Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи абираҟ адгьылбжьаха Змеины аҿы ақәыргылара аԥдырҟәҟәааит урыстәылатәи аруаа

CC BY-SA 4.0 / Фотонак / Остров Змеиный в Черном море
Остров Змеиный в Черном море - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа рашәара 30 азы хатәгәаԥхарала адгьылбжьаха Змеиныи аанрыжьит, уи ала Украинанатәи ақыҭанхамҩаалыҵ алгаразы агуманитартә коридор аиҿкаара ишадгыло аадырԥшит.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Ԥхынгәы 7 ауха украинатәи абираҟ адгьылбжьаха Змеины аҿы ақәыргылара аԥдырҟәҟәааит урыстәылатәи аруаа, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра
Украинатәи аруаа амотортә шхәала адгьылбжьаха ахь инеины абираҟ кны рфотоқәа ҭырхит. Урыстәыла АКМ икылкааны адгьылбжьаха иеихсит. Украинатәи аруаа гәыԥҩык ҭархан, зыԥсы аанхаз бналеит.
Остров Змеиный в Черном море - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла адгьылбжьаха Змеиныи ааннажьит
Икылкаан ихысуа абџьар ала иҭархоуп Николаев анапхгараҭаратә ҭыԥқәа фба, 63-тәи абригада 107-тәи абаталион, аҵакырахьчара абаталионқәа ҩба, ДЖӘР аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, 14 раион рҿы ари аибашьыга техникеи, аҳәаанырцәеибашьцәа ргыларҭа аҭыԥ.
УАМ 24-тәи абригада аилазаар 60% ҭархоуп, 79-тәи адесант-жәыларатә бригада аилазаара 80% нырҵәоуп. 14-тәии 72-тәи абригадақәа ааха рыҭоуп, ааха аҭоуп 10-тәи ашьха-жәыларатә бригадеи аџьаԥҳаны шьҭаҵарҭақәеи. 350-ҩык рҟынӡа аибашьцәеи 20 ак аибашьыга техникеи ҭархоуп. 80-тәи адесант-жәыларатә бригада аибашьцәа бналоит.
Киевтәи арежим амилаҭ баталионқәа аибашьрахь инарышьҭуеит аруаа рыҟамзааразы. Ԥхынгәы 7 азы аибашьраз адҵа рыҭан аиҿкаара "Кракен" 226-тәи абаталион аибашьцәа аха дара адҵа мап ацәыркит.
Иҭархоуп ареактивтә системақәа рывзвод Дзержинск араион аҿы, "Град" авзводқәа хԥа, Северск иахьаҵанакуа артиллериатә гәыԥқәа ԥшьба, Горловка иахьаҵанакуа, агаубицақәа "Гиацинт-Б" рартиллериатә взвод ДЖәР аҿы.
Истребитель ВВС Индии (IAF) стреляет ракетами по фиктивным целям во время демонстрации огневой мощи IAF «Яю Шакти» в Покхаране, штат Раджастхан, 16 февраля 2019 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа украинатәи авертолиотқәа Ми-24 ҩ-цыраки аҳаирплан Су-25 карыжьит
Иацтәи амш иалагӡаны урыстәылатәи авиациеи артиллериеи ари аибашьыга техникеи ҟәыбаса иқәырҵеит 142 раион рҿы. Иҳаракны икылкаан ихысуа аракетала аӷа ирратә ргыларақәа 10 ықәхын.
Урыстәылатәи Су-25 Украина аҳаирпланқәа ҩба МиГ-29, Су-25 акы ДЖәР Николаев аҿы икарыжьит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 17 Херсон иахьаҵанакуа, украинатәи абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" фба Харьковтәи аобласт аҿы, ДЖәР аҿы ареактивтә системақәа рыхгәыцәқәа 12.
Арратә операциа иалагазар Урыстәылатәи Афедерациа адыррақәа рыла Украина Арбџьармчқәа рцәыӡқәа иреиуоуп: 234 ҳаирыплан, 137 верталиот, 1479 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 353 зенит-ракетатә комплекс, 3935 танки кәылӡымашьынеи, 724 реактивтә система, 3102 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 4064 ак автомобилтә техника.
Летно-тактические учения на Су-25СМ3 - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арратә мчрақәа украинатәи Су-25 карыжьит
Ажәабжьқәа зегьы
0