Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәсеи аполитикеи: Аԥсны алхрақәа рымҩаԥысшьазы гәаанагарақәак

© Sputnik Заседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Анапаҵаҩра
Мышқәак роуп инхаз Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа рҟынӡа. Ҳтәыла аполитикатә ԥсҭазаараҿы аԥҳәыс дабаанӡаарԥшу, лара уи далахәхарц азы ԥынгылақәас илымоу арбану, насгьы аԥҳәыс лхаҭа уи ахьынӡалҭаху атәы далацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхра. Даҽакала иаҳҳәозар, иалаҳхуеит 7-тәи ааԥхьара. Ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥысуеит аӡыргаратә усқәа. Ателедебатқәа, мамзаргьы еиуеиԥшым авидео роликқәа, аиҿцәажәарақәа ҳадыргалоит акандидатцәа. Исҳәарц сылшоит, уажәы аӡыргара иасакьаҳәымҭоуп ҳәа. Сара хықәкыс исымам иқәгылоу хаҭала рӡыргара, сзызхәыцырц исҭаху аҳәсеи аполитикеи захьӡу атема ауп.
Ииасуа Жәлар Реизара аилатәараҿы аҳәса иаҳхаҭарнаку аӡәы заҵәык лоуп иҟоу. Уаанӡа, 2012 шықәсазы 5-тәи аизара алхратә кампаниа иалахәыз ртәы ҳҳәозар 150 -ҩык акандидатцәа рҟынтә 16-ҩык аҳәса ыҟан. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла аҳәса рахьынтә усҟангьы иалашәаз аӡәы заҵәык лоуп. 2017 шықәсазтәи алхрақәа раан 131-ҩык акандидатцәа рахьтә ааҩык аҳәса ыҟан. Урҭ рҟынтә далырхит аӡәы.
Апарламент - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2017
Зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло, мамзарагьы Апарламент чаԥоуп
Абар 2022-тәи алхратә аамҭазы Алхаратә комиссиа хада иҳанаҭаз аинформациа ала 123-ҩык акандидатцәа ахьыҟоу ахацәа еснагь еиԥш еиҳауп - 107-ҩык ыҟоуп, аҳәса ракәзар - 16-ҩык. Астатистика маҷк аҽаԥсахуазаргьы, зегь акоуп аполитикатә еиндаҭлараҿы ахацәа ирацлабуа аҳәса рхыԥхьаӡара уамаӡакгьы иазҳауам, аԥсҭазаараҿы урҭ ауаажәларратә, азанааҭтә усқәа рҿы активла рхы аадырԥшуазаргьы.
Иҟоуп ишьақәгыланы иҟоу астереотипқәа – ахацәа аҳәса амҩа рырҭом, иара убас, алхыҩцәа, дара аҳәса рхаҭақәагьы аԥҳәыс акандидат уамак илыдгылом ҳәа. Абарҭқәа рыдагьы, иазгәазҭо ыҟоуп аҳәса рхаҭа инеиԥынкыланы аполитикатә платформақәа реиҿкаара рҽазыршәом ҳәа.
Иазгәасҭарц сҭахуп, иҳамоу апартиақәа рыҟны, ацхантәаҩцәа рахьтә аҳәса рхаҭарнакцәа шыҟоу. 2016 шықәсазы еиҿкааз "Жәлар рыфронт аиашареи аҿиареи рзы" захьӡу апартиа ахантәаҩцәа дыруаӡәкуп Манана Кәыҵниаԥҳа. Лара аполитикатә процессқәа дрылахәуп, лгәаанагарақәа ауаажәларра идлырҳауеит. Ус шакәугьы, аполитикеи аԥҳәыси ҳәа иахьа ҳазҿу атемазы лгәаанагара абас иҟоуп: "Аҳәса апарламент ахь анеиразы формалтәлоуп азин шрымоу. Дара рзыҳәан иҷыдоу 30% рҟынӡа аквотақәа ыҟазароуп алхратә процессқәа ирылахәхарц азы". Кәыҵниаԥҳа дшазхәыцуа ала, аквотақәа мотивиациахон аҳәса аполитикахь амҩа ианыларц азын.
Ииашаҵәҟьаны, аҳәса аҵареи ахшыҩи рыла ахацәа ирыҵамхозаргьы, иахьазы аполитикаҿы урҭ рхыԥхьаӡара уеигәырӷьаратәы иҟам. Аҭоурых атәы ҳҳәозар, ҳтәылаҿы аԥҳәыс ажәа лымамкәа, баша дыҩнԥҳәысны илыхәаԥшуамызт, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара иазку апроцессқәа урҭ еснагь ирылахәын, еиҳаракгьы асовет аамҭазы. Аха хаҭала алхрақәа ирыдҳәалоу аусқәа рҿы иаҳбоит аԥҳәыс лзы аполитикатә "гәашә" шыҭшәоу.
Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2019
Аԥҳәысмусхә аԥсуаа рытрадициаҿи иахьеи
"Жәытәнатә аахыс ишьақәгыланы иҟоуп агәаанагара - аԥҳәыс аҩнаҭа иахылаԥшуа хаҿуп ҳәа. Ахацәа бзиа ирбаӡом аҳәса аполитика ианалахәу, амедицинеи ахәаахәҭреи рҷыдаахыс. Абарҭқәа ирыхҟьаны аҳәса иаадырԥшуеит апассивра", - лҳәоит "Жәлар рыфронт" ахаҭарнак Кәыҵниаԥҳа.
Аҳәсеи аполитикеи рызҵааразы игәаанагара еилыскаарц сҭаххеит аполитикаҿы ибзианы иаҳдыруа Жәлар Реизара 5-тәи ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр. Иара ари азҵаара аҭак аҟаҵаразы аспектқәа ҩба дырзааҭгылеит. Раԥхьаӡа иргыланы, сзацәажәахьаз аҳәса рхаҭа иазгәарҭо, ишьақәгылахьоу агәаанагара сеиҳәеит: "Традициала - аполитика аус еиҳарак ахацәа ирзаанаҭуп ҳәа ишьақәгылеит. Аибашьра, ар раԥхьагылара, аиҿцәажәарақәа уҳәа убас егьырҭгьы ахацәа ирусуп ҳәа иршьоит. Иахьатәи аамҭазы арҭ реиԥш иҟоу ахәыцрақәа еиҳа ишмаҷугьы, иара ахаҭа азнеишьа аанханы иҟоуп", - иҳәоит иара ҳахдырраҿы абри иҵауланы иаанханы ишыҟоу азгәаҭо.
Аха ус акәзаргьы, схәыцуеит сара, избан ауаажәларра рыхдырраҿы ас иҟоу ахәыцрақәа зышьақәгылеи? Ҳара ҳ-Џьынџьтәылатәи аибашьра анцоз аамҭазы аҳәса афронт аҿы иааныркылоз аҭыԥ ӷәӷәан. 200-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа ҭыԥҳацәа амедицина-санитартә баталион иаланы аибашьцәа ирыцын, изеицәааӡарызеи, ахацәа рахьтә ибналаны ицаз анмаҷҩымыз. Ус анакәха, аԥҳәыс аибашьраҿы дхәарҭан, аха аполитикаҿы уамак ахацәа дрывадыргылар рҭахым аԥсуа политикатә философиа ала.
Тамшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Хә-ҟазшьак аазырԥшуа: аԥҳәыс лроль аԥсуаа ртрадициатә культураҿы
Кәакәасқьыр ииашаны иазгәеиҭеит даҽа зҵаатәыкгьы. Иаҳҳәап, аԥҳәыс лнапы иану анра, ааӡара, аҭаацәа рныҟәгара уҳәа, иахьеи-уахеитәи лусқәа дырхашәаланы ахацәа аполитикаҿы реиндаҭлара лцәыуадаҩзар ҟалап ҳәа.
"Ахаҵа аполитикаҿы ипозициа еиҳа еиӷьны имҩаԥигар илшоит ҳәа иҟоуп агәаанагара. Ижәҩахыр еиҳа иалшоит уи ахьанҭара ашьҭыхра. Аҳәса ҩнуҵҟала иазыхиаӡам аполитикатә қәԥара шықәсы рацәала ацныҟәара", - ҳәа иажәа иациҵоит уаанӡатәи адепутат. Ииашаҵәҟьаны, аԥҳәыс лзы имариам усуп инеиԥынкыланы аполитика амаҵ азура.
Схатә ԥышәа атәы сҳәозар, сахьынхо 6-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы 2007 шықәсазы схы ԥысшәарц сыӡбеит. Усҟан 44 шықәса сырҭагылан, сыхшарагьы хбыџхахьан. Усҟан ҩыџьа аҳәса ҳақәгылан, ҩыџьа ахацәа ҳавагылан. Шәгәы ишԥаанго, иаиааида? Аҩбатәи атур ахь ииасит ахацәа, аҳәса актәи ҳканаԥсеит. Уи аԥышәа хаҭала сара иснарбеит, аполитикатә процесс ихьанҭоу, имариам шакәу, насгьы амчреи аоппозициеи ирхаҭарнакцәоу анувагылоу ааиааира шыуадаҩу. Уинахыс, сзанааҭи сыҩнусқәеи роуп еиҳарак снапы злаку, аполитикатә еиндаҭлара схы аласмырхәыц уаҳа.
Усҟан сара исывагылаз, иахьа дукатс аус зуа Фрида Лазԥҳа лакәзар, уи ашьҭахь даҽа зныкгьы дықәгылахьан, аекономика, азиндырра уҳәа дрызҟазазаргьы, аиааира агара лылымшеит.
"Апарламент ахь анеиразы "сныҟәарақәа" иаадырԥшит Аԥсны иқәынхо рменталитет уи ишаԥырхагоу. Ахацәагьы аҳәсагьы ахацәа роуп уи ароль знапы ианырҵо. Аԥҳәыс дыцхырааҩны дырбоит", - лҳәоит Лазԥҳа.
Абри аҭагылазаашьа аҩыза ауп аҳәса аполитикаҿ хара ацара зырцәыуадаҩу ҳәа игәы иаанагоит Кәакәасқьыргьы.
"Иаҳҳәап, алхарақәа рхы анрыладырхәуа, алхрақәа рҿы ианаҵахалакгьы, рнапқәа нашьҭны изҿу аполитикатә ус иааҟәыҵны аҽа усқәак ирылагоит, даҽа мҩак ианылоит",- иҳәоит иара. Манана Кәыҵниа аквотақәа рзы илымоу агәаанагаразы, иара гендертә хырхарҭала дазнеиӡом: "Даԥсазар, даиааироуп. Ахацәеи аҳәсеи рзинқәа еиҟароуп ҳара ҳҿы, - иҳәоит иара, аха убри аамҭазы Апарламент ахь анеиразы аҳәса алшара роур рылшоит партиатә системала алхрақәа ҟалар ҳәа дхәыцуеит. - Усҟан апартиақәа аҳәсагьы асиа ианырҵалоит, иара убас, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. Апартиатә сиақәа рҿы иҟауҵар ауеит аквотакәа", - иҳәеит Ахра Кәакәасқьыр.
Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аҩаша, жәабран 14 рзы Апраламент адепутатцәа Емма Гамсаниаԥҳаи, Ахра Бжьаниеи, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳаи. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2017
Гамсаниаԥҳа агендертә закәан иазкны: ҳара ҳҿы уи рхы иадырхәом
Схатә гәаҭарақәа рыла 2017 шықәсазы иқәгылаз ааҩык аҳәса рахьынтә, алхарақәа рышьҭахь аполитика иаҿу аӡә лоуп, уи иахьагьы кандидатс дықәгылоуп. Даҽа ганкахьала, иҟоуп ианаҵахалак ашьҭахь, аполитика аанрыжьуазаргьы, ауаажәларратә усқәа иахьеи уахеи ирҿу аҳәса.
Ҿырԥштәыс даазгар сҭахуп "Аԥсны анацәа рхеидкыла" ахада, иара убас Ауаажәларратә палата аиҳабы Гәыли Кьычԥҳа. 2002 шықәсазы лара лзы иқәҿиарамхаз алхарақәа рышьҭахь, аполитика аус аҿы ахацәа рацлабра даламгазаргьы, ажәлар рҿахәы аҳәара, ринтересқәа рыхьчара аҳәааҿы дгылоуп ҳҳәар ауеит.
"Сара усҟангьы "Анацәа рхеидкыла" сахагылан. Ҳара ҳаилазаара иалаз аҳәса ирҭаххеит сықәгыларц. Усҟан ҳара ҳазхаҵамызт, иаҳҭахын аветеранцәа ирызкыз азакәан уҳәа, еиуеиԥшым асоциалтә пакетқәа рхацыркра", - лҳәоит Кьычԥҳа уи аамҭа дазхьаԥшуа.
Лара ишылҳәо ала, лыԥшәма адгылара лиҭеит.
"Сара санықәгыла, аиҳабыра ирхаҭарнакыз аӡәы исеиҳәеит ара бықәымгылан, ҳара абригь-абригь ҳидгылоит ҳәа", - еиҭалҳәоит Гәыли Михаил-иԥҳа, усҟангьы административтә ресурс аусура ишалагахьаз ҳардыруа.
Лара ишылгәалашәо ала, илыцхраауаз аҳәса ахацәа-аполитикцәа рыдгыланы, "иабалҭаху адепутатра, ахьӡи аԥшеи усгьы илымоуп" ҳәа рарҳәон.
"Сара исҿагылан акоманда ду. Усҟан адебатқәа ыҟамызт, аха еицықәгылаз ҳаизон абиблиотекаҿы. Исызҳәом имҽыӷыз ацәажәара сара сганахь ахархәара аман ҳәа, аха исныруан ишырҭахымыз саиааир, иҟалап сахьыԥҳәысу азы акәзар", - ҳәа дхәыцуеит Кьычԥҳа.
Алхрақәа рылҵшәақәа дырзааҭгыло, Гәыли Михаил-иԥҳа илҳәеит ҩ-бжьыҭирҭатә ҭыԥк рҿы бзиа дшаиааиз, ахԥатәи аҿы акәзар, абиуллетенқәа рыԥхьаӡара иналагоны, автономтә ҟазшьала алашара дырцәеит. Иҟаз ацәажәарақәа рыла, убасҟан аурна иҭарыԥсеит абиуллетенқәа. Лара даламгеит уи азы аҭыӡшәа аҟаҵара, ишылгәалашәо ала, лыԥшәма аишәа ирхиеит илыцхраауаз иҭабуп ҳәа реиҳәарц азы.
"Иџьоушьаша, сара соппонент Апарламент аҿы рацәак днымхеит, аҭыԥ ирҭан, адепутатра аанижьит", - лҳәоит лара.
Гәыли Кьычԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2019
Арадио
Кьычԥҳа: ахаҵа ауаажәларрахь иԥҳәыс ԥсуаҵас иԥшӡаны данцәыриго - уи аҳаҭыр амоуп
"Анацәа рхеидкыла" ахада лгәанала, иҟазароуп азакәан, адепутат иус наигӡаанӡа даҽа уск ахь дмиасуа.
"Уи ашьҭахь иҟан иҵегь аамҭақәа, сара сықәгыларц ансыдыргалоз. Аха даҽазнык убри аҽалагалара сҭахымхеит. Сара исыдгылоз аҳәса ркоманда, раԥхьа санаҵахаз убриаҟара игәныргеит, даҽазнык ргәы рырхьра сҭахымхеит. Сара саҵкыс дара игәныргеит залымдарыла ҳахьаҵахаз. Сгәы иалсит саргьы, аха сыҷкәын иҭахара ашьҭахь уи баргәымызт уамак. Иҟаларын Апарламент ахь снеир иҭахаз рҭынхацәеи аветеранцәеи рзы ихәарҭаз ак сзыҟаҵар", - лҳәоит лара.
Хыхь Ахра Кәакәасқьыр дызлацәажәоз азҵаатәы аҭак ҟанаҵоит Гәыли Михаил-иԥҳа еиҭалҳәо. Аҳәса аполитикаҿы ахацәа "рабашьара" рҭахым азоуп изырцәыуадаҩу Апарламент аҿы адепутаттә ҭыԥқәа ргара. Аԥҳәыс уи адагьы инеиԥынкыланы аполитикатә процессқәа дрылахәзарц азы, длымазароуп илыҵгәо. Имариам усуп, иаҳҳәап, ахшара зааӡо аԥҳәыс лзы аполитикаҿы аиааирақәа ргара. Ахаҵа ашьыжь икостиум ԥшӡа наишәҵаны иусқәа рахь дцаны хәылбыҽха иҩныҟа ианиҭаху дгьежьыр ауазар, аԥҳәыс аҩынусқәеи ахшара рааӡареи ирықәлырӡуа аамҭа рацәоуп.
Аполитика занааҭуп, иааиԥмырҟьаӡакәа уи "ахкаара" уҭазароуп. Алхрақәа рыламҭалазы уаацәырҵны, нас ухьаҵуа уалагар иуананажьӡом. Иахьа Жәлар Реизарахь анеиразы 16-ҩык аҳәса ықәгылоуп. Урҭ рахьынтәи ҳтәыла хәыҷӡа аҿы ирдыруа аӡәы, ҩыџьа роуп. Егьырҭ ҿыцқәоуп, аполитикаҿы, ма ауаажәларратә усқәа рҿы ргәаанагарак ҳдырҳауа иҟамлацызт.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хыркәшахеит
Аамҭа иаанарԥшуеит алхрақәа рҿы иаиаауа дарбану, насгьы изымцо рахьтә заҟаҩы аполитика занааҭс ишьҭырхуа. Сызхәаԥшыз адебатқәа ртәы сҳәозар, ишиашоу ицо аефирқәа рахь имааиз аҳәсагьы ыҟоуп. Омикрон ҿыҵгоу, мамзаргьы ақәгылара иацәшәоу - уи еилкаам ҭагылазаашьоуп. Азакәан акәзар, акандидат адебатқәа рҿы хымԥада ақәгылара иднаҵом. Фрида Лазԥҳа лгәаанагарала, алхратә еиндаҭлара зҽалазырхәырц зыӡбаз аҳәса ирзыԥшуп аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ахархәара змоу атехнологиақәа: "администартивтә ресурс, "амҩаду адипломатиа".
Акыр шықәса алхрақәа рымҩаԥысшьа иацклаԥшуа лаҳсабала: "Ауаажәларра еиҳа-еиҳа насҭха ишьҭарҵоит акандидат ипрофессионалтә, инысымҩатә, хаҭалатәи илшарақәа, ихәыцрақәа раарԥшышьа уҳәа, хра злоу аҟазшьақәа", – лҳәоит Лазԥҳа.
Ус акәзаргьы, иахьа иқәгылоу аҳәса рахьтә қәҿиарала зҿахәы зҳәаз хҩык рҟынӡа ыҟоуп. Март 12 рзы иҳауеит раԥхьатәи алҵшәақәа. Уи иаанарԥшуеит 2022 шықәсазы зыбжьы зҭиуа алхыҩцәа аҳәса аполитикаҿы ирбарц рҭаху ирҭахыму…
Ажәабжьқәа зегьы
0