Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Арратә мчрақәа украинатәи Су-25 карыжьит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛетно-тактические учения на Су-25СМ3
Летно-тактические учения на Су-25СМ3 - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла арратә операциа ҷыда Украина имҩаԥнагоижьҭеи ԥшьымз ҵуеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Урыстәылатәи ар ржәылараан иҭадырхеит аҳаирплан Су-25 Иаснаиа Полиана иахьаҵанакуаз ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла ар ДЖәР аҿы ааха рнаҭеит Харьков амҵан игылаз УАМ 92-тәии 40-тәии абригадақәа ргыларҭа ҭыԥқәа. Уа иҟан 200-ҩык аррамаҵзурауааи 19 ак аибашьыгатә техникеи. Иара убасгьы уахыки-ҽнаки рыла ааха рыҭан 25-тәи аҳаир-десанттә бригада анапхгараҭаратә ҭыԥқәа быжьба, аџьаԥҳани аракета-артиллериатә бџьари рышьҭаҵарҭақәа ҩба, ареактивтә системақәа "Град" рбатареиа, УАМ аруааи аибашьыга техникеи 16 раион иахьрыҵаркуа.
ДЖәР иаҵанакуа аиланхарҭақәа рҿы ареактив-систематә хымцақәа рывзводқәа ԥшьба. Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатәии артиллериатәии ар ааха рырҭеит: УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 2, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 3, 61-тәи араион рҿы аруааи аибашьыга техникеи.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааба ДЖәР аҿы, рыԥырра еиԥҟьоуп РСЗО "Ураган" ахгәыцәқәа жәеиза.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 230 ҳаирплан, 134 вертолиот, 1448 аԥырҩы дызҭам аппарат, 353 зенит-ракетатә комплекс, 3904 танк, 706 реактив-систематә машьынақәа, 3084 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4002 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Проведение спецоперации ВС РФ в южном направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Николаев аҳәаанырцәеибашьцәа рбаза ршьаҟьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0