Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Берлинынтәи асалам: ҳџьынџьуаҩ Дериа Ԥалԥҳа илызкны

© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны Аԥсныҟа изымааз, Германиа аҳҭнықалақь Берлин инхо ҳџьынџьуаҩ Дериа Ԥалԥҳа дыруаӡәкуп зыԥсадгьыл гәакьа зымбац, аха игәхьаазго, уахи-ҽни згәы иҭоу. Лара илызкуп анаҩстәи анҵамҭа.
"Адунеи иалаԥсоу аԥсуаа зегьы ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл ҳаиднакыло анцәа иҟаиҵааит", - ҳәа лассы-лассы ражәа иалаҵаны ирҳәалоит атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа. Ииашаҵәҟьаны, амҳаџьырра ашьҭахь имаҷҩым забдуцәа рхәышҭаарахьы ихынҳәыз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа, аха иахьа Аԥсни аҳәаанырцәи инхо аԥсуаа хыԥхьаӡарала ианеидаҳкыло, иаҳбоит зџьынџь аҿы иҟоу зынӡа ҳашмаҷӡоу. Еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны Аԥсныҟа изымааз, Германиа аҳҭнықалақь Берлин инхо ҳџьынџьуаҩ Дериа Ԥалԥҳа дыруаӡәкуп зыԥсадгьыл гәакьа зымбац, аха игәхьаазго, уахи-ҽни згәы иҭоу. Лара илызкуп анаҩстәи анҵамҭа.
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Дериа Ԥалԥҳа
Дериа Наиль-иԥҳа Ԥалԥҳа диит Ҭырқәтәыла, аԥсуаа ишьақәдыргылаз Ақбалық ҳәа изышьҭоу ақыҭан. 25 шықәса раахыс лара Германиа аҳҭнықалақь Берлин дынхоит, лҭаацәа ракәзар - Голландиа Роттердам ақалақь аҟны. Аха уи иаанагаӡом Ԥалаа Ақбалық ргәараҭа нрыжьит ҳәа. Аамҭак азы Европаҟа аусура ицаны уа рынхамҩа еиҿыркаазаргьы, лассы-лассы рыиашьара рахь иаауеит.
Нурсан Аҭеиԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Арепатриациа
"Ҳгәы-ҳаԥсы Аԥсны иҟоуп": Голландиа инхо ҳџьынџьуаҩ Нурсан Аҭеиԥҳа илызкны
"Ақбалық схәыҷра зегьы мҩасит. Уаанӡа ари ақыҭаҟны аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны инхон, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ирацәаҩӡоуп Ҭырқәтәыла ақалақьқәеи иара убас Европа аҳәынҭқаррақәеи рахь нхара иисыз. Сҭаацәагьы аамҭала Голландиаҟа усура ианца, ус уа иаанхеит, сара Германиа снанагеит. Аха ус егьа иҟазаргьы, Ақбалық ҳаҩны хылаԥшрада инҳажьуам, насгьы ҳҭынхацәа рыда лассаамҭа иаҳзычҳауам азы, шықәсык ахь хынтә-ԥшьынтә ҳанымцо ыҟам", - лҳәоит Дериа.
Ҳџьынџьуаҩ лажәақәа рыла, Ақбалық иахьа хыԥхьаӡарала 500-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа нхоит.
Дериа лаб Наиль Ԥалбеи лан Малие Агәмааԥҳаи ԥшьҩык ахшара рааӡеит - ҩыџьа еициз аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Дара Ҭырқәтәыла иацәтәыму, аԥсуара иацәыхароу акультура змоу аҳәынҭқаррақәа рҿы ишыҟоугьы, рҵаси рқьабзи рхамшҭӡеит, уимоу еиҳагьы гәацԥыҳәарала иазнеиуеит.
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/4
Дериа Ԥалԥҳа
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/4
Дериа Ԥалԥҳа
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/4
Дериа Ԥалԥҳа
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/4
Дериа Ԥалԥҳа
1/4
Дериа Ԥалԥҳа
2/4
Дериа Ԥалԥҳа
3/4
Дериа Ԥалԥҳа
4/4
Дериа Ԥалԥҳа
"Бара аҭырқәцәа бреиԥшӡам" ҳәагьы изныкымкәа Дериа аусураҟны илазҵаахьеит. "Сара саԥсыуоуп, Аԥсны сатәуп! Сҭоурыхтә ԥсадгьыл Амшын еиқәа аҿықәан ишьҭоуп, Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара", - ҳәа ҭаксгьы ирылҭоит.
Дериа илҳәеит Берлин Кавказ Адернеқь акыр шықәса инеиԥынкыланы дшаҭаауаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны уи аусура уадаҩрақәак аныԥшын, уажәазы уахь дныҟәаӡом, аха Берлин инхо, еибадыруа аԥсуа ҭаацәарақәа аимадара рыбжьоуп. Ацәгьеи абзиеи раан еиҭанеиааиуеит.
"Доусы ҳусураҟнытә аԥсшьара анҳамоу еибыҳәаны сасра ҳаиҿцаауеит, акаҳуажәырҭа, аресторан ма аԥсабараҟны аидтәаларақәа еиҿаҳкаауеит. Даара пату ҳзақәуп аԥсуа чыс. Уи сара бзиа ибаны иҟасҵоит. Абысҭа ҳуеит, аҟәыд ҳчаԥоит. Берлин Аидын Гәымба ҳәа ҩызак дҳамоуп, иара ихатәы ашәхыхырҭаҿы аԥсуа ашә еилаҵаны иҭиуеит. Иӡбахә здыруа зегьы иара иҟны иааҳхәоит. Ажәакала, ҳмилаҭ чыс анҳармазеиуа ныҳәак иаҳзаҩызоуп, бзиа еибабо, еизааигәоу аишәа ҳаицадтәалоит", - ҳәа азгәалҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Берлин инхо аԥсуаа реибабара шәаҳәарада, кәашарада имҩасуам. Дериа Ԥалԥҳагьы амилаҭ кәашара дазҟазоуп. Лара иахьылҵазгьы Ақбалық аԥсуа чарақәа рҿы ауп.
Турция, абхазское село Акбалык - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
"Ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп": Русҭем Нанба дызхагылоу аԥсуа қыҭа Ақбалық абзазашьазы
Амҳаџьырра аамҭақәа раан, 17 шықәса зхыҵуаз Дериа лабду иаб Камшьышь иаб иашьа иԥа дицны атәым дгьыл ахь дықәнагалеит. Аԥхьанатә дара Қьемалиа ҳәа изышьҭаз қыҭак аҟны инхеит, анаҩс Ԥалаа Ақбалық иааит.
"Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз сабду иаб Камшьышь араҟа диразҟхеит аԥсуа ԥҳәызба Шьиз Шамԥҳа. Дара ирхылҵит сара сабду Саадықи иашьцәа Илиаси, Раифи, аԥҳа Садықеи. Сабду наҟ-наҟ динасыԥхеит Беҳиџье Ԥлиаԥҳа. Урҭ ирхылҵит хҩык аԥацәа - саб Наили, иашьцәа Иҳсани Фаадыли", - лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит ҳџьынџьуаҩ.
Дериа есқьынгьы лгәы азыҳәоит Аԥсныҟа аара, аха макьаназы лусура уи алнаршом. Лабдуцәа рыдгьыл иазку ажәабжьқәа лара дшыхәыҷызнатә илдыруан леиҳабацәа рҟынтә.
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Дериа Ԥалԥҳа
Раԥхьаӡакәны Дериа Ԥалԥҳа Аԥснытәи аԥсуаа лбеит Европа. Уаҟа агастрольқәа рыманы 1990 шықәсқәа ралагамҭазы ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль (ахьӡ лгәалашәом) ықәгылон. Голландиа, Германиа уҳәа аконцертқәа ахьрымаз ирышьҭагыланы ицон. Аконцертқәа ҩынтә-хынтә ирҭаауан ҳашьцәа ҳбап ҳәа.
"Аԥснытәи аԥсуааи ҳареи ҳаибадырра исхамшҭуа агәалашәарақәа иреиуоуп. Аҿар маҷк ҳаицәыԥхашьон, аха абыргцәа ҳнапқәа рыкәаршаны иоуҳажьуамызт, ҳаибарҵәыуан. Арацәажәара ҳҭахын зегьы", - лҳәоит лара.
Дериа Ԥалԥҳа иахьа аус луеит Берлин аҳаиртә баӷәазаҟны. Длааӡоит аԥҳа Жьенеҭаи-Селин Быгааԥҳа. Ҳџьынџьуаҩ аҭагылазаашьа лхы иархәаны Аԥсны инхо лыуаажәлар зегьы асалам рзаалышьҭит.
© Foto / Дериа ԤалԥҳаДериа Ԥалԥҳа
Дериа Ԥалԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Дериа Ԥалԥҳа
Ажәабжьқәа зегьы
0