Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сеихшьаалақәа рыхәҭак: Анатоли Лагәлаа 2023 шықәсазтәи илкаақәа

© Sputnik Анатолий Лагулаа
Анатолий Лагулаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2024
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы сҿаԥхьа иқәсыргылаз сыгәҭакқәа рынагӡара сылшазшәа збоит ҳәа азгәеиҭоит, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ииасыз ашықәс еихшьаало.
Сара егьырҭ сҩызцәа зегьы реиԥш, даара сазыҳаҵҳаҵеит Sputnik аҿы хаҭала имҩаԥызго адаҟьа "Алашара узырбо ауаа" ахь иааԥхьаны срыҿцәажәаларц ҳтәылаҿы даара еицырдыруа ауаа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҟазауаа, асахьаҭыхҩцәа, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, акомпозиторцәа. Урҭ зегьы иахьа уажәраанӡа рхы-рыԥсы иагыжьны рыжәлар рзы абзиара иашьҭоу, абзиара зырҿио уаауп, интеллигентцәоуп. Урҭ ҳажәлар рдоуҳатә культура бзиан ирдыруеит, уи иалиааит, иахьеи уахеи ҳбызшәеи ҳмилаҭтә традициақәеи, аԥсуаа ҳаидеиа хадақәа реиқәырхареи, рыларҵәареи иазхәыцуеит, убри ала рыԥсы ҭоуп... Урҭ агәра ргоит, иааҟарҵо зегьы рыла ҳажәларгьы агәра ргар рҭахуп, ҳара аԥсуа милаҭк раҳасабала ҳаԥсадгьылаҿ ҳаиқәзырхо, ҳакзаареи, хаидгылареи, ҳхыԥхьаӡареи, ҳаҿиареи, мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа рыԥсадгьыл гәакьахь рырхынҳәреи, ҳбызшәа аиқәырхареи шракәу.
Иаҳхысыз ашықәс азы сзыҿцәажәаз ҳаинтеллигенциа, ҳҟазауаа иаарылукаартә иҟоу рацәаҩуп, аха иахьа рыӡбахә сҳәоит урҭ рахьтә ԥыҭҩык. Убарҭ рҟынтә иӡбахә ала салагар сҭахуп,Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат, апоет, ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ- Геннади Аламиа. Иареи сареи ҳаиҿцәажәара изкын Аҟабарда жәлар еицырдыруа рмилаҭтә шәҟәыҩҩы ду Заур Налоев. Заур Аԥсны даара аамҭақәа аныуадаҩыз акырынтә даахьан, ижәҩахыр есымша иаҳзааигәан, насгьы, Баграт Шьынқәбеи иареи акырӡа пату еиқәырҵон, ара Аԥснеиԥш, уа Ҟабардагьы еиԥылахьан аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ианасакьаҳәымҭаз.
Заур Налоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
Адунеи иақәлаз ашәҟәыҩҩы: Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵит
Убарҭқәа зегьы ибзиан дырхаануп, дрылагылан, иблала ибеит, уимоу, урҭ ашәҟәыҩҩцәа дуқәа еиқәшәартә, еибабартә, ақырҭқәа еиҿыркааз ацәгьаурақәеи ахәымгарақәеи, аибашьреи, иақәыӡбартә, рыбжьы еицдыргартә, адунеи иаҳартә иҟазҵаз дреиуоуп Геннади Аламиа. Уимоу, иахьауажәраанӡа цқьа иҭҵааӡам, аибашьраан Нхыҵ Кавказаа рашьцәа аԥсуаа ирывагылан еибашьыртә иҟазҵаз рахьтә шаҟа аҵанакуа апоет Геннади Аламиа ироль. Уи ҳаԥхьаҟа аҭоурых ианылашт, ирҩышт, аха уажәнатәгьы, ҳҵеира ирдыруазароуп урҭ ахақәиҭра рзаагаразы, зыԥсҭазаара зегьы азызкыз ҳмилаҭтә- хақәитратә кәԥара иалагылаз ҳаинтеллигенциа рыхьӡқәа иахьынӡарыхәҭоу.
Егьырҭ сеиҿцәажәарақәа руак азкуп апоет, академик, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵра аиубилеи. Аиашаз, Владимир Занҭариа иҿцәажәара сара даара агәахәара снаҭеит. Зегь раԥхьа иргыланы узыҿцәажәо инарҭбаан ихәыцуа уаҩызар, акрибахьазар, аԥсҭазаара ацәқәырԥақәа акыр дрымхәыҽыкәа дрылсхьазар, иԥышәоу уаҩызар, убри инаԥшьны, аԥсуа литература еиԥш, адунеитә литературагьы бзиан идыруазар, уцәажәара даара ирманшәалоит, узҵаарақәа рҭакқәа ажурналистцәа аӡәырҩы ишрыхьуа еиԥш, "рыцәра" уқәшәаӡом, ишиашоу инаган утекст иҭауртәоит. Убриоуп изахьӡу аҟазарагьы, убри иоуп изахьӡу, ибзиаӡан зус здыруа, иазыҟаҵоу ауаҩы.
Владимир Занҭариа иҿцәажәара акрунаҭоит, акрыунардыруеит, уи длитераторуп, дыҭҵаарадырҩуп, джурналиступ, дуаажәларратә усзуҩуп, аҳәынҭқарратә ус дуқәа дырхагылахьеит, ибахьеит, убри инаԥшьынгьы, Аԥсны раԥхьатәи ахада дивагылан, аус ициухьеит, уимоу, иҩызцәа ааигәақәа рахь диԥхьаӡон... Нас, убри мацарагьы, акырӡа аанамгаӡои?! Асеиԥш иҟоу ауаа хатәрақәа рԥышәа ду рыҿцааразы мацара ҳҿари дареи ирлас-ырласны еиқәыршәалатәуп, ирымазароуп аимадара бзиа, избанзар, урҭ аамҭа иаӡрыжәхьеит, ирҿуҵааша рацәаӡоуп...
Владимир Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Аԥсны
Зҭәымҭа иҭагылоу апоет-академик: Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵит
Иаҳхысыз ашықәс азы сара гәахәарыла сзыҿцәажәаз дыруаӡәкуп асахьаҭыхҩы Илиа Ҵәыџьба. Аиашаз, Илиа иҿцәажәара сара даара гәахәарыла имҩаԥызгеит, исзыманшәалан, избанзар, иареи сареи қыҭак ҳаицалҵит, еицҳазҳаит, ихәыҷра инаркны, иҭышәынтәалара аҟынӡа ибзиаӡан дыздыруеит, ишырҳәо еиԥш, силԥшны дызбахьеит. Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, Илиа раԥхьаӡатәи исахьаҭыхымҭақәа, иажәеинраалақәа, ашьҭахь Аҟәа асахьаҭыхратә ҵараиурҭиа данҭала, еиҳагьы ирлас-ырласны ҳаиқәшәон, еиуеиԥшым аҟазацәеи ашәҟәыҩҩцәеи реиԥыларақәа рҿы ацәажәарақәа ҳақәшәон. Уи ааигәатәи ҳаибашьраҿгьы хаԥсыра ибеит, ҳаи анырҳәа, раԥхьа абџьар кны зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз, аибашьра ааилгаанӡагьы зашьцәа хаҵарыла ирывагылан еибашьуаз дреиуоуп...
Сгәы иаанагоит, ҳаиҿцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳсахьаҭыхҩы бзиа иахьа дахьынӡааихьоу иԥсҭазаареи ирҿиареи раарԥшышьа сақәшәеит ҳәа...
Илиа Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Аԥсны
Ауаҩы игәаҵӷа иаҵдоуп иара ибызшәа
Ҵыԥхтәи ашықәс анҵәамҭазы сиҿцәажәеит иара убасгьы аҵарауаҩ, аетнограф, апрофессор Валери Леуард-иԥа Бигәаа.
Уи иара дызҿу аҭҵаарадырра анаҩсгьы, акыр дазааҭгылеит иахьатәи ҳаԥсуа литература, уи аҿиашьа, аизҳашьа, рыхьӡқәа иҳәеит иара бзиа иибо ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа, далацәажәеит иара ихаҭа дызлагылаз аԥсуа-қырҭуатә еибашьра, уи ҳажәлар ирзаанагаз агәаҟра, арыцҳара, аха убри зегьы иаиааины иахьа игылоу аҿар ишрыцхраатәу, амҩа иаша ишықәҵатәу, дазааҭгылеит абызшәа апроблема, ҳдиаспора рыԥсадгьылахь рхьарԥшра, уҳәа, иахьа аԥсуаа ҳазмырҭынчуа зегьы…
Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2023
Аԥсны
Згәы еицамкуа аҵарауаҩ: Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵит
Ажәакала, ҵыԥхтәи ашықәс сара ирацәаҩны ҳаԥсуа интеллигенциа срыҿцәажәеит, еилыскааит рыгәҭыха, рхықәкы, измырҭынчуа, изеигәырӷьо, изықәӷәыӷуа. Агәрагьы згеит, ҳаԥсуара шмыӡуа, ҳбызшәа шеиқәхо, амала акызаҵәык, ҳара зегьы ҳахьгылоу иахәҭоу зегьы ҟаҳҵалароуп, уи ҿымцәаарц азы, акыр зылшо аҭыԥқәа рҿы игылоу асахьа азы мацара акәымкәа ирылшо зегьы ҟарҵаларц, иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааган ирырҭаз ҳбызшәа аус ауртә, иалацәажәалартә, агәыбылра ркыртә, ада ԥсыхәа рмоуртә…
Ажәабжьқәа зегьы
0