Ашықәс ҿыц азы асасцәа: аӡынтәи аԥсшьараамҭақәа рзы Аԥсны аԥсшьаҩцәа аҭаауама

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогодняя атмосфера в Сухуме
Новогодняя атмосфера в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Анапаҵаҩра
Абҵара 24 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе илҳәеит, Аԥсны ашықәс ҿыц азы еиҳа аԥсшьара ахьырҭаху аҭыԥқәа ирыҵанакуеит ҳәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik. Аӡынтәи аԥсшьараамҭақәа рзы Аԥсны аԥсшьаҩцәа рыдкылара 70 отель рҟынӡа иазыхиоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атуроператор АЛЕАН аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов.
Иара иажәақәа рыла аотельқәа рыҩжьара иҟоуп аеконом-класс иаҵанакуа реиԥш зыхә дуугьы. Асасааирҭақәа иаздырхиоит аныҳәатә программақәа, аекскурсиақәа, акрыфара-акрыжәра.
Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьараз Аԥсны иалкаахаз хырхарҭахеит
"Уаанӡа жәа-процентк аотельқәа ракәын аӡынразы аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазыхиаз. Уажәы урҭ рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит", - иҳәеит иара.
Аексперт иазгәеиҭеит уаанӡатәи ашықәсқәа ирҿырԥшны атуристцәа рхыԥхьаӡара шеиҳахаз. Реиҳараҩык хԥа-ԥшьба мшы ҳәа иаауеит, 20 процент жәамш рҟынӡа рыԥсы ршьоит.

"Иаауа реиҳараҩык Аԥсны иаахьо-ицахьо ракәхоит. Урҭ ара иҟоу аҭагылазаашьа бзианы еилыркаауеит. Иагьацәшәом. Уажәазы арахь иаауа ауаа шамахамзар алаҵа змоу роуп" ҳәа иҳәеит иара.

Косилов иҳәеит 2021 шықәсазы ишырацәаз африлансерцәа, дара Аԥсныҟа иаауан аҩнытә аусуразы. Реиҳараҩык анхарҭа ҭыԥқәа аҿарҵон атуроператорцәа рыла, рыхәҭак- рхала.
Акурорт Пицунда аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы адиректор ихаҭыԥуаҩ Павел Киртбаиа иҳәеит, аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны акурорт аӡынразы ауаа шаднакыло. Ԥхынҷкәын 23 инаркны ажьырныҳәа 3 рҟынӡа Пицунда 200-ҩык инарзынаԥшуа атуристцәа ирзыԥшуп. 2021 шықәса аҩныҵҟа Пицунда 33 нызқьҩык рыԥсы ршьеит.
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
Атуристтә дәыӷба "Сочи" ашықәсҿыцызтәи ареис Аԥсны ихнаркәшоит
Акурорт анапхгара асасцәа ирыздырхиоит аекскурсиақәа, адискотекақәа, аныҳәатә концертқәа.
Абҵара 24 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе илҳәеит, Аԥсны ашықәс ҿыц азы еиҳа аԥсшьара ахьырҭаху аҭыԥқәа ирыҵанакуеит ҳәа. 2021 шықәсазы Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки аԥсшьаҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0