Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Бжьаниа ипресс-конференциа, "Apsny Star" ахԥатәи асезон

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция Аслана Бжания
Пресс-конференция Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи ажурналистцәа аинтервиу риҭеит, ахада ҩыџьа ауаа амаҵзурақәа ириҭеит, Гәдоуҭа араион аҿы аимҳәаршәаа амҽхак аҽарҭбааит.
Sputnik

Ахада ипресс-конференциа

Жьҭаара 19 рзы имҩаԥысит Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Ҩ-сааҭк ицоз аиԥылараҟны ареспублика ауааԥсыра ргәы иҵхо еиуеиԥшым азҵаарақәа инарҭбааны ирылацәажәан: Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа, атәылахьчара, атранзиттә лшарақәа, аенергосистема иамоу ауадаҩрақәа, аҩнуҵҟаполитикатә проблемақәа, аҳаирбаӷәаза азҵаара, апарт-отельқәа, абжьаратәии имаҷуи абизнес.
Ахада иҳәеит уаанӡагьы ари аус игәы ишҭаз, аха иусуратә график ишалнамыршаз.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Ашәарҭадара, аенергетика, Совмин: Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҟны излацәажәоз

Амчыбжь азы амаҵурақәа анапхгаҩцәа рхаргылара

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәа Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.
Уаанӡа Хәытаба иҳәахьан Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аусеицуразы аизыҟазаашьақәа ахьарӷәӷәо Дамаск мацара шакәым, ацҳақәа бжьанаҵоит Мрагылара Ааигәа егьырҭ атәылақәа рҟынгьы. Хәытаба иажәақәа рыла, аусурақәа цоит арҭ атәылақәа рганахьала Аԥсны азхаҵара аиураз, уи аганахьала алҵшәақәагьы ыҟоуп.
Баграт Хутаба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2023
Аԥсны
Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәа Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.
Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсони аобластқәа рахь аԥснытәи анапхгареи ауааԥсыреи изныкымкәа агуманитартә цхыраара еизганы арҭ аҵакырақәа рахь ирышьҭхьеит.
Агуманитартә цхыраара уахь инаргон Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз аусбарҭа аусзуҩцәа.
Лев Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп

Аимҳәаршәаа аҽарҭбаара

Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҿы аимҳәаршәаачымазара аҽарҭбааит ҳәа лҳәеит араион асанитар ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа есымчыбжьатәи аилацәажәараҿы.
Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҿы 72 хҭыс аимҳәаршәаа азгәаҭоуп лҳәеит Ҷанԥҳа, иагьазгәалҭеит уи ауааԥсыра алаҵа аҟаҵара мап ахьацәыркуа ишадҳәалоу.

Гамзатовтәи аԥхьарақәа

Авар поет, апрозаик Расул Гамзатов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи афорум "Гамзатови Аԥсни: амилаҭи ауаатәыҩсеи рыбжьара" ("Гамзатов и Абхазия: от национального к общечеловеческому") мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы жьҭаара 18 рзы.
Афорум алахәхаразы ареспубликахь иааит Даӷьсҭан амилаҭтә политикеи адин азҵаарақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Арсен Махмудов напхгара ззиуа аделегациа.
Афорум еиҿнакааит Аԥсны акультура аминистрра, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи, Амилаҭтә библиотекеи, ателеканал "Абаза-ТВ"-и рыцхыраарала.
Международный форум к 100-летию со дня рождения Гамзатова открылся в АГУ   - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Аԥсны
Расул Гамзатов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи афорум аатит Аҟәа

Атуристтә фестиваль

IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум "VISIT АPSNY" аатит Аҟәа, ашәахьаҽны жьҭаара 16 рзы.
"Атуризм аԥснытәи аидгыла" ахада, атуристтә форум "VISIT АPSNY" аиҿкааҩ Анна Калиагина лажәақәа рыла, афорум аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥыргоит, аха сынтәа уи амҽхак дырҭбааит. Убас, жьҭаара 15 рзы "Гәыма" аҟны еиҿкаан аԥсуа чыс агьамабаратә фестиваль "Аԥсны агьама".
IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум "VISIT АPSNY" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым азҵаарақәа рыла аиҿцәажәарақәеи астол гьежьқәеи мҩаԥган.
Открытие турфорум Visit Apsny - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2023
Аԥсны
IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум "VISIT АPSNY" аатит Аҟәа

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Асериа "Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа" иатәу ахԥатәи ашәҟәы ӡыргоуп Аҟәа, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жьҭаара 17 рзы.
Аҭыжьымҭа шьақәгылоуп ХХ ашәышықәса анҵәамҭеи ХХI ашәышықәса алагамҭеи ирыҵанакуа аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа ҩынҩажәижәаҩык инареиҳаны рбиографиақәеи ирызку аочеркқәеи рыла. Аԥхьаҩцәа ирбарҭоуп асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҟынтәи аиллиустрациақәагьы.
Асериа "Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа" иатәу ахԥатәи ашәҟәы атираж 400 екземплиар ыҟоуп, 142 даҟьа амоуп. Аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит аилахәыра "Аҟәафон".

"Apsny Star" ахԥатәи асезон актәи аконцерт

Амузыкатә проект "Apsny Star" ахԥатәи асезон актәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ ахәаша, жьҭаара 20 рзы.
Асуперсезон аҟны асценахь ицәырҵит раԥхьатәи аҩ-сезонк рыҟны аиааира згаз ашәаҳәаҩцәа. Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи - Софиа Миаукина, Викториа Лабиа, Сариа Аиба, Кристина Кәыбраа, Елизавета Аммаева. Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтә – Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумутиа, Гәында Абыхәԥҳа, Рената Хаџьиева.
Актәи аконцерт аихшьаалақәа рыла апроект аанрыжьит Гәында Абыхәԥҳа, Елизавета Аммаева, Нила Начҟьебиаԥҳа.
"Apsny Star" асуперсезон хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы. Апроект аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыкатә академиаҿы хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Первый концерт суперсезона Apsny Star прошел в Госфилармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2023
Аԥсны
Асезон хада: "Apsny Star"актәи аконцерт

Ауаҩшьразы аусҭҵаара

Џьеро Марганиа ишьра аганахьала аусҭҵаара хыркәшаны аматериалқәа Арратә ӡбарҭахь инашьҭуп ахәаԥшразы ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.
26 шықәса зхыҵуа Давид Ахьиба гәҭакрыла ауаҩшьра ҟаиҵеит, иара убасгьы закәаншьаҭада ихысуа абџьар аахәара, амазаара, амҩангара мҩаԥигон ҳәа гәызҩарас дыҟоуп.
Генеральная прокуратура  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Џьеро Марганиа иус Арратә ӡбарҭа иаҭоуп

Аамҭак иҟамызт

Аԥсны амармалташь пты ахыԥхьаӡара рацәахеит аҳауатә ҭагылазаашьа инамаданы ҳәа иҳәеит арадио Sputnik апрограмма "Атәылауаҩи аиҳабыреи" аинтервиу азҭаз Ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчаразы амаҵзура ахада Владимир Гьериа.
"Амармалташь пты ушьҭа Аԥсны ишыҟоу иҟазаауеит. Иарбанзаалак амаҵақәа реиԥш аптгьы аԥсабаратә нырра аиуеит. Сынтәа ашоура ӷәӷәа зҵаз аҳауатә ҭагылазаашьа апты ахыԥхьаӡара аррацәеит", - иҳәеит иара.
Аҟазауаҩ иазгәеиҭеит амаҵа злашьақәгылоу аморфологиа иабзоураны аӡын аҽахьаҵәахыша ишашьҭало.
"Мызқәак апты аҽаҵәахлоит, уаҩы иԥырхагам. Уажәшьҭа иара ааԥыни аԥхын алагамҭеи рзеиԥш ашәырқәа ирԥырхагам, иара иахықәкы хадоу - аӡынра иаӷьхыҵысыша ауп", - ҳәа иҳәеит Гьериа.
Гьериа иажәақәа рыла, быжьба-ааба мшы апты аҭыԥ ԥхаррақәа ирышьҭазаауеит, нас уаҩы имбо аҽаҵәахуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0