Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа гәы зызҭоу абырзен: Калдахәаратәи ашкол-интернат аиҳабы Дмитри Пасхалов изкны

© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны, амилаҭ рацәа аӡәыкны еидызкыло ҳәынҭқарроуп. Имаҷҩым жәытә аахыс иҳаланхо, аԥсуа жәла рхымзаргьы, уажәшьҭа милаҭла иаԥсыуаны атәылауаҩшәҟәы аҟны иарбоу ахаҿқәа. Урҭ шәышықәса рыҩнуҵҟа аԥсуаа ирылаӡҩеит, абызшәа рҳәоит, аҵас, ақьабз ныҟәыргоит. Иахьа иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп Османтәи аимпериа аҟынтәи здацқәа аауа, Аԥсны ииз, иааӡаз, "сара саԥсыуоуп" ҳәа ҳауаажәлар ирылагылоу, аԥсадгьыл азы зџьабаа ӷәӷәоу, иахьа Калдахәаратәи аинтернат аиҳабыс иахагылоу Дмитри Иракли-иԥа Пасхалов.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Османтәи аимпериа аҟынтәи хышә шықәса раԥхьа Аԥсныҟа иқәнагалеит Дмитри Пасхалов иабшьҭра. Абырзен ҭаацәара Аҟәа инацәыхарамкәа Одышь ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҟны инхеит. Араҟа иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп дара ржәытә ҳаҭгәынқәа. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, Пасхаловаа аԥсуаа ирылахәхо иалагеит. Аҭыԥҳацәа ҭацас аԥсуа ҩнаҭақәа рахь инанагон, арԥарцәа ирымаҳәхон. Иахьа, Дмитри иаб ишьҭра аԥсуаа ҳәа иҟоуп, аԥсуара ныҟәыргоит, абызшәа цқьаӡа ирҳәоит.
Дмитри иаб Иракли Пасхалов, аамҭала қәҿиарала Аҟәа амедицинатә ҵараиурҭа далгахьан. Иара акандидаттә усумҭагьы иҩхьан, аха ақырҭқәа рхаан аҿыҵгақәа ҟаҵаны имырхит. Ахәыҷтәы ҳақьым ҳәа ахырхарҭала азанааҭ зауз арԥыс илаз аҟыбаҩ ҷыда иабзоураны ачымазарақәа аӷьырак рыхәшәтәреи аԥҟарақәеи дрымаран. 1947 шықәсазы Иракли 20 иара ҭыԥ змаз Калдахәаратәи ахәшәтәырҭахь даарышьҭуеит. Аамҭак ашьҭахь ҳақьым хадас дарҭоит. Иара абраауп анаҩс инасыԥхаз амедиаҳәшьа Нуца Амԥарԥҳаи иареи ахьеибадыразгьы. Рҩыџьагьы рыԥсҭазаара абжеиҳан рыуаажәлар рымаҵ аура иазыркит.
"Сани саби ԥшьҩык ахшара ҳархылҵит. Сара хҩык аиҳәшьцәа рашьеиҵбы соуп. Ҳажәла азы гәыбӷан ҳаумҭозар, егьи абжьара ԥсыуа ҵасла ҳааӡоуп, абызшәа ҳҳәоит, аҵасқәа ҳрыцклаԥшуеит. Ацәгьеи абзиеи рҿы ауаа ҳрылахәуп. Иахьа изызҳауа смаҭа хәыҷгьы аԥсышәала мацара слацәажәоит", - иҳәоит Дмитри.
Калдахәараа рҳақьым Иракли Дмитри-иԥа идунеи иԥсахит 60 шықәса ихыҵаанӡа. Ауаажәлар ҳаҭыр ду зқәырҵоз аус азҟаза игәалашәара иахьагьы имыӡӡеит.
Дмитри Иракли-иԥа иаб иԥсҭазаара даналҵуаз 21 шықәса дырҭан. Уи аамҭазы иара арратә кафедра змаз 1-тәи Москватәи аиндустриал-педагогикатә техникум далганы, Крупскаиа лыхьӡ зху Москватәи аобласт Апедагогикатә институт афизика-математикатә факультет аҩбатәи акурс хиҩахьан.
"Ҳаб данҳаԥха, агәырҩа ахгара ҳцәыуадаҩхеит, аха ҳан дрыцҳашьаны ҳаҽҳарӷәӷәеит. Исгәалашәоит, лара хәышықәса аҩны ателербага аҿаҳкыр шылымуаз, убас дџьабон", - еиҭеиҳәоит аԥа.
Дмитри Пасхалов иҵара анхиркәша, Калдахәаратәи абжьаратә школ аҿы афизикеи аматематикеи рырҵаҩыс аусура далагеит. Ашьҭахь Гәдоуҭатәи апрофессионалтә техникатә ҵараиурҭахь рҵаҩыс дрышьҭуеит. Аамҭак азгьы, Гәдоуҭа зықәра наӡам русқәа рзы аинспекциаҿы специалистс дыҟан.
Роман Кетия - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2020
Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Дмитри Пасхалов дыруаӡәкын Ешыра инаркны Ԥсоунӡа аихамҩа ахьчара иалахәыз, иара убас Адлерынтәи аџьаԥҳаны аазгоз. Аибашьра ашьҭахьгьы акраамҭа атәыла аҳәаақәа ихьчон.
"Аибашьра ашьҭахь Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахо ианалага, усҟан Калдахәара ақыҭа иахагылаз Хьерсон Агрбеи иара убас абыргцәеи гәыԥҩык аҳәара сырҭеит аҵарадырра аус сазыхынҳәырц. Саргьы ражәа ҩбамтәкәа сақәшаҳаҭхеит", - ажәабжь иациҵоит арҵаҩы.
Зегьы ибзианы иаҳдыруеит аибашьра ашьҭахь ақыҭа школқәа рҭагылазаашьа шыуадаҩхаз. Арҵаҩцәа разымхара, аҵаҩцәа рмаҷхара уҳәа еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны акраамҭа зышәқәа ззаамыртыз ыҟан. Калдахәара акәзар, абжьаратә школи аинтернати еидырҵеит, хаз-хазы рныҟәгара уадаҩын азы. Иахьа араҟа қәҿиарала аҵаратә процесс мҩаԥысуеит.
© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны
1/5
Калдахәаратәи аинтернат
© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны
2/5
Калдахәаратәи аинтернат
© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны
3/5
Калдахәаратәи аинтернат
© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны
4/5
Калдахәаратәи аинтернат
© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны
5/5
Калдахәаратәи аинтернат
1/5
Калдахәаратәи аинтернат
2/5
Калдахәаратәи аинтернат
3/5
Калдахәаратәи аинтернат
4/5
Калдахәаратәи аинтернат
5/5
Калдахәаратәи аинтернат
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Пицундатәи апаспорттә ҟәша аиҳабыс аусура ииасхьаз Дмитри Иракли-иԥа, 2016 шықәазы Аԥсны аҵара аминистрс иҟаз Адгәыр Какоба иааԥхьарала ҩаԥхьа аҵарадырра дазыхынҳәуеит, аха уажәтәи ала Калдахәаратәи аинтернат аиҳабыс.
"Калдахәаратәи аинтернат аҟны афизика арҵаҩы даназымхоз, даҽа усурҭатә ҭыԥк ахь сиасны саныҟазгьы, сааны амаҭәар мҩаԥызгон. Аха аинтернат аиҳабы инапынҵақәа рынагӡара аҭакԥхықәра ду ацын азы сазхәыцыр сҭаххеит, мап скуеит ҳәа салагаргьы, сынамыс ишақәыӷәӷәоз еилыскауан азы сақәшаҳаҭхеит", - еиҭеиҳәоит иара.
Давид Есыф-иԥа Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи аинтернат аҟны иахьа аҵара рҵоит 136-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьтә 56-ҩык ҭыԥантәиқәоуп, 80-ҩык араҟа иаанхо роуп. Арҵаҩратә еилазаара акәзар, 21-ы рыла ишьақәгылоуп.
© Sputnik / Саида Жиба Калдахәаратәи аинтернат
Калдахәаратәи аинтернат  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Калдахәаратәи аинтернат
"Аӡәгьы игәы иаанамгааит, аинтернат иҭоу ахәыҷқәа егьырҭ абжьаратә школқәа рҿы аҵара зҵо акала ирыҵахоит ҳәа. Еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны, иаҳҳәозар, ақыҭаҿы ашкол ыҟамзар, мамзар ихаразар, аҭаацәа рыхшара аинтернат иарҭоит, ҳара иаҳуалԥшьоу - апрограмма инақәыршәаны аҵара дырҵара, рааӡара, рхылаԥшра ауп. Араҟа иҳамоуп 18-ҩык ааӡаҩцәеи фҩык рыцхырааҩцәеи, амедиаҳәшьеи, апсихологи, ахьчаҩи. Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рхатәы уадақәа рзалхуп, рыфатә-рыжәтә, атранспорт уҳәа зегь рыла аҳәынҭқарра иҟанаҵо ацхыраарала еиқәыршәоуп. Ари аобиект "Амшынеиқәафымцамч" лашарала еиԥнарҟьаӡом, иара убас хылаԥшра ҷыда аиҭоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Алмасхан Барцыц", - инаҵишьит аинтернат аиҳабы.
Лӡаатәи абжьаратә Ашкол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
"Аԥсы ахалеит": Мимоза Еныкьԥҳа Лӡаатәи ашкол аҿы лусура иазкны
Дмитри Иракли-иԥа иазгәеиҭеит аҵаҩцәа рыбжьара арыцҳашьара шыҟоу. Егьараан, аҭыԥантәи ахәыҷқәа араҟа иаангыло рҩызцәа рзы (аӡәгьы изы имаӡаӡам имчымхоугьы шыҟоу) ашәҵатәи ашьаҵатәи ааргахьеит.
"Схаҭыԥуаа, аҵареи ааӡареи рыҟәшақәа реиҳабацәа Инга Зосим-иԥҳа Аџьԥҳаи Фениа Урыч-иԥҳа Сымсымԥҳаи иара ҳколлектив зегьы ҳааӡамҭацәа рылаԥш рхуп. Ҳхәыҷқәа еиуеиԥшым амаҭәартә олимпиадақәеи аспорттә еицлабрақәеи ирылахәуп. Ааигәа ихьанҭоу атлетиказы Аԥсны иачемпионхеит. Уи аҿы иџьабаа ӷәӷәоуп азыҟаҵаҩ, СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба", - реихьӡарақәа дрылацәажәоит Иракли Пасхалов.
Иасон Кьахьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2020
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых
Аинтернат ахәыҷқәа ахԥатәи акласс инаркноуп ишаднакыло. Араҟа ҭаацәак аҿынтә ҩыџьа-хҩык аҵара анырҵо ыҟоуп азы, еиқәгәыӷуеит, рҭаацәа гәхьааганы ргәы ԥшаауазаргьы, еибаргәыбзыӷуеит. Зхала иҟоу ракәзар, рҩызцәа ирҿыԥшны рыҽдырҭынчуеит. Ахәашала, аурокқәа рышьҭахь, ашәахьаҽны иаазго автобус ала рыҩныҟақәа ицоит. Атранспорт Аҷандара абжьаларҭанӡа иныҟәоит. Аҭаацәа амҩа хадахьы ицәырҵны рхәыҷқәа ирԥылоит.
Дмитри Пасхалов иҳәеит аинтернат аушьҭымҭацәа аӡәырҩы иреиҳау аҵараиурҭақәа ишырҭало. Аамҭала араҟа аҵара рҵон, иахьа ирылагәырӷьоит Аҟәатәи Иреиҳау арратә ҵараиурҭа аиҳабы Игорь Нинуа, ажурналист Адгәыр Гәынба, Тҟәарчалтәи атеатр аиҳабы Адамыр Гәынба уҳәа. Арҵаҩы изанааҭ лоуны аинтернат ахь аусура дааит ԥасатәи ааӡамҭа Аманда Қапԥҳа.
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
"Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара иалҵшәахеит": арҵаҩы Мирена Гәымԥҳа лырҿиаратә мҩа
Дмитри Пасхалов изы ихадароуп аҵаҩцәа адыррақәа арыҭара адагьы аԥсуара рылааӡара, ахатәы бызшәа аиқәырхара. Уи шиқәҿиауагьы агәра згеит аҵараиурҭа саҭааны саныҟаз.
Гәыла иаԥсыуахаз абырзен хылҵшьҭра Дмитри Пасхалов, иҳәынҭқарреи иуаажәлари рзы иибо аџьабаа ахә ашьара уадаҩуп. Иара иеиԥш иҟоу ауаа ҿырԥшыгоуп "ажәала" зыԥсадгьыл бзиа избо рзы.
Валери Хагәышь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2021
Аҭоурых иалиааз: Валери Хагәышь иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0