https://sputnik-abkhazia.info/20260227/agaze-asni-ainternet-kharkhagaei-1060965129.html
Агазеҭ "Аԥсни" аинтернет хархәагақәеи
Агазеҭ "Аԥсни" аинтернет хархәагақәеи
Sputnik Аҧсны
Жәабран 27 Аԥсны аинформациатә хархәагақәа русуҩцәа ирымшуп. Ари арыцхә адҳәалоуп раԥҳьаӡатәи агазеҭ "Аԥсны" аҭыҵра. Уи аахыижьҭеи иҵуеит 107 шықәса. 27.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-27T09:00+0300
2026-02-27T09:00+0300
2026-02-27T09:00+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050296925_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_b669ed1cf56e3ec6044ded2c30586018.jpg
Абарҭ аамҭақәа иргәылсны, иахьа уажәраанӡа иҭыҵуеит агазеҭ "Аԥсны". Адунеи аҽшаԥсахуеиԥш, аҽаԥсахуеит уи аԥсҭазаарагьы. Изхысҳәаауа, ҳазҭагылоу аамҭазы аинтернет хархәагақәа мҽхакы ҭбаала ианҿио, агазеҭ "Аԥсны" аредакциа аҿаԥхьагьы иқәгылоит азҵаара - аҭыжьра анаҩсан, асоциалтә ҳақәа рҿы ацәырҵра. Иахьа ари аус аҿы аконкурентцәа ззырҳәо анырацәоу, даарагьы имариам аҽахьыгӡара. Иахьа иҭысҵаарц хықәкыс исымоу, ишԥеиҿкаау агазеҭ "Аԥсны" аусура, хықәкыла иаԥылозеи уадаҩрақәас аинтернет аҿы аԥхьаҩ ианаамҭоу ажәабжь изеиҭаҳәаразы. Абар, ҩбаҟа шықәса ҵуеит, агазеҭ асоциалтә даҟьеи асаити рҿы ицәырнагоижьҭеи аредакциа иарҿио ажәабжьқәа. Сиҭааит агазеҭ аредактор хада Ахра Анқәаб, иара днахыкәша-аахыкәшо акәымкәа исеиҳәеит иҿаԥхьа иқәгыло азцаатәқәа рыӡбахә, иара убас аредактор иаҳасабала дзыхьӡахьоу. Ахра Владимир-иԥа ишсеилиркааз ала, ҩышықәсаҟа роуп иҵуа аинтерент ахь ицәырҵуеижьҭеи. Аиашазы, иахьатәи аамҭазы мчыбжьык ахь знык иҭыҵуа агазеҭ ауаа рнапаҿы инеиаанӡа, ажәабжьқәа рхаҭа актуалра рцәыӡуеит, иаҳҳәап аочеркқәа раамҭа мцозаргьы. Убри аҟнытә, аинформациатә маҵзурақәа зегь реиԥш, ирласӡаны ахҭыс ацәыргара хра алоуп, аха иагьымариам сызҿу агазеҭ аредакциазы. "Иахьа 1600-ҩык инареиҳаны анапаҵаҩцәа ҳамоуп асоциалтә ҳақәа рҿы. Ҿырԥшык аҳасабала иаазгоит, Москва инхо асахьаҭыхҩы Рауф Барцыц иубилеи иадҳәаланы аматериал асоциалтә даҟьаҿы иқәҳаргылеит. Адырҩаҽныҵәҟьа "иҭабуп сахьышәгәалашәаз" ҳәа ҳзиҩит. Агазеҭ иара иҿынӡа имнеиӡеит, аха ҳсоциалтә ҳақәа рыла ибеит. Ишәымбои урҭ рымч шыҟоу, ахьышәҭҳәа ҳанҵамҭа ахьынӡананагаз. Агазеҭ архив азы акәӡам изырҭаху, ажәабжь раҳароуп иаразнак", - абас хшыҩзышьҭра аҭаны аамҭа ицәырнагаз аинтернет иамоу алшарақәа ртәы иҳәоит Ахра Владимир-иԥа.Асоциалтә ҳақәа инарываргыланы, агазеҭ наџьнатә аахыс илнахыз амҩа иацәхьаҵуам, Аԥсны ахатәы газеҭқәа рӷьырак атипографиаҿ аҭыжьра иаҟәыҵзаргьы, аԥсышәала мацара иҭыҵуа аҳәынҭқарратә газеҭ "Аԥсны" мчыбжьык ахь знык зтираж 900 цыра ыҟоу аԥхьаҩ иахь инеиуеит. Аредактор иҳәеит еиҳарак аҳәынҭқарратә усбарҭақәа шракәу илзҩаауа. Абри атема арҭбааразы сара сҽазысшәеит қәрала еиҟарам ауаа сразҵаарц, иарбану еиҳа ирзыманшәалоу акьыԥхь, мамазаргьы асоциалтә ҳақәа рҿы аартра акәу. Аԥсуа театр актиор Гәдиса Ҭодуа, данқәыԥшыз ажурналист изанааҭгьы дазхәыцуан, аха уи амҩа данымлаӡеит. Сара исҭаз азҵаара, агазеҭ "Аԥсны" уабаԥхьо ҳәа, аҭак абас исиҭеит: "Икьыԥхьу агазеҭ саԥхьаӡом, џьаргьы исԥыхьашәаӡом. Агазеҭқәа ахьырҭиуа ыҟақәоуп, аха хаҭала сцаны иаасхәаӡом, амала социалтә ҳақәа рҿы рдаҟьа збоит. Аинтернет аҿы аԥхьара еиҳа имариоуп. Адаҟьаҿы аӡыргара аҳасабала иуԥыхьашәоит, аӡәы ирҵәир, ма ахҳәаа ҟаиҵар иубоит. Нас, иуҭахы иуҭахым уҭалоит, ажәабжьқәа иҟоу урыхәаԥшуеит. Еиҳарак атекстқәа роуп избо, авидео сԥыхьамшәацт. Сара хымԥада еиҳа исзыманшәалоуп асоциалтә даҟьақәа рҿы ажәабжьқәа рыԥхьара. Авидеонҵамҭақәа рацәаны иацзар еиҳагьы еиӷьуп. Акадр анҭыҵ акорреспондент ибжьы ҳаҳауа иҟазар зынӡа изаманахоит. Лабҿаба иубо авидеонҵамҭа еиҳа иманшәалоуп, азхьарԥш ацзар, асаит ахь унанагоит, нас астатиагьы уаԥхьоит атема узааигәазар". Аԥхьаҩцәа аиҵбыратәи абиԥара иреиуоу Ҭодуа ииҳәаз уазхьаԥшуазар, иахьатәи аамҭазы даара аҵак ду амоуп аинтернет хархәагақәа рҿы агазеҭ "Аԥсны" ацәырҵра. "Асоциалтә ҳақәа иуҭахы, иуҭахым аԥыжәара рымгар ауӡом. Убарҭқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны авидеоқәа ҭаҳгало ҳалагеит. Ҳаԥхьаҟа ателеграм-каналгьы ҳгәы иҭоуп Анцәа ахьӡаха ҳаиҭар. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы саит. Амала, ауадаҩрақәа, ара имҳәакәа ҳазрывсуам. Араҟа еиҭагаҩыс иҳамоу хә-жәашықәсак инареиҳаны аус зуа Борис Қаџьаиа иоуп. Агазеҭ ҭыҵаанӡа аинформациа асаити асоциалтә даҟьақәеи рахь ашьҭра аҭахыми. Агазеҭ ахаҭа анҭыҵуа ҳәа уԥшуама? Асаит аус аурц азы иахьа еиҭоугаз иахьа ицароуп. Зегьы ианреиҵаха, хԥа, ма ԥшьба дырра иреиҵаӡамкәа инеироуп асаит ахь ауаҩы дазҿлымҳахарц азы. Аԥхьаҩ иҭоугалацыԥхьаӡа даҭаауеит. Аиҭагара аус азы аҭагәҭасрақәа ҳаман. Ԥсыуа ҳәынҭқаррами ҳахьыҟоу, аха иҳарҭо аинформациа зегьы ԥсышәала иҳарҭома? Иаҳҳәап, Аԥсныпресс аиҭагаҩ дрымоуп, аха рыцҳарас иҟалаз, еизаз аинформациа ҽнак асабша, ма ахәаша ианҭарҵо ыҟоуп. Уи агазеҭ аҿы ахархәара ауҭар ауеит, аха асаит азын акагьы иҳахәаӡом. Убри аҟнытә, ҳара ҳредакциаҿы дҳадаҳкылеит, афилологиатә факультет иалгаз, ауниверситет аусзуҩ Алиса Инаԥшьԥҳа, ҳсаит аус азыруз, изыбзоуроу лара лоуп сҳәар сылшоит. Аофициалтә информациа зеиҭаҳго атәы ҳҳәозар, атәыла ахада, аԥыза-министр рпресс-маҵзурақәа аԥсышәала аинформациа дәықәырҵалар рықәнагаӡами? Ируалуп дара. Аԥсны анҭыҵ азгьы аус рулааит, мап ӡәыр иҳәама? Анҭыҵ инеиаанӡа, раԥхьаӡа иргыланы аԥсышәала иҭаргалароуп аинформациа", - иажәа иациҵон аредактор хада аиҳабыра рҟынтәи ироуа ажәабжьқәа зегьы еиҭагатәыс ишроуа ҳардыруа. Агазеҭ "Аԥсны" анҭыҵуа ианыло зегьы асоциалтә ҳақәа рахь ирышьҭӡом, уаҟа иркьыԥхьуа, еиҳа инарҭбааны иҩу, асоциалтә, акультуратә ԥсҭазаара иазку аматериалқәа роуп. Ҿырԥштәык аҳасабала иаасыртит ажьырныҳәа мзазы иҭыжьу ахԥатәи аномер. Ииашаҵәҟьаны, актәи аҩбатәи адаҟьақәа рҿы иаҳбоит аофициалтә информациа, аинтернет иҭоу ауаҩы изы иҿыцым. Аха, анаҩсан ицәырҵуеит Ӡука Бениа 85 шықәса ихыҵра иазку аочерк, уаҟа инарҭбааны иаарԥшуп аспортсмен инысымҩа, илшарақәа, иааӡамҭацәа ӡыргоуп. Иара убас, аредактор хада ианҵамҭа "Асду ахаан" ҳәа астатиа ҳаԥхьоит. Агазеҭ аномер аҿы ицәыргоуп апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лиубилеи иазку аочерк, ицәыргоуп лажәеинраалақәа. Изхысҳәаауа, ҳәарада аномер аҿы иааинырсланы асаит аҿы иузцәырымго аматериалқәагьы ануп. Ицәыругар алшозаргьы, акоманда бзиа аҭахуп, уи аҩыза макьана агазеҭ алшара амам ишеилыскаауа ала. Иазгәаҭатәуп, иҭыҵуа агазеҭ аиҳабыратәи абиԥара рзы еиҳа иманшәаланы ишыҟоу. Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба аԥсуа кьыԥхьи, ашәҟәқәеи заҩзмыжьуа дреиуоуп. Абар иара сызҵаара аҭак шыҟаиҵаз: "Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уиаҟара саԥхьаӡом. Аха, уаанӡа, Аҟәа Аиааира амҩаду аҿы агазеҭқәа ахьырҭиуа иаасхәалон. Сара сзы еиԥшуп асоциалтә ҳақәа ракәыз, агазеҭ ахаҭа акәыз, аха усгьы снапаҿы икны аԥхьара еиҳа бзиа избоит. Сара сахьынхо Гәылрыԥшь агазеҭ рҭиуа исымбаӡац, Аҟәа еснагь сызниуам азоуп ас изыҟалаз". Абраҟа ицәырҵуеит азҵаара, агазеҭ аԥхьара зҭахыу Аҟәа агәы далсны дымныҟәозар, иаҳҳәап, ақыҭаҿы дынхозар иабааиго? Ари азҵаара акыр шықәса раԥхьагьы санҵамҭақәа рук аҿы ишьҭысххьан, иахьатәи агазеҭ аредакторгьы сиазҵааит уи азы. "Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыла иаҳшоит, араионқәа рахьгьы иҳашьҭуеит. Аусҳәарҭа аҩналарҭақәа рҿы иқәырҵоит, аха инавсны ицоит. Раионцыԥхьаӡа аҟәшақәа рымоуп ауаажәларра аҽрымадаразы, аха агазеҭ шьҭыхны агара рхы ирзақәнамыргаӡеит", - саҭеикит Анқәаб. Аредактор хада, иазгәеиҭоит агазеҭ мҽхакы ҭбаала аус ауразы, ишаҭахыу ауаатәҩысатә ресурсгьы. Аофициалтә информациеи аочеркқәеи уҳәа рнаҩсгьы, иаҭахуп аналитика, аха агазеҭ алшарақәеи аҭахрақәеи еиқәшәом. Агазеҭ аҿы аштат наӡаҿы итәоу ҩыџьа авторцәа роуп, аштатбжаҿы ԥшьҩык ыҟоуп. Аҽырҭбааразы, ари даара имаҷуп. "Ахҳәааҟаҵаратә ҟазшьа амазароуп агазеҭ, аха уи азы аналитика ҟазҵо ажурналистцәа аус руазароуп. Мамзаргьы, узықәгәыӷны издуҵо ауаа умазаруп, аха адҵа аниуҭа ахә изушәароуп автор", - иҳәеит Анқәаб. Ииашаҵәҟьаны, агазеҭ хзыркәшо адаҟьаҿы иануп "агазеҭ адҵала иҩым астатиа ахә аредакциа иазшәаӡом" ҳәа. Асовет аамҭа сгәаласыршәозар, усҟан иҟан алшара астатиа аредакциа адгаларазы, иркьыԥхьыр агонорар ылырҩаауан. Исгәалашәоит атеатр аҿы сулафахәы инадҩыло агонорар ансоуаз аамҭа, статиа бзиак 50 мааҭ рҟынӡа азоужьын. Ажурналист Елана Лашәриаԥҳа уажәшьҭа аԥышәа маҷымкәа илымоуп ажурналист изанааҭ аҿы. Иахьа лара аредактор дызлацәажәоз аштатбжа аҿы дахыԥхьаӡалоуп агазеҭ. Лара асоциалтә ҳақәа ибзианы рхархәашьа лдыруеит, убри аҟынтә слыдҵаалеит, ахҳәаа сылҭарц: "Ишәҳәо даара азҿлымҳара зуҭаша зҵаароуп. Иахьатәи аинтернет аԥыжәара ду амоуп. Ателехәаԥшра, арадио, агазеҭ уҳәа атрадициатә информациатә хархәагақәа уажәшьҭа аицлабратә ҟазшьа аҭаны аус руеит уи аганахь. Сара сгәанала ҳаамҭа иақәшәаны аус зурц зҭахыу аинформациатә хархәага уи азҿлымҳара анаҭозар ауп. Ус акәзаргьы, анапаҿы иркуа агазеҭгьы иамоуп аԥхьаҩцәа, уи еиҳаракгьы аиҳабыратәи, абжьаратәи абиԥара роуп. Егьырахь сара сматериалқәа "Аԥсны" аҟны ианыло асаит иҭарҵаанӡа ахҳәаа кьаҿ, авидео, ма афото ацҵаны анонс ҳасабла асоциалтә даҟьақәа рҿы ицәыраҳгоит. Нас, азхьарԥшгьы арҭоит асаит ахь амҩа дзырбо. Анс уҳәа, арс уҳәа, иахьа ҳаԥхьаҩцәа еиҳарак ахьыҟоу асоциалтә даҟьақәа рҿоуп. Урҭ ахҳәаа ҟарҵоит аматериал аҵаҟа. Агазеҭ иамаӡам уи аҩыза алшара, знапы иаку ахҳәаа азиуртә еиԥш. Араҟа гхак ыҟазаргьы, ианызҵо дҟалар ауеит, зеиӷьшьарак ҟазҵо данцәырҵуа ыҟоуп. Иара убасгьы иҟалалоит, ирҭахыу атемақәа анҳадыргало. Сара сԥышәаҿы ҩынтә, хынтә аԥхьаҩ агәаҳәара анааирԥшыз ыҟоуп. Ақыҭанхамҩа иазкыз статиак сҩын, иара исзаҵеиҩит анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы абри атема базааҭгылар бзиан ҳәа. Саргьы уи игәаҳәара сышьҭрақәланы иацысҵеит". Лашәриаԥҳа асоциалтә ҳақәа рԥыжәара шазгәалҭогьы, дадгылаҩуп агазеҭ ахаҭа аҭыжьра шахәҭоу. "Агазеҭ "Аԥсны" атәы ҳазааҭгылозар, ари ус иҟоу кьыԥхьӡам иҭужьыр ауа, иҭумыжьыр ауа. Ари ижәытәӡатәиу ҭыжьымҭоуп, аԥсуаа ҳзыҳәан аҭоурыхтә ҵакы змоу раԥхьатәи газеҭуп. Агазеҭ ишьҭнахуа атематика, егьырҭ агазеҭқәа ианырзышьҭымхуа ыҟоуп, избанзар Аԥсны ахыи аҵыхәеи имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳарзааҭгылоит. Иҵегьы амҽхак арҭбаара атәы ҳалацәажәозар, ззанаҭ зыҟаҵара бзиоу ауаа аҭахуп. Ари агазеҭ ԥсышәала мацара излаҭыҵуа ала, иахьа аԥсшәазы апроблема ҳамоуп аҟынтә, маҷк ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Ҳжурналистцәа ҿарацәа, аурысшәа аԥыжәара арҭоит, уи абызшәала еиҳа еиӷьны иҩуашәа ргәы иабоит. Абарҭ зегь ҳәаақәҵаны иӡбызар, иҵегь аформат аҽарҭбаартә, адаҟьақәа рацәахартә алшарақәа ҟалоит. Акы заҵәык, сара сгәаанагарала, ателеграм-канал аума, егьырахь иҟаҳҵо аума, агазеҭ ахаҭа аформат ишаныло аҟаҵара иашаӡам. Аинтернет ахархәаҩцәа ирҭахыу авидео, ма афото зцу ажәабжь кьаҿ ауп", - лҳәоит Елана Лашәриаԥҳа агазеҭ асоциалтә ҳақәа рҿы аҿиара дазхәыцуа.Агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада аихшьаалақәа ҟаҵо, ицәыригеит иҷыдоу игәаанагара. "Иахьа ишыжәдыруа еиԥш, "Аԥсны" амедиагәыԥ "Аԥсны медиа" иалоуп. "Агазеҭ ҳәынҭқарратәуп, аха убри аангьы анкьатәи апартиа ахаан ишыҟаз акәымкәа, иахьа ҳдунеи даҽакыми, убри иашьашәаланы инаҳгалароуп. Иҩбахаз, аиҳабыра ҳарҿагылоит ҳәа акәӡам, иахьа иара зыцрыԥшьу "Аԥсны медиа" аҿы иаҭыԥымзар ҟалап. Уантәи "аҳәынҭқарратә еимадара" иаԥшьны, быжьҿаҟәарак ирхыганы иахьыҟу аҭахымзар ҟалап... Аҳәынҭқарратә газеҭ анахьӡха, аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟазароуп. Ԥшшәыда иҭыҵуеит ҳгазеҭ. Аԥшшәы аманы иҭыҵыр, аԥхьаҩ дазхьанарԥшуазар?! Мызкы 4 номерк роуп иҭҳажьуа. Ԥшь-даҟьакны ҳҭыҵуан, ҩышықәса раахыс ф-даҟьакны ҳҭыҵуеит. Уигьы иамазкуаз рацәаҩын. Изышәҭахыуи абри ф-даҟьак, ақьаад амцхә знышәхуеи ҳәа зҳәоз дубарын. Атәыла ахада иасҳәеит аиԥылара анҳамаз, аҵыхәтәантәи аномер аԥштәы аманы иҭыҵратәы иҟалар бзиан ҳәа. Имгәыӷкәа иԥсхьада, ҳгәыӷуеит ҳаиӷьхап ҳәа. Аҿарацәа шԥаҳаҵамгылари аналитика ҟазҵаша агазеҭ азы ", - абас дхәыцуеит 107 шықәса зхыҵуа агазеҭ аредактор хада Анқәаб. Санҵамҭа хыркәшо, исҳәоит ишсымоу агәаҳәара, иҭыҵыз агазеҭ ҿыц ианаамҭоу аԥхьаҩ иоуртә аҟаҵара шхымԥадатәиу, асоциалтә ҳақәа ртәы ҳҳәозар, иҵегь аҽырҭбаара рыдыскылоит ҳколлегацәа. Аинформациатә "ҳәарԥсарраҿы" аус зуа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьит, рылшарақәеи ргәаҳәарақәеи еишьашәаланы иҟаларц срықәныҳәоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240227/rakhaati-aperiodikat-kykh-agaze-asny-105-shysa-akhyit-1050274942.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241229/nakgy-sakhymkhit-agaze-gagrskiy-vestnik-25-shysa-akhyra-iazkny-1053244547.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241228/asyshala-itsazheit-agaze-avangard-asua-sha-40-shysa-akhyit-1053244375.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050296925_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_67d420f85962ba290717e14b28fc10f1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
Абарҭ аамҭақәа иргәылсны, иахьа уажәраанӡа иҭыҵуеит агазеҭ "Аԥсны". Адунеи аҽшаԥсахуеиԥш, аҽаԥсахуеит уи аԥсҭазаарагьы. Изхысҳәаауа, ҳазҭагылоу аамҭазы аинтернет хархәагақәа мҽхакы ҭбаала ианҿио, агазеҭ "Аԥсны" аредакциа аҿаԥхьагьы иқәгылоит азҵаара - аҭыжьра анаҩсан, асоциалтә ҳақәа рҿы ацәырҵра. Иахьа ари аус аҿы аконкурентцәа ззырҳәо анырацәоу, даарагьы имариам аҽахьыгӡара. Иахьа иҭысҵаарц хықәкыс исымоу, ишԥеиҿкаау агазеҭ "Аԥсны" аусура, хықәкыла иаԥылозеи уадаҩрақәас аинтернет аҿы аԥхьаҩ ианаамҭоу ажәабжь изеиҭаҳәаразы. Абар, ҩбаҟа шықәса ҵуеит, агазеҭ асоциалтә даҟьеи асаити рҿы ицәырнагоижьҭеи аредакциа иарҿио ажәабжьқәа.
Сиҭааит агазеҭ аредактор хада Ахра Анқәаб, иара днахыкәша-аахыкәшо акәымкәа исеиҳәеит иҿаԥхьа иқәгыло азцаатәқәа рыӡбахә, иара убас аредактор иаҳасабала дзыхьӡахьоу.
"Аӷба сышьҭуам, ҳәа амызгәыҭ иахьынҳалаз уиҩызахоит, анкьа ишыҟаз мацара ҳаҟазаауеит ҳәа ахәыцра. Аха, даҽа ганкахьала, асоциалтә ҳақәа мацара рахь ҳаиасны, агазеҭ аҭыҵра архьысҳара иашаӡам. Аҭыҵшьа, ахаҭабзиара уҳәа изызхьаԥштәу азҵаарақәа маҷӡам иахьа. Асоциалтә ҳақәа рахь ҳцәырҵуа ҳзалагаз, аамҭа ҳақәшәаны ҳцарц азоуп. Уи заҭахузеи ҳәа иара аколлектив аҩнуҵҟагьы агәаанагарақәа ыҟан, аха зегь дара роуп хыхь ишысҳәаз еиԥш, аамҭагьы излауала уҽахьугӡалароуп", - иҳәоит аредактор хада.
Ахра Владимир-иԥа ишсеилиркааз ала, ҩышықәсаҟа роуп иҵуа аинтерент ахь ицәырҵуеижьҭеи. Аиашазы, иахьатәи аамҭазы мчыбжьык ахь знык иҭыҵуа агазеҭ ауаа рнапаҿы инеиаанӡа, ажәабжьқәа рхаҭа актуалра рцәыӡуеит, иаҳҳәап аочеркқәа раамҭа мцозаргьы. Убри аҟнытә, аинформациатә маҵзурақәа зегь реиԥш, ирласӡаны ахҭыс ацәыргара хра алоуп, аха иагьымариам сызҿу агазеҭ аредакциазы.
"Иахьа 1600-ҩык инареиҳаны анапаҵаҩцәа ҳамоуп асоциалтә ҳақәа рҿы. Ҿырԥшык аҳасабала иаазгоит, Москва инхо асахьаҭыхҩы Рауф Барцыц иубилеи иадҳәаланы аматериал асоциалтә даҟьаҿы иқәҳаргылеит. Адырҩаҽныҵәҟьа "иҭабуп сахьышәгәалашәаз" ҳәа ҳзиҩит. Агазеҭ иара иҿынӡа имнеиӡеит, аха ҳсоциалтә ҳақәа рыла ибеит. Ишәымбои урҭ рымч шыҟоу, ахьышәҭҳәа ҳанҵамҭа ахьынӡананагаз. Агазеҭ архив азы акәӡам изырҭаху, ажәабжь раҳароуп иаразнак", - абас хшыҩзышьҭра аҭаны аамҭа ицәырнагаз аинтернет иамоу алшарақәа ртәы иҳәоит Ахра Владимир-иԥа.
Асоциалтә ҳақәа инарываргыланы, агазеҭ наџьнатә аахыс илнахыз амҩа иацәхьаҵуам, Аԥсны ахатәы газеҭқәа рӷьырак атипографиаҿ аҭыжьра иаҟәыҵзаргьы, аԥсышәала мацара иҭыҵуа аҳәынҭқарратә газеҭ "Аԥсны" мчыбжьык ахь знык зтираж 900 цыра ыҟоу аԥхьаҩ иахь инеиуеит. Аредактор иҳәеит еиҳарак аҳәынҭқарратә усбарҭақәа шракәу илзҩаауа. Абри атема арҭбааразы сара сҽазысшәеит қәрала еиҟарам ауаа сразҵаарц, иарбану еиҳа ирзыманшәалоу акьыԥхь, мамазаргьы асоциалтә ҳақәа рҿы аартра акәу. Аԥсуа театр актиор Гәдиса Ҭодуа, данқәыԥшыз ажурналист изанааҭгьы дазхәыцуан, аха уи амҩа данымлаӡеит. Сара исҭаз азҵаара, агазеҭ "Аԥсны" уабаԥхьо ҳәа, аҭак абас исиҭеит: "Икьыԥхьу агазеҭ саԥхьаӡом, џьаргьы исԥыхьашәаӡом. Агазеҭқәа ахьырҭиуа ыҟақәоуп, аха хаҭала сцаны иаасхәаӡом, амала социалтә ҳақәа рҿы рдаҟьа збоит. Аинтернет аҿы аԥхьара еиҳа имариоуп. Адаҟьаҿы аӡыргара аҳасабала иуԥыхьашәоит, аӡәы ирҵәир, ма ахҳәаа ҟаиҵар иубоит. Нас, иуҭахы иуҭахым уҭалоит, ажәабжьқәа иҟоу урыхәаԥшуеит. Еиҳарак атекстқәа роуп избо, авидео сԥыхьамшәацт. Сара хымԥада еиҳа исзыманшәалоуп асоциалтә даҟьақәа рҿы ажәабжьқәа рыԥхьара. Авидеонҵамҭақәа рацәаны иацзар еиҳагьы еиӷьуп. Акадр анҭыҵ акорреспондент ибжьы ҳаҳауа иҟазар зынӡа изаманахоит. Лабҿаба иубо авидеонҵамҭа еиҳа иманшәалоуп, азхьарԥш ацзар, асаит ахь унанагоит, нас астатиагьы уаԥхьоит атема узааигәазар". Аԥхьаҩцәа аиҵбыратәи абиԥара иреиуоу Ҭодуа ииҳәаз уазхьаԥшуазар, иахьатәи аамҭазы даара аҵак ду амоуп аинтернет хархәагақәа рҿы агазеҭ "Аԥсны" ацәырҵра.
"Асоциалтә ҳақәа иуҭахы, иуҭахым аԥыжәара рымгар ауӡом. Убарҭқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны авидеоқәа ҭаҳгало ҳалагеит. Ҳаԥхьаҟа ателеграм-каналгьы ҳгәы иҭоуп Анцәа ахьӡаха ҳаиҭар. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы саит. Амала, ауадаҩрақәа, ара имҳәакәа ҳазрывсуам. Араҟа еиҭагаҩыс иҳамоу хә-жәашықәсак инареиҳаны аус зуа Борис Қаџьаиа иоуп. Агазеҭ ҭыҵаанӡа аинформациа асаити асоциалтә даҟьақәеи рахь ашьҭра аҭахыми. Агазеҭ ахаҭа анҭыҵуа ҳәа уԥшуама? Асаит аус аурц азы иахьа еиҭоугаз иахьа ицароуп. Зегьы ианреиҵаха, хԥа, ма ԥшьба дырра иреиҵаӡамкәа инеироуп асаит ахь ауаҩы дазҿлымҳахарц азы. Аԥхьаҩ иҭоугалацыԥхьаӡа даҭаауеит. Аиҭагара аус азы аҭагәҭасрақәа ҳаман. Ԥсыуа ҳәынҭқаррами ҳахьыҟоу, аха иҳарҭо аинформациа зегьы ԥсышәала иҳарҭома? Иаҳҳәап, Аԥсныпресс аиҭагаҩ дрымоуп, аха рыцҳарас иҟалаз, еизаз аинформациа ҽнак асабша, ма ахәаша ианҭарҵо ыҟоуп. Уи агазеҭ аҿы ахархәара ауҭар ауеит, аха асаит азын акагьы иҳахәаӡом. Убри аҟнытә, ҳара ҳредакциаҿы дҳадаҳкылеит, афилологиатә факультет иалгаз, ауниверситет аусзуҩ Алиса Инаԥшьԥҳа, ҳсаит аус азыруз, изыбзоуроу лара лоуп сҳәар сылшоит. Аофициалтә информациа зеиҭаҳго атәы ҳҳәозар, атәыла ахада, аԥыза-министр рпресс-маҵзурақәа аԥсышәала аинформациа дәықәырҵалар рықәнагаӡами? Ируалуп дара. Аԥсны анҭыҵ азгьы аус рулааит, мап ӡәыр иҳәама? Анҭыҵ инеиаанӡа, раԥхьаӡа иргыланы аԥсышәала иҭаргалароуп аинформациа", - иажәа иациҵон аредактор хада аиҳабыра рҟынтәи ироуа ажәабжьқәа зегьы еиҭагатәыс ишроуа ҳардыруа.
Агазеҭ "Аԥсны" анҭыҵуа ианыло зегьы асоциалтә ҳақәа рахь ирышьҭӡом, уаҟа иркьыԥхьуа, еиҳа инарҭбааны иҩу, асоциалтә, акультуратә ԥсҭазаара иазку аматериалқәа роуп. Ҿырԥштәык аҳасабала иаасыртит ажьырныҳәа мзазы иҭыжьу ахԥатәи аномер. Ииашаҵәҟьаны, актәи аҩбатәи адаҟьақәа рҿы иаҳбоит аофициалтә информациа, аинтернет иҭоу ауаҩы изы иҿыцым. Аха, анаҩсан ицәырҵуеит Ӡука Бениа 85 шықәса ихыҵра иазку аочерк, уаҟа инарҭбааны иаарԥшуп аспортсмен инысымҩа, илшарақәа, иааӡамҭацәа ӡыргоуп. Иара убас, аредактор хада ианҵамҭа "Асду ахаан" ҳәа астатиа ҳаԥхьоит. Агазеҭ аномер аҿы ицәыргоуп апоет Заира Ҭҳаиҵыкә лиубилеи иазку аочерк, ицәыргоуп лажәеинраалақәа. Изхысҳәаауа, ҳәарада аномер аҿы иааинырсланы асаит аҿы иузцәырымго аматериалқәагьы ануп. Ицәыругар алшозаргьы, акоманда бзиа аҭахуп, уи аҩыза макьана агазеҭ алшара амам ишеилыскаауа ала. Иазгәаҭатәуп, иҭыҵуа агазеҭ аиҳабыратәи абиԥара рзы еиҳа иманшәаланы ишыҟоу.
Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба аԥсуа кьыԥхьи, ашәҟәқәеи заҩзмыжьуа дреиуоуп. Абар иара сызҵаара аҭак шыҟаиҵаз: "Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уиаҟара саԥхьаӡом. Аха, уаанӡа, Аҟәа Аиааира амҩаду аҿы агазеҭқәа ахьырҭиуа иаасхәалон. Сара сзы еиԥшуп асоциалтә ҳақәа ракәыз, агазеҭ ахаҭа акәыз, аха усгьы снапаҿы икны аԥхьара еиҳа бзиа избоит. Сара сахьынхо Гәылрыԥшь агазеҭ рҭиуа исымбаӡац, Аҟәа еснагь сызниуам азоуп ас изыҟалаз". Абраҟа ицәырҵуеит азҵаара, агазеҭ аԥхьара зҭахыу Аҟәа агәы далсны дымныҟәозар, иаҳҳәап, ақыҭаҿы дынхозар иабааиго? Ари азҵаара акыр шықәса раԥхьагьы санҵамҭақәа рук аҿы ишьҭысххьан, иахьатәи агазеҭ аредакторгьы сиазҵааит уи азы. "Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыла иаҳшоит, араионқәа рахьгьы иҳашьҭуеит. Аусҳәарҭа аҩналарҭақәа рҿы иқәырҵоит, аха инавсны ицоит. Раионцыԥхьаӡа аҟәшақәа рымоуп ауаажәларра аҽрымадаразы, аха агазеҭ шьҭыхны агара рхы ирзақәнамыргаӡеит", - саҭеикит Анқәаб.
Аредактор хада, иазгәеиҭоит агазеҭ мҽхакы ҭбаала аус ауразы, ишаҭахыу ауаатәҩысатә ресурсгьы. Аофициалтә информациеи аочеркқәеи уҳәа рнаҩсгьы, иаҭахуп аналитика, аха агазеҭ алшарақәеи аҭахрақәеи еиқәшәом. Агазеҭ аҿы аштат наӡаҿы итәоу ҩыџьа авторцәа роуп, аштатбжаҿы ԥшьҩык ыҟоуп. Аҽырҭбааразы, ари даара имаҷуп. "Ахҳәааҟаҵаратә ҟазшьа амазароуп агазеҭ, аха уи азы аналитика ҟазҵо ажурналистцәа аус руазароуп. Мамзаргьы, узықәгәыӷны издуҵо ауаа умазаруп, аха адҵа аниуҭа ахә изушәароуп автор", - иҳәеит Анқәаб. Ииашаҵәҟьаны, агазеҭ хзыркәшо адаҟьаҿы иануп "агазеҭ адҵала иҩым астатиа ахә аредакциа иазшәаӡом" ҳәа. Асовет аамҭа сгәаласыршәозар, усҟан иҟан алшара астатиа аредакциа адгаларазы, иркьыԥхьыр агонорар ылырҩаауан. Исгәалашәоит атеатр аҿы сулафахәы инадҩыло агонорар ансоуаз аамҭа, статиа бзиак 50 мааҭ рҟынӡа азоужьын. Ажурналист Елана Лашәриаԥҳа уажәшьҭа аԥышәа маҷымкәа илымоуп ажурналист изанааҭ аҿы. Иахьа лара аредактор дызлацәажәоз аштатбжа аҿы дахыԥхьаӡалоуп агазеҭ. Лара асоциалтә ҳақәа ибзианы рхархәашьа лдыруеит, убри аҟынтә слыдҵаалеит, ахҳәаа сылҭарц: "Ишәҳәо даара азҿлымҳара зуҭаша зҵаароуп. Иахьатәи аинтернет аԥыжәара ду амоуп. Ателехәаԥшра, арадио, агазеҭ уҳәа атрадициатә информациатә хархәагақәа уажәшьҭа аицлабратә ҟазшьа аҭаны аус руеит уи аганахь. Сара сгәанала ҳаамҭа иақәшәаны аус зурц зҭахыу аинформациатә хархәага уи азҿлымҳара анаҭозар ауп. Ус акәзаргьы, анапаҿы иркуа агазеҭгьы иамоуп аԥхьаҩцәа, уи еиҳаракгьы аиҳабыратәи, абжьаратәи абиԥара роуп. Егьырахь сара сматериалқәа "Аԥсны" аҟны ианыло асаит иҭарҵаанӡа ахҳәаа кьаҿ, авидео, ма афото ацҵаны анонс ҳасабла асоциалтә даҟьақәа рҿы ицәыраҳгоит. Нас, азхьарԥшгьы арҭоит асаит ахь амҩа дзырбо. Анс уҳәа, арс уҳәа, иахьа ҳаԥхьаҩцәа еиҳарак ахьыҟоу асоциалтә даҟьақәа рҿоуп. Урҭ ахҳәаа ҟарҵоит аматериал аҵаҟа. Агазеҭ иамаӡам уи аҩыза алшара, знапы иаку ахҳәаа азиуртә еиԥш. Араҟа гхак ыҟазаргьы, ианызҵо дҟалар ауеит, зеиӷьшьарак ҟазҵо данцәырҵуа ыҟоуп. Иара убасгьы иҟалалоит, ирҭахыу атемақәа анҳадыргало. Сара сԥышәаҿы ҩынтә, хынтә аԥхьаҩ агәаҳәара анааирԥшыз ыҟоуп. Ақыҭанхамҩа иазкыз статиак сҩын, иара исзаҵеиҩит анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы абри атема базааҭгылар бзиан ҳәа. Саргьы уи игәаҳәара сышьҭрақәланы иацысҵеит". Лашәриаԥҳа асоциалтә ҳақәа рԥыжәара шазгәалҭогьы, дадгылаҩуп агазеҭ ахаҭа аҭыжьра шахәҭоу.
"Агазеҭ "Аԥсны" атәы ҳазааҭгылозар, ари ус иҟоу кьыԥхьӡам иҭужьыр ауа, иҭумыжьыр ауа. Ари ижәытәӡатәиу ҭыжьымҭоуп, аԥсуаа ҳзыҳәан аҭоурыхтә ҵакы змоу раԥхьатәи газеҭуп. Агазеҭ ишьҭнахуа атематика, егьырҭ агазеҭқәа ианырзышьҭымхуа ыҟоуп, избанзар Аԥсны ахыи аҵыхәеи имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳарзааҭгылоит. Иҵегьы амҽхак арҭбаара атәы ҳалацәажәозар, ззанаҭ зыҟаҵара бзиоу ауаа аҭахуп. Ари агазеҭ ԥсышәала мацара излаҭыҵуа ала, иахьа аԥсшәазы апроблема ҳамоуп аҟынтә, маҷк ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Ҳжурналистцәа ҿарацәа, аурысшәа аԥыжәара арҭоит, уи абызшәала еиҳа еиӷьны иҩуашәа ргәы иабоит. Абарҭ зегь ҳәаақәҵаны иӡбызар, иҵегь аформат аҽарҭбаартә, адаҟьақәа рацәахартә алшарақәа ҟалоит. Акы заҵәык, сара сгәаанагарала, ателеграм-канал аума, егьырахь иҟаҳҵо аума, агазеҭ ахаҭа аформат ишаныло аҟаҵара иашаӡам. Аинтернет ахархәаҩцәа ирҭахыу авидео, ма афото зцу ажәабжь кьаҿ ауп", - лҳәоит Елана Лашәриаԥҳа агазеҭ асоциалтә ҳақәа рҿы аҿиара дазхәыцуа.
Агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада аихшьаалақәа ҟаҵо, ицәыригеит иҷыдоу игәаанагара. "Иахьа ишыжәдыруа еиԥш, "Аԥсны" амедиагәыԥ "Аԥсны медиа" иалоуп. "Агазеҭ ҳәынҭқарратәуп, аха убри аангьы анкьатәи апартиа ахаан ишыҟаз акәымкәа, иахьа ҳдунеи даҽакыми, убри иашьашәаланы инаҳгалароуп. Иҩбахаз, аиҳабыра ҳарҿагылоит ҳәа акәӡам, иахьа иара зыцрыԥшьу "Аԥсны медиа" аҿы иаҭыԥымзар ҟалап. Уантәи "аҳәынҭқарратә еимадара" иаԥшьны, быжьҿаҟәарак ирхыганы иахьыҟу аҭахымзар ҟалап... Аҳәынҭқарратә газеҭ анахьӡха, аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟазароуп. Ԥшшәыда иҭыҵуеит ҳгазеҭ. Аԥшшәы аманы иҭыҵыр, аԥхьаҩ дазхьанарԥшуазар?! Мызкы 4 номерк роуп иҭҳажьуа. Ԥшь-даҟьакны ҳҭыҵуан, ҩышықәса раахыс ф-даҟьакны ҳҭыҵуеит. Уигьы иамазкуаз рацәаҩын. Изышәҭахыуи абри ф-даҟьак, ақьаад амцхә знышәхуеи ҳәа зҳәоз дубарын. Атәыла ахада иасҳәеит аиԥылара анҳамаз, аҵыхәтәантәи аномер аԥштәы аманы иҭыҵратәы иҟалар бзиан ҳәа. Имгәыӷкәа иԥсхьада, ҳгәыӷуеит ҳаиӷьхап ҳәа. Аҿарацәа шԥаҳаҵамгылари аналитика ҟазҵаша агазеҭ азы ", - абас дхәыцуеит 107 шықәса зхыҵуа агазеҭ аредактор хада Анқәаб.
Санҵамҭа хыркәшо, исҳәоит ишсымоу агәаҳәара, иҭыҵыз агазеҭ ҿыц ианаамҭоу аԥхьаҩ иоуртә аҟаҵара шхымԥадатәиу, асоциалтә ҳақәа ртәы ҳҳәозар, иҵегь аҽырҭбаара рыдыскылоит ҳколлегацәа. Аинформациатә "ҳәарԥсарраҿы" аус зуа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьит, рылшарақәеи ргәаҳәарақәеи еишьашәаланы иҟаларц срықәныҳәоит.