Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аусуратә ныҟәарақәа, Алашарбага аҟны алхрақәа, аԥсуа-аурыс ҳәааз аимакқәа

© SputnikГраница по реке Псоу
Граница по реке Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы аӡәырҩы агәҭынчымра рызцәырнагеит аԥсуа-аурыс ҳәаа азҵаара, имҩаԥысит алхрақәа, абжьааԥаны еиԥшымкәан акультуратә ԥсҭазаара еилашуан.
Лаҵара 23-29 рыҩнуҵҟа аҭыԥ змаз еиуеиԥшым ахҭысқәа есымчыбжьатәи Sputnik ахҳәааҟны.

Аусуратә ныҟәарақәа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа дцеит аиҿцәажәарақәа рзы. Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҟны иазгәаҭан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ, аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿ, Аҳәынҭдумаҿ Инал Арӡынба иԥыларақәа. Аԥсны ААР диԥылеит Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи ацҳаражәҳәаҩ, далахәын аԥсуа-аурыс ҳәа ахысра армариара азҵааразы Аҳәынҭдумаҿы имҩаԥысыз аилатәара.
Инал Ардзинба и Стивен Сигал   - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2022
Аԥсны
Инал Арӡынба Москва Стивен Сигал диԥылеит
Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аусуратә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикахь дцеит. Аусуратә еилацәажәарақәа рҳәаақәа иҭагӡаны иазгәаҭан Ануеи Шьамтәылатәи атәылахьчара аминистри реиԥылара, иалацәажәан атәылахьчара ахырхарҭала аҩтәылак русеицура.

Аҳәааҿтәи ауадаҩрақәа

Лаҵара 25 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ имҩаԥысит ИАР аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак аилатәара. Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа алацәажәеит аԥуа-аурыс еизыҟазаашьақәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариареи рызҵаарақәа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит, аилатәараҿы аҳәаахыҵырҭатә ҭыԥ аԥыхразы аӡбара шрыдкыламыз. Аҳәынҭдума аилатәара аихшьаалақәа рыла иӡбан аусутә гәыԥ аԥҵазарц. Иара иалахәхоит урыстәылатәи аган аиԥш аԥсуа ган аҟынтәгьы адепутатцәеи апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи. Аусутә гәыԥ алахәылацәа алацәажәараны иҟоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариара, алкаақәа инарықәыршәаны ирыдкылахоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Аԥсны ауаажәларра рҿы ацәажәара ахылҿиааит Аҳәынҭқарратә Дума адепутат аурыс бызшәа Аԥсны иамоу астатус азы ицәажәара. Аԥсуа политикцәа аӡәырҩи Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадеи, Жәлар Реизара адепутатцәеи ирҳәеит ареспубликаҿы аурыс бызшәа ахархәара ҭбаа шамоу, Аԥсны иара ашәарҭара ишҭагылам.

Ҩаԥхьа аҳәааз

Лаҵара 26 азы Урыстәыла АТМ аҿы Аԥсны ахаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысит аҳәынҭқарратә ҳәаа жәларбжьаратәи амҩангарақәа рахысра азҵаара алацәажәара.
2011 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵеиҩз жәларбжьаратәи автомашьынатә еимадараз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылан аидарамҩангара иалахәу ахаҿқәа уи аусхк азы азин ҷыда рымазар шакәу. Ари адокумент Аԥсны аекономика аминистрраҿы ирырҭоит.
Иара убасгьы аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысраан Аԥснынтә аамҭалатәи алагалара аартлатәуп. Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа рзы аҭахрақәа рыԥҟаррақәа рдырра ҟалоит.

Амза бзиа

COVID-19 иахҟьаны Аԥсны аҵыхәтәантәи аԥсыҭбара аҭыԥ аман мшаԥы 18 азы.
Уажәы аковидҟәша аус ауеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа заҵәык аҿы. Ишьҭоуп ҩыџьа ауаа. Лаҵара 26 азтәи адыррақәа рыла акоронавирустә инфекциа ааҩык ирыман.

Акандидатцәеи адепутатцәеи

Аԥсны Апарламент ахь 8-тәи алхратә ҭыԥ хадала (Алашарбагатәи) алхрақәа мҩаԥысит асабша лаҵара 28 рзы. Алхрақәа заанаҵтәи рлыҵшәақәа рыла Аԥсны Апарламент ахь адепутатраз фҩык акандидатцәа рахьынтәи ҩыџьа аҩбатәи атур ахь инеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада.
Акандидат Наур Нарманиа 776 - бжьы иоуит (34,4%), Леон Гәбаз – 695 (30,83%).
Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь (аокруг №14) аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит рашәара 12 рзы. Енвер Чамагәуеи Аслан Џьопуеи Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь адепутатраз акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭарҩит.
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ заанаҵтәи алҵшәақәа ҟанаҵеит Алашарбагатәи алхратә ҭыԥ хадала
Гагратәи араионтә алхратә комиссиа алхырҭатә ҭыԥ хада № 17 (Цандрыԥшь) аҿы аиҭалхрақәа рҟны депутатс далхуп Едгар Быҭәба. Аиҭалхрақәа мҩаԥгахеит ақалақьтә еизара адепутат Бадрик Ԥлиа Аԥсны Апарламент ахь депутатс дахьалху инадҳәаланы.
Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа зегьы рыла ихаҭәаахеит. Апалата алахәылацәас иалхуп Асҭамыр Ахбеи Михаил Сангәлиеи.

Акрызҵазкуа аныҳәа

Иаса Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа ируаӡәкыз, агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш ҳреспубликаҿы есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 23 азы. 2013 шықәсазы атәылаҿ ирылаҳәан ари арыцхә иныҳәатә ԥсшьарамшны.
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи игәалашәара аҳаҭыраз аныҳәатә Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа аҟны. Арахь иааит Аԥсни Урыстәыла аладатәи ахәҭеи рҟынтәи анцәахаҵаҩцәа рацәаҩны, аӡәырҩы ари аҿны арахь иаауеит агәыргьынхаҵара амҩаԥгаразы. Симон Канатәи аҭаацәара аԥҵара анцәахәы ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Дорожка и ущелье к гроту Симона Кананита - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2022
Аԥсны
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш

Алагала цҵақәа

Гәдоуҭа араион аиқәыршәарази арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи ирзоужьхоит 62,2 миллион мааҭ. Арҭ аԥарацҵақәа шьақәгылеит 2021 шықәсазтәи ашәахтәқәеи акурорттә сезон ахашәалақәеи рҟынтәи. Ари ашәҟәы атәыла Аиҳабыреи Апарламенти рҿы ишьақәдырӷәӷәароуп.
Центр города Гудауты  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аиқәыршәараз 60 миллион мааҭ азоужьуп

Амчыбжьзтәи акультуратә хҭысқәа

Аԥсны Жәлар рартист Леуарсан Касланӡиа диижьҭеи 110 шықәса аҵра инамаданы дахьынхоз аҩны аҟны агәаларшәагатә ҭӡы кыдырҵеит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа акультуратә ԥсҭазаара еилашуан - РУСДРАМ имҩаԥысит аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аԥхьарбара.
Иара убас, аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Ковач ихьӡ зху амузыкатә школ ацхыраараз аконцерт. Амузыканцәа ҿарацәа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа акыр аамҭа ицәырымҵыцыз гәахәарыла иқәгылеит акультура-усуратә платформа "Гәыма" аҟны. Имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҟны еизгахаз аԥарақәа зегьы ашкол арҽеиратә усурақәа иазкхоит.
Концерт в поддержку школы искусств имени Ковача прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит Ковач ихьӡ зху амузыкатә школ ацхыраараз аконцерт
Аԥсны акультура аминистрра агастрольтә уснагӡа инақәыршәаны Гәылрыԥшь имҩаԥысит ансамбль "Кавквз" аконцерт.
Ҟарачы-Черкесстәи ареспублика аҳәынҭқарратә ашәуа драматә театра Аԥсныҟа иааит аспектакль "Амҳаџьырқәа рышьҭала" рыманы. Аспектакль ддырбеит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Гагра, Аҟәа. Иара убас, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысит Александр Балуев иантрепризатә театр ақәыргыламҭақәа.
Хьыбла Герзмааԥҳа авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи ҿарацәа рыбжьара аиндаҭлара аԥылҵеит. Аиндаҭлара мҩаԥыслоит ҩышықәса рахь знык. Аиндаҭлара иалнаршоит иқәыԥшу авокалистцәа Хьыбла Герзмааԥҳа лгәыҳалалратә фонд еиҿнакаауа аконцертқәа рылахәхареи еицырдыруа аоператә сценақәа рахь рнеиреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0