Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ААР 30 шықәса ахыҵра, атуристтә форум, "Аҵх амузеи аҿы"

© Sputnik / Томас ТхайцукУчастники форума Global Abkhazia, приуроченного к 30-летию МИДа
Участники форума Global Abkhazia, приуроченного к 30-летию МИДа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 15-21 рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы ареспубликаҿ иазгәарҭон Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра амшныҳәа, Аҟәа имҩаԥган атурагентцәа рзы афестивали акциа "Аҵх амузеи аҟни", Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит, уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит.
Sputnik

Аԥсны ААР аиубилеи

Аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит лаҵара 17 рзы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Иара инаҵишьит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ААР қәҿиарала анапы иану аус шынанагӡо, атәыла аполитикатә интересқәа аҳәаҭыхла ишахьчо.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2023
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны ААР 30 шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла адәныҟаполитикатә интересқәа ахьчоит
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахьӡала адныҳәалара ааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иара иазгәеиҭеит аԥсуа дипломатцәа рзанааҭтә ҟазара, иҳәеит аминистррақәа рыбжьара агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа шыҟоу.
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес иазгәеиҭеит 2008 шықәса цәыббра 3 рзы Никарагуа ахада Даниель Ортега Аԥсны ахьыԥшымра шазхеиҵаз, уи аԥсуа жәлар рзин апату ақәҵара ишазырхаз.
Урыстәылеи Аԥсни иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит Венесуела Уго Чавес ахырхарҭарацәатә дунеи азы иқәԥара ишацнаҵо, ажәлар рхатәҳәаақәҵара аҳаҭыр шырбо. Ацҳаражәҳәаҩ аԥсуа дипломатцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2023
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адипмаҵзура аветеранцәа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев агәрагара ааирԥшит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аҿаԥхьа иқәгыло аусқәа қәҿиарала ишынынагӡо азы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәәҳаҩ Михаил Шургалин инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи иахьатәи адунеитә еиҿкаара еиԥшны ишахәаԥшуа, Аԥсны ишазханаҵаз ЛЖәР, ДЖәР рхьыԥшымреи урҭ Урыстәыла ралалареи.

Агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара

Венесуела ахьӡала Урыстәылеи Аԥсни рыцҳаражәҳәаҩ ҿыцс иаҭоу Хесус Рафаель Саласар Веласкес Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи агәраргагатә шәҟәқәа риҭеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан лаҵара 16 рзы, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса аҵра аламҭалаз.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусура аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа ирызкхоит ҳәа игәы ишаанаго, иара убас ҩ-жәларык реимадара арӷәӷәара ишацхраауа, иазгәеиҭеит ажәлари аҳәынҭқарреи рзы аҵак ду шамоу Венесуела аганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара. Аслан Бжьаниа иаҵшьны иазгәеиҭеит Уго Чавес Фриас Аԥсны азхаҵараҟны илагаламҭа.
Посол Венесуэлы вручил президенту Абхазии и главе МИД верительные грамоты - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2023
Аԥсны
Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны ахадеи Аԥсны ААР ахадеи агәраргагатә шәҟәқәа риҭеит
Ацҳаражәҳәаҩ Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит асасдкыларазы.
Аслан Бжьаниа Венесуела ахада Николас Мадуро ареспублика даҭаарц ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынба Хесус Рафаель Саласар Веласкес ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ареспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа 30 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа ихы ахьрылаирхәыз.

Атурагентцәа актәи рфестиваль

Атурагентцәа рзы актәи атуристтә фестиваль "INTOURIST TRAVEL FEST" аатит Аҟәа ахаша, лаҵара 17 рзы.
Аартраан иқәгылаз атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба агәыӷра ааирԥшит хымш-ԥшьымш рыла ари афестиваль мҩаԥысуанаҵы асасцәа Аԥсны иахьыҟоу агәахәара шрынаҭо.
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба атурагентцәа рзы Аԥсны еиҿкаау афестиваль иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба атурагентцәа рзы Аԥсны еиҿкаау афестиваль иазкны
Афестиваль аиҿкааҩцәа – атуроператор "Интурист"-и аилахәыра Garuda агәыԥқәеи, Аԥсны Атуризм аминистрра адгыларала.
Асасааирҭақәа Garuda рышьаҭаркҩы Гьаргь Ачба иазгәеиҭеит Аԥсны атуристцәа гәыҭыӷьӷьаала ишырԥыло.
Аилахәырақәа "Интурист" ргәыԥқәа реиҳабы Исмаил Болиукбашы иҟарҵаз адкылара ԥхазы иҭабуп ҳәа раҳәо, инаҵишьит аусеицура аԥхьаҟагьы ишацырҵо.
Набережная Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Аԥсны
Аекспертцәа Аԥсны имҩаԥысыз атурагентцәа рзы актәи Атуристтә фестиваль ахәшьара арҭеит

Владислав Арӡынба ифотосахьақәа рцәыргақәҵа

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра аҳаҭыр азы Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит ифотосахьақәа рцәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵахь инагоуп еицырдыруа афотосахьақәа реиԥш, ахатәы архивқәа рҿы иҵәахызгьы.
Фотовыставка и презентация книги Абхазия. Ардзинба. Свобода.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2023
Аԥсны
Аҟәа иаатит Владислав Арӡынба ифотосахьақәа рцәыргақәҵа
Ацәыргақәҵа аартра иалахәын Аԥсны раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳа, Владислав Арӡынба аус ицызуаз аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аҿар.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иара убасгьы имҩаԥган "Аԥсны! Арӡынба! Ахақәиҭра" ашәҟәы аӡыргара. Ашәҟәаҿы еизгоуп 2004 – 2021 шықәсқәа рыҩнуҵҟа агазеҭ "Амш ҿыц" аҿы икьыԥхьыз аматериалқәа, Владислав Арӡынба авторс дызмаз атекстқәа, иинтервиуқәа, еиуеиԥшым акьыԥхьымҭақәа. Аизга шьақәгылоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.

"Аҵх амузеи аҟны"

Итрадициатәу акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Аҟәа, уи иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Аԥсны Абанк амузеи.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥгаз акциа "Аҵх амузеи аҟны" аҳәаақәа ирҭагӡаны археологиа аҟәшаҟны раԥхьаӡакәны ицәырган ахьи арыӡни ирылхыз V ашәышықәса инаркны XIII-нӡа ҳера ҟалаанӡа ахархәара змаз амаҭәарқәа.
Акультуратә хәышәҭаарақәа: Аҵх амузеи аҟны Аҟәа ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Аԥсны
Акультуратә хәышәҭаарақәа: "Аҵх амузеи аҟны" шымҩаԥысыз
Даара аинтерес зҵаз акциа мҩаԥысит Абанк амузеи аҟынгьы. "Аҵх амузеи аҟны" иаҭааз доусы алшара рыман аԥараҿырпы аҟаҵара, ахыбраҟны еидкылоу амаҭәарқәа рзы алекциа ирзаԥхьеит.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны акциа инарҭбааны имҩаԥган. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатә еибашьра аҭоурыхқәа раҳарц арахь имҩахыҵит аҟәатәи ашколхәыҷқәа, аԥсшьаҩцәа, аҳҭнықалақь асасцәа. Акциа иалахәхарц Маркәылантәи иааит 60-ҩык аҵаҩцәа.
Акция Ночь в музее состоялась в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Аԥсны
"Аҵх амузеи аҟны": Аҟәа акциа шымҩаԥысыз
Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аҭааҩцәеи реиԥылара еиҿыркааит.
Акциа Аиааира 30 шықәса ахыҵра иадырҳәаларц азырыӡбеит, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идҳәалоу аҭоурыхқәа ирзааҭгыларц уахь инаԥхьан аибашьра аветеранцәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа Аҵх амузеи аҟны шымҩаԥысыз иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа "Аҵх амузеи аҟны" шымҩаԥысыз иазкны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны амҽыша лаҵара 21 рзы.
Гәдоуҭа араион ахадареи ауаажәларреи амҳаџьырцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, ашәҭшьыҵәрақәа амшын ихырҵеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иацҵан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы, уа иаадыртит амҳаџьырцәа рбаҟа. Акомпозициа "Шьышь нани" аԥиҵеит аскульптор Алхас Кәырмазиа Баграт Шьынқәба еицырдыруа иажәеинраала "Амҳаџьырқәа ргарашәа" иалхыз ашәа шьаҭас иганы.
Абаҟа анаадыртуаз ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Риҵа" ахкынагӡаҩ Наҭелла (Татасик) Бигәааԥҳа иналыгӡеит “Шьышь нани”. Ашколқәа рҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Возложение  цветов у мемориала Махаджирам - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2023
Аԥсны
Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Иара убас Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Ҽынла акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥысит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ҽнактәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асланбек Мирзоев илекциеи Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба илекциеи.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы адыгаларала имҩаԥысит арепатриантцәа рхәыҷқәа рзы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазаратә класс.
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит арепатриантцәа рфотосахьақәа 12-еи рҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа.
День памяти жертв Кавказской войны отметили в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2023
Аԥсны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵан ахәылбыҽха. Аҽыуааи аҵәыџь мцақәа зкыз жәаҩыла ауааи еишьҭагыланы имҩасит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа.
Абаҟахьы инеиз ауаажәларреи атәыла анапхгареи ашәҭқәа шьҭарҵеит, амшын ашәҭшьыҵәрақәа хырҵеит.
Аҵәыџь мцеи Нарҭаа рымцеи: Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз шыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2023
Аԥсны
Ацәыргақәҵақәа, аҵәыџь мца, Нарҭаа рымца: Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз шыргәаладыршәаз
Ажәабжьқәа зегьы
0