Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада ԥсшьара ицара, адепутат ҿыц, Аҵәахбанк азы ашшыԥхьыӡ

© Sputnik Администрация президента
Администрация президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2022
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз амчыбжь азы АКХ аҿы ашәҟәы дҭаргалеит даҽа депутатк, Аԥсны ахада ԥсшьара дцеит, атәылаҿы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит, Аҵәахбанк ашшыԥхьыӡ азыҟарҵеит.
Лаҵара 16 - 23 рзы иҟалаз абарҭи егьырҭ ахҭысқәеи ртәы шәаԥхьа Sputnik есымчыбжьа иҟанаҵо ахҳәааҿы.

Ахада ԥсшьара ицара

Иҳаҩсыз амчыбжь алагамҭа инаркны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥсшьара ҳәа дцеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра "Ахада изы" азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәса 45 мшы иҟоу, зыхә ршәо аԥсшьарамшқәа иоуеит.

Адепутат ҿыц

Ашәахьа лаҵара 16 рзы Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы дҭаргалеит лаҵара 14 рзы Гәдоуҭатәи 18-тәи аҭыԥ хадаҿы иалхыз акандидат Леонид Лакербаиа. Иара дивагылан уаанӡатәи апрокурор Беслан Ҭаркьыл

Амаамынқәа рус

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҟынтә иавантәи амакакақәа рӷьычразы ашьаус хацнаркит. Аус аматериалқәа инарықәыршәаны 26 шықәса зхыҵуа, Карачаевск инхо Умар Алакаев сынтәа, хәажәкырамзазы закәаншьаҭада амалрҳара хықәкыс иҟаҵаны ахыц ԥҽны иавантәи амакакақәа жәба ҭыганы игеит. НИИЕПиТ азеиԥш ԥхасҭа ахә 308 410 мааҭ ҳәа ишьоуп. Алакаев ацәгьоура дшалахәу шьақәыргылоуп, иԥшаара иаҿуп.
Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут аҿы иазгәарҭеит уаанӡа Алакаев аус шицыруаз, иара Аԥсны иҟамыз амаамын хкқәа рзааигалон. Урҭ рцымхәрас даҽа шьоукы ирҭон.
Обезьяна сухумского питомника. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР амаамынааӡарҭа аҟынтәи амаамынқәа рӷьычразы ашьаус хацнаркит
Алакаев ихаҭа иакәзар, Sputnik Аԥсны иҽамаидеит. Иара мап ацәикуеит идыркыло ацәгьоура.
Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҟны инхоит 600 рҟынӡа амаамынқәа. Ааӡарҭа анапхгара аҭааҩцәа радԥхьаларазы урҭ рхыԥхьаӡара аиҳатәра ргәы иҭоуп. 2022 шықәса нанҳәамзазы НИИЕПиТ аԥҵоижьҭеи 95 шықәса аҵра азгәарҭараны иҟоуп.

Аҵәахбанк азы ашшыԥхьыӡ

Ари амчыбжь азы еилкаахеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿ Аԥсны атәылауаҩ Хамида Џьапуаԥҳа Аҵәахбанк ахь лзыҳәа ишахәаԥшуа, Абанк Џьапуаԥҳа лыԥҳа, ҩышықәса зхыҵуа Шаида Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭаҟынтә Еиду Америкатәи аштатқәа 25 миллион доллар ахьықәнахыз азы. Азыҳәа ҟазҵо ишышьақәлырӷәӷәо ала, ари аԥара лара лыԥшәма, жәларбжьаратәи аиҿкаара аусзуҩ, COVID-19 иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз иԥсҭазааразы ԥгаԥсатә шәароуп, уи америкатәи абанк лыԥхьаӡамҭахь иаанашьҭит, Аҵәахбанк уи аԥара иазаазышьҭыз иахь идырхынҳәит. Азыҳәаҩ ишазгәалҭо ала, уи закәанымкәа иҟарҵеит.
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Аԥсны
Аҵәахбанк 25 миллион доллар иҟоу хаҭалатәи азыҳәа азынарышьҭит
Аԥсны Аҵәахбанк ари аҭагылазаашьа ахҳәаа анаҭеит. Абанк асаит аҿы икьыԥхьыз апресс-релиз аҿы иаҳәоит аԥарақәа аазышьҭыз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иатәу UNDP агха рыхьны 25 000 доллар рцынхәрас 25 миллион доллар Аҵәахбанк аклиент Шаида Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭа иахәҭаз шахыԥхьанаӡалаз. Абанк агха шахьыз шьақәнарӷәӷәеит атранзиттә банк ВТБ.
Аашьҭҩы ибанк азыҳәала Аҵәахбанк ииашамкәа иахыԥхьаӡалаз аԥара архынҳәит. Аамҭақәак рышьҭахь Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭахь ииаган иахәҭаз аԥарақәа. Џьапуаԥҳа урҭ лоуит. Абас ала, Аҵәахбанк азакәан шеиланамгаз, аклиент лзинқәа шеиланамгаз азы аҳәамҭа ҟанаҵоит.

Амузеиқәа рыҵх

Аԥсны жәларбжьаратәи акциа "Амузеи аҵх" сынтәагьы аҽаланархәит, уи мҩаԥысит лаҵара 18 рзы. Акциа атәыла амузеиқәа жәпакы рҿы иазгәарҭеит, иааҳгозар, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи, Аԥсны Абанк амузеи, иара убас Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи.

Ашәышықәсақәа иргәылгоу агәалашәара

Лаҵара 21 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз амҳаџьырра иагази ашьхарыуа жәларқәа ргәалашәара Амш.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Аҟәа Амҳаџьырцәа рбаҟа аԥхьа. Ара ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь еиҿкаан амҳаџьырра иагаз ржәытә фотосахьақәа рцәыргақәҵа, амза ҵлақәа реиҭаҳара, иара убас Адрамтеатр аҿаԥхьа арепатриантцәа русумҭақәа рцәыргақәҵеи акультуратә хәышҭаара "Гәыма" аҿы амҳаџьырра атема иазкыз Амиран Адлеиба иусумҭақәа рцәыргақәҵеи. Уи адагьы "Нарҭаа дуқәа реиԥхныҩлара" захьӡыз акросс мҩаԥган Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Ахәылбыҽха ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь ашьамаҟа рблит, амца ду еиқәырҵеит, амшын ашәҭшьыҵәрақәа хырҵеит амҳаџьырра иагаз ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа ргәалашәара иазкны. Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын атәыла анапхгара, ауаажәларра, амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа.
В память о жертвах Кавказской войны в Сухуме зажгли поминальную свечу и костер - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2022
Аԥсны
Наунагӡа ҳгәалашәараҿы: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рымш Аҟәа ишазгәарҭаз
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа иара убас еиҿкаан Гәдоуҭеи Гагреи.
47 шықәса ицоз Кавказтәи аибашьра хыркәшан Аурыс империа аиааирала лаҵара 21 1864 шықәса рзы. Уи иалҵшәаны зықьҩыла ачерқьес жәларқәа - аԥсуаа, аублаа, абазақәа, адыгақәа рыдгьылқәа мчыла ирыхцаны мшынла Османтәи аимпериахь идәықәырҵеит. Уантәи дара ԥсаҟьаны адунеи атәылақәа жәпакы рахь иагеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡызи амҳаџьырра иагази ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәа адунеи аҿы кавказаа ахьынхо акырџьара есышықәса иргәаладыршәоит лаҵара 21 рзы. Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа иахьазы инхоит 50 тәыла рҟны, зегьы иреиҳау адиаспора ыҟоуп Ҭырқәтәыла.

Аԥсуа еибашьыга ӷба ҩаԥхьа Риҵа иӡхылеит

Аԥсуа еибашьыга ӷба ареплика ҩаԥхьа Риҵа ихыланы ауаа рнага-аагара иалагеит. Аԥсны атәылауааи асасцәеи ашхәа иақәтәаны инаԥшы-ааԥшуа Риҵеи уи акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара ԥшӡеи аӡы ихыланы ирбар рылшоит.
Аԥсуаа ржәытә еибашьыга шхәа еиҭашьақәыргылан асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа архивтә сахьақәа ихы иархәаны иҭихыз аҵәаӷәанҵақәа рыла Петрозаводск, аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵарала. Ашхәа Аԥсныҟа иааганы аӡиа Риҵа ихҵан нанҳәа 5 рзы. Уи аус ауан цәыббрамза аанҵәаанӡа, ахьҭақәа аныҟала уи аетнопарк "Аԥсны" ахь инаган.
Сынтәагьы ашхәа цәыббрамза аанҵәаанӡа иныҟәалоит, амш иаур.
Спуск на воду галеры на озере Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2022
Аԥсны
Аԥсуа еибашьыга шхәа ҩаԥхьа Риҵа ихырҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0