Амҩа ианыланы инеиуа, Амҩа аҵыхәан уаангыл!: Даур Занҭариа илирика

© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Зантариа
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2023
Анапаҵаҩра
Апоет Даур Занҭариа диижьҭеи 70 шықәса ҵуеит лаҵара 25 рзы. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ашәҟәыҩҩы иаԥҵамҭақәа ирызку ланҵамҭақәа хлыркәшоит Даур Занҭариа илирика иазку аматериал ала.
Даур Занҭариа ирҿиамҭақәа рӷьырак прозатә ԥҵамҭақәазаргьы, зегь акоуп апоезиа дацәыхаран узҳәом. Ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа иҳәан еиԥш: "Д. Занҭариа ипроза ашәшьыра иҵамхеит уи илирика. Иара ихатә ԥсҭазааратә драма, илахьынҵа, идунеидкылашьа нарҵауланы ианыԥшуеит".
Сынтәа зиубилеи азгәаҳҭо ашәҟәыҩҩы том рацәала апоезиатә ԥҵамҭақәа иҭнымхазаргьы, зегь акоуп урҭ рпоетика ианыԥшуеит автор игәҭахәыцратә, ихьаатә хыԥша змоу ашьҭыбжьқәа. Занҭариа аԥсҭазаараҿи апрозаҿи аиумор знубаалоз иакәызҭгьы, апоезиаҿы еиҳа дгәыԥшаа-хыԥшааны даҳбоит:
Ааԥын ыҟан, аха уигьы сзымхьчеит,
Аԥхын ыҟан, аха уигь сыцәцеит,
– Схәыцрақәа зегь абыӷь ҩеижьқәа ирымаздеит,
Аха урҭгьы ҿышәшәаны икаԥсеит…
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Ҵа змаӡам абызшәа аӡмыжь: Даур Занҭариа ибызшәа азхәыцра
Хыхь иааго ацәаҳәақәа иаҳдырбоит апоет Занҭариа апессимстә мотивқәа дышрылаз. Аиаша ҳҳәозар, иара еснагь игәы иҵхон азхаҵара ахьимамыз. Иуадаҩуп уи асистема иаднакылаз шәҟәыҩҩын ҳәа аҳәара. Ииашоуп, иркьыԥхьауан иҩымҭақәа, аха, иаҳҳәап, апремиақәа риуразы ихьӡ аҳәара ҟалашьа змамыз акәын, иахьа ҳазхыҽхәо иҩымҭақәа рӷьырак аибашьра ҟалаанӡа ишиҩхьазгьы. Сара убри гәнигошәа збон, уеизгьы- уеизгьы иаахтны имҳәацзаргьы. Даур Занҭариа угәуҽанӡамкәа дуҭаауан, иаацәыригон ипоезиа. Уизыӡырҩлар акәын ҵхагәанызаргьы, избанзар азыӡырҩы дизгәышьуан:
Аԥсҭҳәа еимҟьара иалызбаауеит ашьха:
Асы лбааӡаны иауит абар!...
Исҭахыҵәҟьам схәыцрақәа гәыгәҭажьхар,
Сымч-сылшара баша инкабар…
Аибашьра ашьҭахь, Даур Москваҟа дцоит, уаҟатәи алитературатә ҭыжьымҭақәа рҿы иҩымҭақәа ӡыригарц, уи шымариамызгьы идыруан аха. Абар, уи иҩыза аурыс шәҟәыҩҩы Пиотр Алешковски иҩуа: "Он разрывался надвое — ему хотелось славы и хотелось Абхазии…".
Адәахьала алаф зҿықәыз шиакәызгьы Даур Занҭариа ҩнуҵҟала агәҭынчымра зцыз уаҩын, уи еиҳаракгьы илирика ианыԥшуеит: "Даур илирикатә фырхаҵа игәҭацәажәарақәа, лоунытә иқәыԥсычҳарақәа аҭоурыхтә гәалашәара еиԥш иҵаулоуп, гәаҟреи-ааӡаби зхызгаз, аамҭа ахынҭа-ҩынҭа иалсны иахьанӡа иааз амонолог иашьашәалоуп, иақәҿнаҭуеит", - ҳәа иҩуеит апоезиатә еизга хәыҷы "Аҷныш" аԥхьажәаҿы Владимир Занҭраиа.
Араҟа аҵарауаҩ уиқәшаҳаҭымхар залшом ииашаҵәҟьаны, Даур Занҭариа илирика амонолог ҟазшьа ахьамоу еиҳа еиҳауп, афилософиатә, ауаажәларратә хәыцрақәа знубаало ацәаҳәақәа шимоугьы. Аԥхьаҩ лаҳасабала исҳәарц сылшоит, апоет иажәеинраалақәа рформеи, рцәаҳәақәа рыгыдреи срызхәыцны - амшынҵатә, мамзаргьы альбомтә цәаҩақәа рымоуп ҳәа:
Шаҟа хьаа арҿыхозеи ҵхы мыжда!
Алашьцара иалакнаҳау бԥенџьырқәа,
Рыбла ҭкәиқәа еихмырысыӷьуа исҿаԥшуеит…
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2023
Аҳра ишахәарҭахаша: зынасыԥ зцымныҟәаз лҭоурых Даур Занҭариа ипрозаҿы
Шәахәаԥш, заҟа ижәҩантәу ацәаҩақәа рыла иаԥҵоу аҩбатәи ацәаҳәа "ажәҩан иалакнаҳау бԥенџьырқәа". Заҟа идгьылтәым апоет ибзиабаратә гәалаҟара…
Даур Занҭариа иуаажәларратә хәыцрақәа рцәа анубаалоит "Мраҭашәара аҩы аҿаҭәоуп" захьӡу ажәеинраала. Ашәҟәы аҿы иарбам ианҩыз арыцхә, иззикуа дарбану, аха Аԥсны аԥхьагыла изикызшәа збоит:
Шәизыԥшы уара,
Еимгеимцарак шәызҿу зегь
шәаарҟәаҵны,
Ишәымбои абааԥҽыха дзықәгылоу,
Шаҟа данаало,
Дзаҵәӡа,
Дҳаракӡа,
Деилыхха!
Даур Занҭариа илирикаҿы аҭыԥ рзалхуп уи иԥшәма Лариса Аргәынԥҳа илызку ажәеинраалақәа. Џьара уи лыхьӡ аирбоит, даҽаџьара аԥхьаҩ ихаҭа игәы азҩоит лара ишлызку. Абар урысшәала иҩу "Созвездье Водолея" захьӡу ажәеинраала ацыԥҵәаха:
Прошу созвездье Водолея,
Чтобы как прежде, не болея,
Вернулась в дом моя жена
И села с чашкой у окна…
Лариса Аргәынԥҳа аибашьра анцоз лцәа иалаз ачымазара аҽырӷәӷәаны иҟан, ашәҟәыҩҩы уи лгәабзиара аҭышәныртәалара акыр дазықәԥеит, аха, лара харакгьы дзымцеит… Сара исгәалашәо дара реизыҟазаашьақәа сырзааҭгылозар, иара зҟазшьа мариамыз уаҩын, аха Лариса акыр дҟәыӷан азы, ачҳара аалырԥшуан. Урҭ рыԥсҭазаараҟны иҟан иуадаҩӡаз аамҭақәа, иҟан рҽеиҟәыҭханы хаз-хазы ианынхозгьы. Зегь акоуп Даур дазыгьежьуан Лариса лысқьала, избанзар, лара баша ҩынԥҳәысмызт, акультуреи алитературеи ибзиаӡаны издыруаз лаҳасабала акыр диҵгәон лыԥшәма, уи лҟазшьа иабзоураны ашәҟәыҩҩы, арҿиаҩы иаҳасабала аус иуртә аҭагылазаашьа иман.
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа.
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2023
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа.
Аибашьра иалагаанӡа абжьааԥнытәи ҳаибабарақәа раан зны сиазҵааит: "Ларисеи уареи шәыԥсҭазаара аилаҵара шԥаҟалеи?" ҳәа. Даур иара ишиҟазшьаз еиԥш, ифантазиа надигалан: "Бара, амшын аҿы зны ҳаҽшаҳкәабоз ҳнапқәа еидкьыслеит. Нас, снапы зкьысыз аҭыԥҳа дымгакәа дынсыжьуазма?", - ҳәа дхәыҵаччо аҭак сиҭеит, ихаҭагьы иихәыцыз даҵаҽырбо.
Аԥхьаҩцәа ишәасхәарц сҭахуп, иара ихы дахлафаар шилшоз аазырԥшуа хҭыск. Сымҩашьозар ихаҭа исеиҳәахьан, ма иаҳзеиԥшыз ҳҩызцәа рҟынтә исаҳаит. Аибашьра анцоз Лариса лыхәшәтәразы Даур диманы Ригаҟа дцеит. Уа аеропорт аҿы ирԥылеит ирзааигәаз ауаа. Ирԥылаз руаӡәы, Даур амра ихнарҩаԥшьаахьаз икьаҿ ишәны данаацәырҵ иџьыба ҟәрышьқәак нҭеиҵазаап маҭәақәак ааухәап ҳәа. Аҽшьра далагеит рҳәеит Даур. Аԥара зҭалаз иџьыба дҭыхо, ауразароу аԥара згарц зҭахым аӡә иакәны иҽааирԥшуа далагеит. Ицыз рахьтә аӡәы, ииулакгьы днаигәҭасыны днавагалан "уара, аԥара уиҭеит, ишԥаургьежьуеи, уеилагама?!" иҳәазаап. "Уара, исыргьежьырц акәу џьушьо, сџьыба кылҵәоуп џьара иҭшәаны икаҳар ҳәа ауп сзыцәшәо" иҳәеит Даур. Абри зегь иара ихыҭҳәаақәа ирхылҵуаз хҭысқәан. Абас дыҟан аԥсҭазаараҿы, дқьачақьуан хәыҷҵас.
© Foto / Марина БарцыцЛариса Аргәынԥҳа лҩызцәеи лареи
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәеи лареи
Ԥсышәала иҩу алирикатә жәеинраала "Сышә аӡә дасит" аҿы акыр иԥшқоуп автор иааирԥшуа абзиабара, аха ахықәкытә хазырха анубаалом, иубоит абзиабаратә мотивқәа изаазгоз аԥҳәызба илызкны ишҩу:
Шәахәаҵас бнасыхәаԥшит,
Уаҟа схы насыкәаҽит.
Ҩ-ӡиаск реиԥш быблақәа
Рыеҵәара сахәаҽит…
Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс иаамҭаӡамкәа, илиааиз ачымазара иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит аибашьра анеилгазцәҟьа. Апоет уи хьааигон, азаҵәра дагәыланахалон:
Бзиа бызбоит…
Ауаа санрылоу, цәажәарыла,
ччарыла сгәы схасыршҭуеит,
Схала саныҟоу – бысхьаауп…
"Лариса илызкны" ҳәа акырынтә иуԥылоит уи лдунеи анылыԥсах ашьҭахьтәи игәыҭшьаагоу ицәаҳәақәа. Абар урысшәала иҩу "Чайка" захьӡу ажәеинраала ацыԥҵәаха:
Я прижал свою птицу к груди,
Рыбий запах, вдохнув на прощанье,
Но так много погибло людей,
Что не жаль никому этой Чайки…
Ииашаҵәҟьаны, Лариса лдунеи анылыԥсах ашьҭахь, уи акыр игәырҩозаргьы, ҳаиԥыларақәа рҿы иԥсы ахырзааны игәырҩа аӡбахә иҳәомызт. Иажәеинраала ишаҳәо еиԥш "ччарыла ихы ихаиршҭуан"….
Аибашьра анеилга, иеилаԥыхааз иаб иҩны ахылара игәы азҭамызт, иԥхаз иԥшәмаԥҳәыс лхьаагарагьы уи иацын:
Но куда теперь, сын мой, пойдем?
(Ведь не думать нельзя о ночлеге)
В оскверненный и отнятый дом,
Где ненадобной пахнет аптекой?...
Даур Занҭариа иажәеинраалақәа рымацара ракәым апоезиа ацәа зыҟәну, уи ипроза шьагәыҭс поезиоуп иамоу уҳәаратәы иҟоуп. Иажәабжь кьаҿ "Аҽи амреи" аҿы ирацәоуп поезиатә ԥсабарала мацара иҩу ацәаҳәақәа: "Акыр аамҭа цеит – иит аҽы. Аҩра азыҳәаноуп иара зшоу. Аԥсҭазаара ианаҭаз агәамч иқәҟьа инанагоит иара, ашьапқәа аҵыԥраауа, хықәкыда, џьабаада. Аҽы ажәҩан аздырӡом…", - абас ижәҩантәу ашьҭыбжьқәа рыла иҩуп ажәабжь алагамҭаҿы автортә хьаҵрақәа ҳәа изышьҭоу афилософиа знубало ацәаҳәақәа. Иара убраҟа ҳаԥхьоит, ажәеинраала ацәаҳәа наӡа еиԥшу аҳәоу: "Ажәҩан ахь излахало мардуануп адгьыл". Абас акырџьара апрозаҿ апоезиа иаҵоу амузыка ашьҭыбжьқәа ахархәара риҭоит ашәҟәыҩҩы. Акыр дазҟазоуп автор аԥсабара асахьа аҭыхра, уаҟа иара ихы иаирхәоит шамаха иҳазгәамҭо аԥсабаратә цәырҵрақәа. Занҭариа урҭ ирзиԥшаауеит апоезиа аҟынӡа иҳараку аилкаарақәа: "Амра гьагьа, аҵыхәтәантәи ашәахәа кьынаақәа аагәыҵанаҳәҳәан, инҭалеит аԥсҭа", ҳаԥхьоит ҳара "Ашьанҵауаҩ" аҿы амра аҭашәамҭа иазкны. Иара убраҟа иаҳԥылоит, еиҭаҳәашьа змам аҿыханҵатә цәаҩа змоу атекст: "Амра аҭашәамҭаз аҳаԥы аҿышәҭ инылаԥхеит, Мушьни аԥардеиԥш днарыха-аарыхеит ашәшь хәхәақәа. Аҳаԥы аҩныҵҟа аалашеит".
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2023
Аԥсны
Амреи аԥсреи реилыҵра Даур Занҭариа ирҿиамҭаҿы
Абарҭқәа ирыбзоураны автор итекстқәа рыԥхьара уадаҩӡам, рҵакы ҵаулазаргьы. Жәеинраалатә формала иҩу, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирышьашәалоу ажәеинраалақәа уԥылоит уи ипрозатә рҿиамҭақәа рҿы. Абар, ажәабжьоу "Хылҵысаа раҳ" аҿы ана-ара иуԥыло ацәаҳәақәа рцыԥҵәаха:
Уаа, иахәалак, иахәалак!
Шәӡыхь цқьақәа кәымзцәала ихыжәҩа,
Шәыҩны-шәгәара мцала иқәышәх!
Ииурызеи Гьач Рашьыҭ?
Иаргьы нышәнапык аашьҭихит,
Иаргьы ижәлар днараԥхьагылеит,
Аӷбақәа рахь рҿынархеит…
Иажәабжь "Аҽи амреи" аҿы ҳаиҭарыхҭыгәлоит жәлар рпоезиа еиԥшу ажәабжь ибжьагалоу ажәеинраалақәа:
Иа, иара ахәаша деихон, иҳәеит…
Амра еижьага ихаԥхон, иҳәеит…
"Феохарис" захьзу иажәабжьоу аҿы акәзар, алаф зцу ажәеинраалатә формақәа ҳадигалоит "астудентцәа рлаф ашәа" ахьӡҵаны:
Шәарҭ шәахьтә избахьада аҷныш аҩы иашьуаны?
Чари-чари – чари рама – аҷныш аҩы иашьуаны?...
Даҽаџьара иаҳԥылоит ачастушка ззырҳәо еиԥшу алаф:
"Сигареты "Рица"
Хорошо куритьса!...."
"Каждое утро свежий чай
Вместо водки выпивай…"
Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Агәалашәара ахьмыӡуа аҩымҭақәа рҿоуп: Светлана Корсаиаԥҳа Даур Занҭариа изы
Даур Занҭариа дыркьыԥхьуан урыстәылатәи ажурналқәеи агазеҭқәеи рҿы. Абар уи исахьа шҭылхуа, ишәҟәыҩҩым, аха агазеҭ "Россия" аҿы вахтиорс аус зуаз, алитература иазҿлымҳаз Лиудмила Кириухина : "Это был очень неординарный человек. Я читала все, что он написал. Он мне приносил, и я читала. Он тут всегда останавливался ненадолго, даже когда спешил в редакцию, и рассказывал мне — как дела и какие печали". Абри зхысҳәаауа, Даур ауаа рыҿцәажәара, иҩымҭақәа рыдгалара ҟазшьа ҷыданы иман, ахархьуаа данырзаԥхьоз еиҳагьы агәахәара инаҭон.
Абар уи ихы иазикыз ацаҳәақәа:
До боли долгими ночами
творил я сам себя из снов,
вдыхая музыку молчанья
и выдыхая души слов, –
а как рывком раздвину шторы
и расплескаю синеву, –
придуманные мной просторы
смогу увидеть наяву….
Москватәи иҩыза, ашәҟәыҩҩы Марина Москвина реиҿцаарақәа лгәаларшәо урысшәала илыдигалоз ажәеинраалақәа иадылкылоит аиспан стиль "канте-хондо" , абас азгәаҭагьы ҟалҵоит: "нечто среднее между песней и молитвой" :
Так телом я ленив, и так душа
Легка!
Куда спешит душа из оболочки
Грубой?
Ашәҟәыҩҩы Москвина, анаҩс ипроза агьама анылба зынӡа дшаршанхаз ҳлырдыруеит уи иаҵылбаауаз апоезиа: "Потом он принес мне читать свою прозу. Это была чистая поэзия. Перед моим взором, как в ночь бразильского карнавала или в фильмах Феллини, возникло шествие потрясающих типов…".
Хымԥада, Москвина аԥсышәала дзаԥхьомызт, лара урысшәала иҩыз, ма аурысшәахь ихала еиҭеигаз аҩымҭақәа роуп дызҿу. Аоригинал абызшәа атәы ҳҳәозар, уи аԥсуа ԥхьаҩы еиҳагьы идунеихәаԥшра арзҩыдоит, убри аҟара иҩымҭақәа апоезиа ацәа рыҟәнын:
Амра аԥснырхага аҳәашьа,
Быблақәа ирхыло дазусҭада,
Гәыӷра еижьагақәак узҭо
Быччаԥшь кыр ианаҳәаз џьшьа….
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы
"…Санмаҷыз аахыс "апоет" ҳәа ҽырхықәымҵа исарҳәо мацара, абри апоезиа нигилист ҳасабла азнеира сацәшәо салагеит. Иахьа уажәраанӡагьы ус ауп сшыҟоу. Ашкол салганы аинститут сҭалаанӡа зынӡагьы исырзаӡомызт ажәеинраалақәа шысыҩуаз", - абас иҳәоит ипоезиатә ԥсабара иазкны Даур Занҭариа ихаҭа.
Даур Баӡ-иԥа Занҭариа ҳара дҳалагыламижьҭеи абар уажәшьҭа 22 шықәса ҵуеит. Сынтәа 70 шықәса ихыҵуазаарын. Иара диҭынхеит иԥа Нар. Аҟәа дахьынхоз аҩны аҿы иаартуп амузеи. Аамҭа иазырԥсасиӡом аԥхарра зцу агәалашәарақәа. Иахьагьы сизхәыцуеит, иахьагьы ихьаазгоит илашоз ихы-иҿы абара сахьалыхәдаау. Ақалақь агәы саналоу џьара снаихьыԥшызшәа ҿысҭырц сҭахуп иара иажәақәа рыла:
-Амҩа ианыланы инеиуа,
Амҩа аҵыхәан уаангыл!...
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2023
Ауаҩы зны дызлыҵыз, дыззыхынҳәраны дыҟоу адунеи: Даур Занҭариа ифантастика азхәыцра
Ажәабжьқәа зегьы
0