Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада Москва дыҟоуп, асоура, Гәдоуҭа автомашьына аԥжәара

© Sputnik / Томас Тхайцук Снег в Сухуме 15-02-2023
Снег в Сухуме 15-02-2023 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 13-19 рзы Аԥсны имҩаԥысыз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит, ареспублика ауааԥсыра ракәзар Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҟны адгьылҵысра ааха знаҭаз ауааԥсыра ацхыраара рырҭоит, атәылаҿ асы маҷымкәа илеит, Гәдоуҭа автомашьына ԥжәеит – арҭи егьырҭ ажәабыжьқәеи Sputnik аҿы.

Москваҟа аныҟәарақәа

Жәабран 14 рзы Москваҟа амҩа дықәлеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысраны иҟоуп аиԥыларақәа.
Жәабран 16 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит. Урыстәылатәи аполитикцәеи иареи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәараны иҟоуп.

Аҩыза ижәҩахыр

Аԥсны аиҳабыреи ажәлари ацхыраара рырҭоит адгьылҵысра арыцҳара ззаанагаз Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи руааԥсыра. Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭуеит финанстә цхыраарак аҳасаб ала ҳәа иҳәеит Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Анри Барцыц. "100 нызқь доллар Ҭырқәтәыла иазынашьҭхоит, 200 нызқь доллар – Шьамтәыла", – иҳәеит иара.
Монета номиналом один рубль на банкноте один доллар США. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭуеит
Апарламенттә еиԥылараҟны иара убасгьы иалацәажәан арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь агуманитартә еидара ашьҭра азҵаара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь Аԥсны жәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит. Иазгәеиҭеит, Шьамтәыла инхо аԥсуа диаспора Аԥсныҟа рнырхара алыршара ишазхәыцуа. Аԥснытәи ҭаацәарақәак шазхиоу ииаҭымхаз ахәыҷқәа рыдкылара.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2023
Аԥсны
Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
"Ари азы азакәантә шьаҭа аус адулахоит", - иҳәеит аминистр.
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рыцхрааразы Аҟәа, Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган агәыҳалалартә концерт, еизган 150 000 мааҭ.
Акультура-гәыҳалалартә фонд "Ашана" еизнагеит 100 000 мааҭ цхыраарак аҳасаб ала.

Аимадарақәа рырӷәӷәара

Иаҳхысыз амчыбжь Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова илҳәеит азы Урыстәыла аԥхьаҟагьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара агәы ишҭоу.
"15 шықәса раԥхьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵо Урыстәылатәи Афедерациа урҭ рыхьчара, ԥхьаҟа рыҿиара, ҳаамҭа иақәшәо ҳәынҭқарраны рышьақәгылара хәдықәҵара азнауит", - ҳәа азгәалҭеит Захарова.
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2023
Аԥсны
Захарова: Урыстәыла агәы иҭоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа рырҭбаара
Лара илҳәеит Москвеи, Аҟәеи, Цвихвали рыдәныҟаполитикатәи рекономикатәи позициақәеи шдырӷәӷәо.
Жәабран 13 рзы Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аурыс-китаи агуманитартә усеицзура ацентр ахаҭарнакцәеи дареи реиԥылара еиҿыркааит ҳәа аанацҳауеит ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит Аԥсни Китаии рыбжьара акультуреи аҵарадырреи русхк аҟны аимадарақәа рыбжьаҵара. Иара убасгьы ҳтәылаҿы алекциақәеи амастер-классқәеи реиҿкаара.
Аспорт азы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагбеи Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи реиԥылара мҩаԥысит.Ирылацәажәеит ҩ-республикак рыбжьара аспорт аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа.
Встреча Тараща Хагба и Баграта Хутаба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
Аспорт аусхк аҟны Аԥсни Шьамтәылеи русеицура иалацәажәеит Аҟәа
Ҳагба иазгәеиҭеит, Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аспорт аганахьала аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәгыланы ишыҟоу. Анапы шаҵаҩу амеморандум Аԥсни Шьамтәылеи ролимпиатә еилакқәа рыбжьара.
Баграт Хәытаба иҳәеит ацҳаражәҳәарҭа иалшо зегь шыҟанаҵало аспорти абаҩрҵәыреи русхк арҿиаразы. Иара иажәақәа рыла, ирыдыркылахьеит абри аусхк аҟны аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку аӡбарақәа.

Асоура

Жәабран 15 аахыс Аԥсны иаалырҟьаны ихьҭахеит. Амшын иахьаԥну асы леит, амҩақәа рҿы иқәҵааит. Ареспублика акоммуналтә маҵзурақәа амҩадуқәа рҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргон, еиҳа ишәарҭоу амҩахәҭақәа аԥслымӡ рықәырԥсон, ААИ аусзуҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭон.
Ботанический сад в снегу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Аԥсны
Сыла иҭаҳәҳәаз Аҟәа: жәабранмза ақалақь ауааԥсыра шәымҭак иарлахҿыхит

Анапхгаҩ ҿыц

Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа рынагӡараз даҭоуп Саид Ҳаразиа. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Жәабран 13 рзы араион ахада Аслан Бараҭелиа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын аҽа усурак ахь дахьиасуа азы.

Аоператив еизара

Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгаҩцәа реизара мҩаԥысит жәабран 13-17 рзы. Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко иажәақәа рыла, аҽеизгара ахықәкы хада - архәҭақәа рнапхгаҩцәеи, адҵаҟаҵаҩцәеи рырратә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳара, ианаҭахха урҭ рԥышәа ахарахәара.
Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгаҩцәа реизараҟны ҳтәыла арратә шәарҭадараҟны иҟоу ауадаҩрақәеи, урҭ раԥырҟәҟәааразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирзааҭгылеит.

Ацәгьоуреи ахьырхәреи

Гәдоуҭа аихамҩатә вокзал азааигәара амашьына ԥжәеит жәабран 17-18 руыха. Аԥжәараан аӡәгьы машәыр имыхьӡеит, азинхьчаратә усбарҭақәа аҭцаарақәа мҩаԥыргоит.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнытә рбаандаҩра даҵанаркит акьыбачымазаразы Амилаҭтә центр аҳасабеилыргаҩ хада Антон Пархоменко.
Онкоцентр в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2023
Аԥсны
Аԥсны акьыбачымазаратә центр аҳасабеилыргаҩ хада аҩнытә рбаандаҩра иқәҵоуп
Иара АА АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭақәа 3, 4 иазԥхьагәарҭо ацәгьа иуит ҳәа агәызҩара ыҟоуп (амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала хыԥхьаӡара рацәала аԥара атәтәра ма аныхра, иара убасгьы асеиԥш аумҭа гәыԥҩык ианыҟарҵо).
Иара убасгьы абри аус иаҵанакуеит ацентр аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа еиҳабы Лариса Кәакәасқьырԥҳа. Лев Аргәын иара убасгьы амаҵзуратә ус еиқәирҽаҽеит ҳәа агәызҩара ыҟоуп, Нелли Лагәлааԥҳа – ацәгьоура дацхрааит ҳәа.
Аԥсны инхо Анрик Ԥачлиеи Рафик Оганиани Аҟәа иӷьычит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Аҟәа Астудентцәа рымҩаҟны игылоу ҩнык аҟны аӷьычра ҟалеит. 180 нызқь мааҭи абанктә хсаалагеи зҭаз аԥараҭрақәа ҩба рӷьычит.
ААР адырра ҟанаҵоит, иара убасгьы Астудентцәа рымҩаду аҟны аӷьычра анымҩаԥгаз аамҭеихшара инақәыршәаны, Кортуа амҩаду аҟны игылоу ҩнык аҟны алымҳареиқәеи, абанктә хсаалагақәа фбеи, 18 нызқь мааҭи рӷьычит ҳәа. Анрик Ԥачлиа иаанкыларазы аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит, Рафик Оганиан- аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Шәача инхо Карине Белова даанкылоуп закәаншьаҭада аԥсихотроптә маҭәашьарқәа раахәара, рымазаара, рымҩангара, ареспубликахь ралагалареи рыҭиреи мҩаԥылгон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
Хаҭала леимдаара аан илкыз асумка иҭаз ахәшәқәа рыбжьара иԥшаан 12 грамм инареиҳаны прегабалин.
Иахьатәи аамҭазы Белова даанкылоуп, ашьаус хацыркуп 1-тәи ахәҭа 224-тәи ахәҭаҷ ала.

"Агәхыхыҩ" Аҳәынҭқарратә театр аҿы

Жәабран 15-16 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит Фиодор Достоевски ироман "Ауаа ӷарқәа" ("Бедные люди" - аред.) ала Владимир Симановски ипиеса иалху аспектакль ҿыц "Агәхыхҩы" ("Ловелас") аԥхьарбара.
Аспектакль аҿы еиҭаҳәоуп Макар Девушкини Варенька Добросоловеи рыбзиабара аҭоурых. Ахархәара аҭоуп арежиссиортә маана. Уи ахәаԥшцәа аспектакль азал аҟынтәи акәымкәа асценаҿ иҟоушәа агәаанагара рнаҭоит.
Пресс-показ спектакля Лавилас  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
Агәхыхҩи ауаа ӷарқәеи раамҭа: аспектакль ҿыц иазкны
Аспектакль афырхаҵа хада ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа, афырԥҳәыс хада – актриса Амра Начҟьебиаԥҳа. Аспектакль иара убасгьы иалахәуп Розита Ҭаниаԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Леон Кур-оӷлы.

Аспорт жәабжьқәа

Иаҳхысыз амчыбжь азы Шәача имҩаԥысыз еилаԥсоу ақәԥаратә ҟазараз Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҟны аиааира игеит аԥсуа спортсмен Дауҭ Гәыблиа.
Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы ишиҳәо ала, аицлабрақәа рҿы қәҿиарала ақәгылара аспортсмен илнаршеит Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат иалахәхара. Аицлабра аҟны аиааира игар иара Урыстәыла ачемпионатқәа дрылахәхоит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ашахматтә фестиваль "Аԥсны. Тамшь-Village 2023" хыркәшан Тамшь амҽыша, жәабран 19 рзы. Иара иалахәын жәларбжьаратәи акласс змоу аҟазацәа, Урыстәыла агроссмеистерцәеи аҭыԥантәи ашахматасыҩцәеи.
Первый международный шахматный рапид-турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Аԥсны
Ашахматтә фестиваль "Аԥсны. Тамшь-Village 2023" хыркәшоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0