Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сара исҭахын алакә аԥысҵаларц, алакә мацара…": Даур Занҭариа игәаларшәаразы

© Foto / из архива семьи Зантария Даур Зантария
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2024
Анапаҵаҩра
Иахьа, лаҵарамза 25 рзы 71 шықәса ҵит аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа диижьҭеи. Уи ибзианы дыздыруаз, ҩызак, ԥхьаҩык иаҳасабала ибзианы аиҿцаара зыбжьаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа есышықәсеиԥш, сынтәагьы игәараҭа даҭааит, уи изку анҵамҭагьы азлырхиеит.
Даур Занҭариа иирамшуп иахьа. Егьа уҩыргьы, егьа уҳәаргьы, еснагь иҟоуп аҳәатәы. Иахьа иԥсы ҭазҭгьы 71 шықәса ихыҵуан ашәҟәыҩҩы.
"Исҭахыҵәҟьам схәыцрақәа гәыгәҭажьхар, Сымч-сылшара баша инкабар" иҳәоит аҩымҭа ссирқәа ҳлитература иазынзыжьыз ашәҟәыҩҩы. Уимоу, иара данҳаԥха еиҳагьы ҳаҿыгәҳәааны ҳрыԥхьоит илитературатә ҭынха иагәылоу иажәеинраалақәа, иажәабжьоуқәа, ироман, ипублицистика. "Сара исҭахын алакә аԥысҵаларц, алакә мацара", - иҳәоит Даур, арҿиара агәазыҳәара шимаз ҳардыруа.
Аабыкьа Тамшь иҳаҭгәын аҿы ҳаҟан иҩызцәа, амармарташьлых баҟа аҟынтәи иаҳҿаԥшуеит ачча зҿықәу ашәҟәыҩҩы ихаҿсахьа, ивараҿы - аҳкәажәра иамазкуаз иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лаша. Иаб Занҭариа Баӡ иашҭа цқьашәқьаӡа еилыргоуп, анкьа игылаз аҩын ду абаҟаху, аибашьра иццышәнатәит, аха инхеит ара зны аԥсҭазаара шеилашуаз шьақәзырӷәӷәо амаҵурҭа:
Выжил раненый сад.
Вот и плоды висят.
Только, деревня моя,
Где твои сыновья…
© Foto / Елеонора КоӷониаДаур Занҭариа игәараҭа. Тамшь
Даур Занҭариа игәараҭа. Тамшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2024
Даур Занҭариа игәараҭа. Тамшь
Даур Занҭариа иҩымҭақәа рҿы акырынтә далацәажәахьан аибашьра аамҭазы аӷа импыҵахаланы иҟаз иаб иҩны ахәаԥшра насыԥны ишиԥхьаӡоз:
А где наш дом?
Там сытый враг Вершит разврат и варит мак,
А вдоль на набережной в ряд
Все пальмы стройные горят…
Даҽаџьара ҳаԥхьоит:
Ты вези, вези меня,
Бээмпешка синяя.
Если нас гранатомет
На развилке подорвёт,
Обмани мою сестру,
Что уехал в Анкару…
Иирамш азы даҽа нҵамҭак ҟаҵо, акыр ихьааганы исгәаласыршәоит зҟазшьа мараҳәыз Даур ибара заҟа агәалаҟара бзиа ацыз. "Сышә аӡә дасит" иҳәоит Даур илирикатә жәеинраалаҿы, аха иара ҳара ҳахь днеиуан ашә дамыскәа, иара ихы ианҭашәалк, еиҳаракгьы ҵхагәазы. Уажәтәи аамҭазы уахынла акәым, ҽынла ауаа аиҿцаара ианаҟәыҵхьоу уаԥшны иуҳәозар, усҟантәи ахҭысқәа насыԥ зцыз ԥсҭазаараны избоит.
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Ҵа змаӡам абызшәа аӡмыжь: Даур Занҭариа ибызшәа азхәыцра
Даур иқыҭа иатәу ажурналист Фатима Қәҭелиаԥҳа илгәалалыршәоит уи ихәыҷра, ишкол ԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа. Лара лажәақәа рыла – Даур дзааӡоз иҭаацәа акыр ирқьынцыцны ирымаз ҷкәынан.
"Ихы ду беиа ибо акәын ашкол ашҭа дышҭаз, илеишәагьы ҭынчмызт, аисрақәагьы дрызҟазан, аха иара иман ҟазшьа џьашьахәык – ибзиаӡаны аҵара иҵон, амаҭәарқәа зегь ицааиуан имариаӡаны", - лҳәоит Қәҭелиаԥҳа.
Ажурналист иара иаҵкьыс деиҵбын, аха ашәҟәыҩҩы идҳәаланы илдыруагьы маҷӡам. Фатима лаб иашьа Сардиан адәыӷба мҩаԥгаҩыс аус иуазааарны. Даур усҟан аррамаҵзура дахысуан Санкт-Петербург. Баӡ Занҭариа игәыла Сардиан диҳәеит иҷкәын арра дахьыҟоу днеины дибарц, еилаҳәарак изигарц.
"Сардиан аусқәа реиҿкаашьа идыруан, уаҟа акомандаҟаҵаҩ днаиацәажәан, аруаҩ Даур Занҭариа даарымхны, ԥсшьара ҳәа аҩныҟа дааигеит", - лҳәоит Фатима.
Солдатик в увольнении. Ура!
Пошли приготовления с утра.
И вот, успев постричься и побриться,
Из КПП ты – как из клетки птица…
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2023
Аԥсны
Амреи аԥсреи реилыҵра Даур Занҭариа ирҿиамҭаҿы
"Ҳәаа амамызт Баӡ игәырӷьара иҷқәын игәиҽанӡамкәа иашҭа данҭала", - лажәа налыгӡоит Қәҭелиаԥҳа.
Ишысҳәахьоу еиԥш, Даур ашкол данҭаз ибзиаӡаны аҵара иҵон, ашкол хьтәы медалла далгаразы аԥышәара иҭиуан. Аха, абраҟа иҟалеит аԥықәслара.
"Иара ииҩыз ахыҭҳәаа агха амоушәа днарбеит Очамчыратәи акомиссиа, иааихҵәаны иаҳҳәозар, ақыҭа школ иалго аурыс хыҭҳәаа "хәба" ҳәа изыҩуазма ҳәа гәрамгарҭас дышьҭырхит. Даур ихы имакәачрамзи, "снапы ишаҩыз ауп ииашоу" иҳәазаап. Ашьҭахь Тамшьтәи ашкол анапхгара Қарҭҟа ирышьҭит апеллиациа ҳасабла рҵаҩы иусумҭа", - лҳәоит Фатима.
Лара ишылгәалашәо ала, Баӡ Занҭариа ари даргәамҵуан, аха дук мырҵыкәа Қарҭынтәи иааит ашәҟәы, аҵаҩы Даур Занҭариа иусумҭа хәба ҳәа иҩуп ҳәа зҳәоз. Иара иҳәан еиԥш – инапы ишаҩыз акәын ишиашаз.
Ашәҟәыҩҩы иқыҭа иадҳәалоу асиужетқәа маҷымкәа ирҿиахьан, аперсонажцәагьы ибзианы иидыруаз рсахьа иақәҭихызшәа акыр еиҿырцааны аԥхьаҩцәа ирызирхион. Даур еснагь даргәымаҵуан иашәақәа изызку рҟынӡа имнеир ҳәа: "Исҭахуп абзиабара амца Сашәа исҳәо ажәҩан ахь иагар…"
Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Агәалашәара ахьмыӡуа аҩымҭақәа рҿоуп: Светлана Корсаиаԥҳа Даур Занҭариа изы
Дыццакцәан сгәахәуеит, иахьа санизхәыцуа. Аамҭа ахраӡага икылнаххьеит иахьа шәышықәса ирҭысхьоу аԥсуа сахьаркыратә ажәа. Уи ахраӡага иннажьыз ахҷаҭқәа иргәыларшәуп "Ӡызлан" автор ихьӡгьы.
Сзыргәамҵуазеи сара иахьа здунеи зыԥсаххьоу ашәҟәыҩҩы иирамш азы аҩра санаҿу? Агәхьаагара саргәамҵуеит. Цәала-жьыла дахьыҟам, сышәхымс сгәысҽанӡамкәа дахьахымҵуа.
Исызҳәома сара ҳаиҩызцәан ҳәа? Мап, мап, сара ашәҟәыҩҩы сасра дызҭаауаз аԥхьаҩ сакәын. Иара еснагь аԥхьаҩцәа дрышьҭан, уи инаҭон аԥсҭазаара агәаԥхара:
Уажә ашьацра снылатәан,
Ахцәы иаҵәа сԥеит.
Абӷьы ԥшқақәа срылаҭәҳәан,
Ашәа ссир дсырҳәеит…
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2023
Амҩа ианыланы инеиуа, Амҩа аҵыхәан уаангыл!: Даур Занҭариа илирика
Ажәабжьқәа зегьы
0