Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иҵегьы рӡыргара аҭахуп: ажурнал "Алашара" афбатәи аномер иану анҵамҭақәа

© Foto / Предоставил Анатоли Лагулаа Ажурнал "Алашара"
Ажурнал Алашара - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2023
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Алашара" аредактор хада апоет Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит ажурнал "Алашара" 6-тәи аномер ианылаз нҵамҭақәак рыхҳәаа.
Иҭыҵит ажурнал "Алашара" сынтәа аҵыхәтәантәи 6-тәи аномер. Уи иану аҩымҭақәа рҟынтәи хаҭала ҳарзааҭгылар ҳҭахуп иалаҳкааз рҿиамҭақәак.
Сынтәа апоет Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит. Ажурнал иҟанаҵаз аҳәарала апоет иаҳзааишьҭит иажәеинраала ҿыцқәа.
Валери Касланӡиа поетк иаҳасабала данцәырҵ инаркны ипоезиаҿ гәыцә хадас иҟоуп аԥсуа бызшәа ахӡыӡаареи, ҳаԥсадгьыл абзиабареи, уаҵәтәи ҳҵеира ԥсуаҵас рааӡареи, ҳмилаҭ хыԥхьаӡарала реизырҳареи аидеиақәа. Арҭ азҵаара хадақәа ҳаԥсуа поетцәа рҩымҭақәа рҿы есымшагьы хадара рымоуп, убри азы, зегь раԥхьа иргылатәу урҭ ҿыц блала раарԥшышьа ауп.
Валерий Касландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2023
Аԥсны
"Сгәы ԥхаррала иҭәын!..": Валери Касланӡиа ииубилеи азы
В. Касланӡиа ирҿиаратә лшамҭақәа ирылубаауеит ахәыҷқәа ирызку аҩымҭақәа – ажәеинраалақәеи алакә-поемақәеи. Аԥсуа хәыҷтәы литература аизҳазыӷьараҿы иџьабаа ду ҳасаб азуны, ишәҟәқәа "Анҷа-кәынҷа"", "Жьакәыр гәымшәа" рзы 2017 шықәсазы иара ианашьан Т. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Аус адиулоит игәыгәҭахан иҟоу иагьыуадаҩу ажанр – адраматургиа. Лымкаала ицааиуеит аԥсуа ԥсҭазаараҟынтәи иаагоу абзазаратә пиесақәа. Урҭ иреиуоуп: "Апҟа шкәакәа" (1985), "Аилага" (1987), "Икнаҳау аӡахәарқьақьа аҿаԥхьа" (1997), "Аԥсыуала хаҵацара" (2006). "Апҟа шкәакәа" иалхыз аспектакль қәҿиарала иқәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, "Аилага" – Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.
Ашәҟәыҩҩы қәрала дышмаҷымгьы ирҿиаратә гәаҳәара еихсыӷьуам. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иаԥиҵоит апрозатә ҩымҭақәагьы. Акьыԥхь рбахьеит аԥхьаҩцәа гәахәала ирыдыркылаз иповест "Аџьныш лымҩа", иажәабжьқәа "Асас ҟьала", "Абыда ииз", "Ҭандел ихәы" уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рҿы автор агәыбылра ду аҵаҵаны ицәыригоит ибзианы иидыруа, игәаҿы зҭыԥ зҳахьоу аԥсҭазааратә хҭысқәеи ауаа лашақәеи рхаҿсахьақәа.
В. Касланӡиа дрылаҟоуп ауаҩы еснагь дҳаразкуа аҟазшьа хазынақәа: ақьиара, аԥсыцқьара, ҳақла ахымҩаԥгара, ахӡырымгара. Абарҭ аҟазшьақәа роуп хадарала дыззышәаҳәо уи баҩхатәрала иаԥҵоу исахьаркыратә рҿиамҭақәа рҿы.
Абар, Валери Касланӡиа уи ажурнал иану иажәеинраалақәа руак ишанирԥшуа.
АМШ ИАХЬАТӘИ
Ииасхьоу аамҭа
Иагеит иаратәы,
Уи сара исзалаӡам
Акгьы.
Иахьатәи амш уоуп
Сызҭоу,
Уҟанаҵ сулагӡа.
"Алашара" 6-тәи аномер иану иналукааша арҿиамҭақәа иреиуоуп ашәҟәыҩҩы-адраматург Анзор Мықәба иповест ҿыц "Мезиҭҟа ахалара". Ари инеиҵыху арҿиамҭа ажурнал х-номерк инагӡаны ирнын, аԥшьбатәи, ахәбатәи, афбатәи аномерқәа. Аԥхьаҩ ибзиан ишидыруа еиԥш, ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба Ҭырқәтәыла акыр дныҟәахьеит, уа иҟоу аԥсуаа днарылс-аарылсны ибахьеит, рыԥсҭазаара, рҵас-рқьабз бзиан идыруеит, ирацәаны дрыцтәахьеит, дрыцгылахьеит. Убри азы, ашәҟәыҩҩы даара ибзиан иааирԥшит уа инхо ҳажәлар рыԥсҭазаашьа, рҟазшьа, рыгәҭыха, рыԥсадгьыл гәакьахь ирымоу абзиабара. Аҩымҭа ахы инаркны аҵыхәанӡа иагәылсуеит аидеиа хада аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳбызшәеи ҳаԥсадгьыли реиқәырхаразы шакәу ҳаԥсы зҭоу, уи ахаангьы ҳшацәхьамҵуа, ҳшьа ишалоу. Автор ибызшәа цқьоуп, иҩымҭа иныҟәнаго афилософиа ҵаулоуп, аповест знык иаашьҭыхны аԥхьара уанналагалак, уаланахалоит, аҵыхәанӡа уаԥхьаанӡа узаҟәыҵӡом...
Уажәы аԥхьаҩ аповест ахәҭа хәыҷык даԥхьар сҭахуп, убри алагьы еиликаар илшоит мшыннырцә иҟаз ҳашьцәа усҟантәи ашықәс хьанҭаӡақәа рзы ирхыргоз:
Еицырдыруа ахьыӡқәа: ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Арадио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба
"Абри аамҭазы, ҽнак ҵабалаа рқыҭақәа инарылаҩит дара-дара рыбжьара еицәыԥхашьаны зеиҭаҳәара рцәыуадаҩыз хҭыс бааԥсык шыҟалаз. Хыԥхьаӡарала имаҷҩымыз уаа цәгьақәак, Арнауҭ-қьеҩ захьӡыз қыҭак инақәланы, аллаҳ аԥсҭазаара зиҭаз уаатәыҩсак рхы ишаҭәарымшьашаз ала ишрызныҟәаз. Ақыҭауаа рыҩнқәак амца ахьрыцрарҵаз азмырхакәа, ирҿагылаз ахацәа рахьынтәи аӡәырҩы ршьит. Аха уи аҟынгьы иаанымгылакәа, ахыхьчара злымшакәа ирԥыхьашәаз аҳәса иреиуаз аӡәырҩы рцәа ԥырҽит, иршьызгьы ҟалеит.
Ргәы днархьит ари ажәабжь ҵабалаа. Аха ҷыдала ргәы днархьит аҳәса рцәаԥҽра зхы иаҭәазшьаз урҭ ацәгьоуцәа кабеи-кәымжәылеи еилаҳәаз џьоук ракәын ҳәа еимырҟьа ауаа ирылаз ажәабжь. Ус еиԥш амаҭәа зшәызҵоз кавказаа иреиуаз ракәӡан. "Абарҭ ҳус злам ҟьашьрак хаҵарымгалааит" ҳәа гәҩарас ишьҭызхыз аӡәырҩы ҟалеит. "Уи аҩыза аҳәымгара ҳара аԥсуаа ҳхы ишаҭәаҳамшьо ҳазлоу зегьы ирдыруеит, гәырҩас иҟашәымҵан" ҳәа ргәы ҭынчны ицәажәон даҽа џьоукгьы.
Абри ахҭыс бааԥс еимырҟьа ианалацәажәоз аамҭазы, ҽнак, ҩыџьа-хҩык ажандармцәа ицны Мезиҭҟа дхалеит, уаанӡагьы изныкымкәа ирызхалахьаз акаимакам Осман-беи имаҵуҩы Иунус..."
"Алашара" 6-тәи аномер иану иаарылукааша арҿиамҭақәа иреиуоуп ажурналист-апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа инеиҵыху лышҟә ҿыц аҟынтәи иаагоу лыстатиа "Шьала иҩу ашәҟәы". Ари аҩымҭаҿы ибзианы иаарԥшуп ааигәа ҳажәлар ирхыргаз аибашьраан Очамчыра ақалақьи, уи ақыҭақәеи, Тҟәарчали рҟынтә Гәдоуҭаҟа иаауаз асалам шәҟәқәеи, иара убасгьы Гәдоуҭантәи вертолиотла ирышьҭуаз асалам шәҟәқәеи руаз ажәа, рмыткәма, рхаҵара, ргәымшәара... Абри астатиа зызку ауааи уа иаагоу аибашьраан иҩыз асалам шәҟәқәеи инагӡаны ирыԥхьаз, ииашаҵәҟьан иаҳхаагаз аибашьра ҿыц дналагылазшәа ибла иаахгылоит...
Презентация новой книги Екатерины Бебиа Письма, написанные кровью прошла в АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Шьала иҩу асаламшәҟәқәа" аӡыргара мҩаԥысит
Екатерина Бебиаԥҳа аибашьра еилашыра далагылан, журналистк, шәҟәыҩҩк лаҳасабала лыбла иабаз даара ирацәоуп, убри азы, арҭ асаламшәҟәқәа лара ирыцылҵо атекст, дара рхаҭақәа реиԥш, игәыҭшьаагоуп. Насгьы, еиҳараӡакгьы, ажурналист лыстатиа аҵак ду замоу, аибашьра иахааным, уи ашьҭахь ҩажәижәаба шықәса рышьҭахь ииз рзы асаркьеиԥш ирныԥшуеит ҳажәлар ирхыргаз ргәаҟреи, ршьаарҵәыреи, хьаҳәаԥаҳәа змамыз ргәымшәареи рхаҵареи... Асеиԥш иҟоу арҿиамҭақәа хажәлар рҭоурых иацзаауеит, уаҵәы игылоу аҿаргьы рхы-ргәаҿы ахааназ ирхамышҭуа, игәырҽанҵаганы иаанхоит...
Абар лара лхаҭа лыстатиа алагамҭаҿы Аԥсуа радио аусзуҩцәа рзы шаҟа гәыблыла дцәажәо:
"Аԥсуа радио аколлектив ианакәзаалакгьы абзиеибабара, апатуеиқәҵара, аицхыраара, аихаҵгылара ҳабжьан. Ҳусураҿ аҭакԥхықәра зегь раԥхьа игылан, аха сара сабиԥара, 80-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа радио аҟны аусура иалагаз, ҳаиҳабацәагьы пату рықәҵо, аиқәлацәагьы ҳаиҩызара ҳаракны, ҳусеицура цәымза лашаран хаҭала сара сдунеи иалыԥхоит. Иҵабыргны, илашаран, иагьнасыԥ дуун Аԥсуа радио зжурналисттә усура адҳәалаз зегьы ҳзы иҳаҩсыз ашәышықәса 80-90 ашықәсқәа раан ҳусеицура. Насыԥ ҳаман, ачча ҳҿықәын, аԥсҭазаара ҳгәаҳәон, арадиожурналистика маҷ-маҷ ҳнапахьы иааҳгон…
Ахаан исхашҭуам закәытә бла хааз иаҳхьыршаз хҩык: Гарри Дбар, Зураб Аргәын, сара, ажурналистика афакультет ҳалган ҳанаа, "раԥхьатәи ҳажәҵарақәа" ҳәа ҳаԥхьаӡаны ҳашрыдыркылаз Аԥсуа радио усҟантәи аусзуҩцәа: Константин Гьерхьелиа, Артиом Амқәаб, Владимир Аҳашба, Ҭамара Хышба, Антонина Ҳагба, Елена Гәымба, Семион Адлеиба уҳәа. Ҳара ҳраԥхьатәиқәан, хықәкыла ажурналистика аҵара зманы Аԥсуа радиои ателехәаԥшреи инаҵагылаз.
Екатерина Бебия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2023
Аԥсны
Ажәак ишашьҭоу изыршо: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара
Ибзиаӡан исгәалашәоит, "Аԥсуа радио асааҭ 7 рзы аефир ахь иҭыҵуа аҟаҵара сылсыршеит" ҳәа дангәырӷьоз, усҟантәи ашықәсқәа рзы Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра хантәаҩра азызуаз Шамил Хәсин-иԥа Ԥлиа. Уи хықәкыс иман аԥсуаа аԥсуа бызшәала рышьыжь алагарц. Ибзиаӡан исгәалашәоит, Шамил Ԥлиа аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа рзы акыр шықәса дыззықәԥоз арадиодырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы" азин аниоу, закәытә гәалаҟараз имаз..."
Ажурнал "Алашара" афбатәи аномер иану, иналукааша даҽа рҿиамҭакгьы хымԥада абра алацәажәара иаԥсоуп. Сара сгәаанагара ала, аҵарауаҩ қәыԥш Саида Ҳаџьымԥҳа ҳаибашьҩцәа ӷьеҩқәа аӡәырҩы дрыҿцәажәахьеит, урҭ ирхыргаз аџьамыӷәа бзиаӡаны иаалырԥшхьеит, ажурнал адаҟьақәа рҟны акырынтә иаҳкьыԥхьхьеит урҭ хәы змаӡам аматериалқәа... Даара иҳамҭа бзиахон ҳажәлар рзы урҭ шьҭа иааизакны шәҟәыкны иҭыжьзар, адунеи арбазар... Избанзар, уи ҳара ҳҭоурых ауп, шьала иҩуп, цәаҳәакгьы ҳажәлар ирцәыӡыр, ираҩшәар ҟалаӡом... Убасеиԥш иҟоу, Саида даара илықәҿиаз, лыҿцәажәара бзиаӡақәа иреиуоуп абри аномер иану "Исыцеибашьуаз рылымкаа сфырхаҵан ҳәа схы сыԥхьаӡом" захьӡу аибашьҩы ӷьеҩ, Очамчыра араион Баслахә ақыҭаҿ инхо Беслан Қьиқориеи лареи реиҿцәажәара. Аиашаз, ари аиҿцәажәара иаԥхьаз иаразнак агәра игоит ҳажәлар ахааназ ԥсра-ӡра шрықәым, урҭ ирылиааз аҵеира аибашьра, аԥсадгьыл ахьчара, рыжәлар реиқәырхара мацара адагьы, иҵегь хара ишхәыцуа, изеибашьуагьы, хар змам, ламыс змоу, ҳажәлар пату рықәызҵо аӡәыр дыҟазар, убарҭгьы пату рықәырҵоит, убриаҟара рыламыс дууп, иқьиақәоуп...
Абас еиԥш иҟоу анҵамҭақәа ахьаҳкьыԥхьыз, ажурнал иахьану мацара азхаӡом, хымԥада, аӡыргара бзиа рҭахуп, иалкаалатәуп, уимоу, ҳашколқәеи иреиҳау ҳҵараиурҭақәеи рҿы аҵара зҵо аԥхьалартә, рнапаҿы инеиртә иҟаҵатәуп... Уи ҳуалԥшьақәа зегьы иреиҳау уалԥшьоуп...
Ажәабжьқәа зегьы
0