыла – ахашәалатә шәахтә, 62 процент рыла – адгьыл азы ашәахтә, 117 процент рыла – амазараз ашәахтә.
Планла 120 000 мааҭ ахьарбаз аҭыԥантәи абиуџьет иаланагалеит 15 000 мааҭ аҳәынҭбаџь.
Аҭыԥантәи абиуџьет аныхрақәа 92,9 процент рыла инагӡоуп. Планла 132 миллион мааҭ ахьарбаз иныхуп 122 миллион мааҭ. Ачымазцәа, аинвалидцәа, зылшара ԥку рыцхыраараз иазоужьуп 705 нызқьмааҭ.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Аԥсны
Аԥсны ААР Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы: араион аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа еицәахеит
Тҟәарчалтәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша аиҳабы Арсен Биџьев акриминогентә ҭагылазаашьазы аҳасабырба ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа.
Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалаз 23 шьаус рахьынтәи 16 аарԥшуп. 2020 шықәса иара абри аамҭазы иазгәаҭан ацәгьоурақәа 10, иаарԥшын 4. Биџьев иазгәеиҭеит акриминогентә ҭагылазаашьа еицәахеит ҳәа, аха убри аан сынтәа ара зхыԥхьаӡара рацәахаз атуристцәа рганахь ала цәгьоурак шазгәаҭамыз.
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион ахь аинвистициақәа радыԥхьаларазы иҟоу аԥеиԥшқәа дырзааҭгылеит. Иара иҳәеит ишыҟоу аинвесторцәа – Тҟәарчал арацәа ацхра аинтерес змоу.
"Аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит, сгәы иаанагоит мызқәак аҭаххоит ҳәа ари аус нап алаҳкуоу иалаҳамкуоу аилыргаразы", - иҳәеит Бжьаниа арацәа аҵхра азҵаара дазааҭгыло.

Гәдоуҭатәи агәаҭарақәа

Абҵара 10 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион даҭааит.
Араион актив рԥылараан Аҳәынҭқарра ахада ақыҭақәа рхадацәа ирыдиҵеит афымцалашараз ашәахтә аизгара шьҭырхырц. Бжьаниа иҳәеит знапынҵақәа ззынамыгӡо ауаа русура иамххоит ҳәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион ахадараҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилацәажәараҿы иазгәеиҭеит аԥсабаратә рыцҳара 365-ҩык аԥхасҭа шырнаҭаз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра азҵаара лассы ишӡбахо.
Ветер сорвал крыши с частных домов в Гудауте   - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2021
Аԥсны
Бжьаниа Гәдоуҭа араион аҿы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра атәы далацәажәеит
Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит ашықәс иалагазар араион абиуџьет анагӡашьа атәы – иҳәеит абиуџьет шынагӡоу 121% рыла. Планла 370 миллион мааҭ аланагалараны иахьыҟаз иалагалоуп 447 миллион мааҭ.
Иара убас, Боџьгәуа Гәдоуҭа араион акриминогентә ҭагылазаашьа далацәажәеит.
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2021
Аԥсны
Бжьаниа Гәдоуҭа араион аҿы Аинвестпрограммала имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа гәеиҭеит

Очамчыраҟа Ахада инеира

Абҵара 12 азы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион даҭааит. Ибеит амҩаду хада Аҟәа –Очамчыра арлашаразы аусурақәа рцашьа, Кындыӷ ақыҭаҿы иҟоу ауыҭраҭыхааӡарҭа аҭагылазаашьа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит, днеины ибеит Очамчыра ақалқь ахәыҷбаҳча иагу-иабзоу.
Президент посетил Кындыгское тепличное хозяйство Кындыг-Агро - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Кындыӷтәи ауҭраҭыхааӡарҭа даҭааит
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аҳасабырба ҟаиҵеит атәыла ахада иҿаԥхьа.
2021 шықәса жәамз рыла араион иахашәалеит 56 миллион мааҭ, аплан нагӡоуп 49 процент рыла. 2020 шықәсазы 64 процент рыла инагӡан. Сынтәа ашәахтәқәа раҳасаб ала абиуџьет иаланагалеит 101 миллион мааҭ, планла 115 миллион ахьыҟаз.
Апандемиа ҟалазар Очамчыратәи ахәшәтәырҭахь идҵаалахьеит 11784-ҩык, ачымазара рыдбалоуп 3654-ҩык. Алаҵа рзыҟаҵоуп 714-ҩык.
Ишеилкаахаз ала сынтәатәи ашықәс азы аҽаҩра еиҳа имаҷуп ииасыз ашықәс иаҿурԥшуазар. Убас, 2021 шықәсазы аџьырқәреи лаҵан 1840 гектар рҿы, еизган 5470 тонна. Ари ҵыԥх аасҭа 2630 тонна рыла еиҵоуп.
1400 тонна араса еизгоуп 2150 гектар рҟынтәи. Ари 350 тонна рыла еиҵоуп 2020 шықәсазы аасҭа. Сынтәа ацитрустә ҽаҩра 1000 тоннак ҟалап ҳәа иазыԥшуп. 2020шықәсазы атәыла иалган 2700 тонна.
Проблемы с орехом - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Очамчыра араион аҟны ирҳәеит 2021 шықәсазы аҽаҩра маҷхеит ҳәа
Очамчыра араион амилициа реиҳабы Ахра Чагәаа аиԥылараҟны азинеиҿкааратә ҭагылазаашьа далацәажәеит. 2021 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 47 цәгьоура, ииасыз ашықәс азы - 41.
Чагәаа иазгәеиҭеит анаркотикатә маҭәашьарқәеи абџьари рымхра ишацлаз, ақәыларақәеи арҳәрақәеи еиҳа ишмаҷхаз.
Чагәаа иҳәеит ашықәс иалагазар акриптовалиута арҳаразы 6177 аппарат шаҿыху. Аҵәахырҭақәа рахь иқәганы инагоуп 1000 аппарат.

COVID-19 азы аҭагылазаашьа

Аԥсны аҿкчымазаразы атагылазаашьа шыҟац иаанхоит ҳәа азгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Ахәыҷқәа рыбжьара акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵахеит.
Лечение детей с COVID-19 в ГБУЗ ДГКБ им. З.А. Башляевой - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит ахәҷтәы хәшәтәырҭа иадҵаало шырацәахаз
Иара убас , Быҭәба иазгәеиҭеит аҵәыцәри азы Аԥсны ауадаҩрақәа шыҟоу. Аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит ачымазцәа зыда ԥсыхәа рымам аҵәыҵәри рыгмыжьразы. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа уахыки-ҽнаки рыла 650 баллон аҵәыҵәри нырхоит.
Убри аҟнытә аахәара аҟны ауадаҩрақәа ыҟоуп. аҵыхәтәантәи аамҭазы аҵәыҵәри Аԥсныҟа иааргоит Азовнтәи.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит, ф-нызқь лаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа инықәырԥшны иуҳәозар, абҵарамза 15 рзы иаараны иҟоуп ҳәа.
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Аԥсны
Быҭәба Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы далацәажәоит Аԥсны хәшәла аиқәыршәара

Апарламент аҿы ахысра?

Амилициаа рдыррақәа рыла, абҵара 11 Аԥсны апарламент аҿаԥхьа 17:50 рзы, Жәлар реизара адепутат Валери Агрба, адепутатцәа Гарри Кокаиа, Алмасхан Арӡынба, Гиви Кәарҷиа рыгәҭа ажәҩан ахь хынтә тапанчала дхысит.
Адепутат Валери Агрба апресс-конференциа мҩаԥигеит, Апарламент аҿаԥхьа иҟаз ахысра далахәуп ҳәа азинхьчаратә усбарҭақәа иҟарҵаз аҳәамҭа инамаданы. Валери Агрба иҳәеит абҵара 11 рзы Аҟәа аҭыԥ змаз ахысра дшалахәымыз, иара аӡәгьы ишиаимҳәаз иганахь ала апроцессуалтә гәаҭарақәа шымҩаԥысуа.
Агрба иҳәеит уи амш азы Апарламент аҿы дшыҟаз. Апарламент аиҳаби иареи аусутә зҵаарақәа ишрылацәажәоз. Уантә данцоз ахысыбжьқәа иаҳаит, аха ихысуаз дшизымдыруа иҳәеит.
Депутат Валерий Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Жәлар реизара адепутат Валери Агрба Апарламент аҿаԥхьа иҟаз ахысра дшалахәымыз атәы иҳәеит

Аҳәынҭқарра хада ашьыжь ицаԥылара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 13 ишьыжь алагеит аныҟәарала. Иара имш ицаԥылеит гәыԥҩык аминистрцәа.
Ахада шьыжьнаҵы ицныҟәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа, Аекономика аминистр Кристина Озган, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Џьансыхә Нанба, Акультура аминистр Гудиса Агрба, Аҵара аминистр Инал Габлиа, Аиустициа аминистр Анри Барцыц, Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа.
Ахада аҭаалым ицҟаҵара: Аԥснытәи аминистрцәа асабшатәи рышьыжь шалагаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Ахада аҭаалым ицҟаҵара: Аԥснытәи аминистрцәа асабшатәи рышьыжь шалагаз
Ахада иҳәеит есшьыжьы, асааҭ 7:00 рзы аҭаалым шыҟаиҵо, дышныҟәо, аԥхын амшын дышҭало. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, игәабзиара иаԥырхагоу ашьццылара бааԥсқәа шимам, аҭаҭын дшамхо арыжәтә џьбара иҽшадимцало.

Афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара

Абҵарамза 11 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит афымцацәаҳәа "Аҽгәара" иақәу ақәыӷәӷәара еизҳар, аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагоит ҳәа.
Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч"анџьныр хада Ҭемыр Кациа Аԥсуа телехәаԥшраҿы иҳәахьан, афымцацәаҳәақәа ирымоу ақәыӷәӷәара ахьызҳауа иахҟьаны ишырзышьҭымхуа атәы.
Абҵарамза 12 инаркны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аларгалеит.
Абҵара 14 инаркны зымчхара ҳараку афымцацәаҳәа "Шьешьелеҭ-1" иамоу ақәыӷәӷәара иахҟьаны, аамҭала иалагалоуп аԥкрақәа.
ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" аԥкра ҿыцқәа аланагалеит "Шьешьелеҭ-1" аҟынтәи алашара зауа рзы

"Нарҭ" - Аԥсны иачемпионхеит

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 21-тәи атур аҿы еиԥылеит гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи". Аиааира агеит аҳҭнықалақь акоманда.
Сухумский Нарт стал чемпионом Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Аԥсны
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит
Аихшьаалақәа рыла ахԥатәи аҭыԥ агеит "Гагра".

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит

Аҟәа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа амҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ԥхынҷкәын агәазы.
Аҟәатәи амҩақәа хԥа рыҟны аӡымҩангагақәа ԥсахны, ацрыҵӡқәа рцарҭақәа ҟаҵаны акаҭран рықәырҵеит амҩеихысырҭақәа Џьонуа-Лакобеи Абазақәа-Лакобеи рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0